Ҳалахь ианума ҳанԥсуа аамҭа?
Абиблиа иану
Мап, ҳара ҳанԥсуа аамҭа ҳалахь ианӡам. Абиблиа алахьынҵа ыҟоуп ҳәа аҳәаӡом. Уа иануп аԥсра лассы-лассы «аамҭеи амашәыри» ишахҟьо (Екклезиаст [Экклезиаст] 9:11).
Аха ианӡами Абиблиа аԥсразгьы аамҭа ыҟоуп ҳәа?
Ааи, Екклезиаст 3:2 иануп: «Иҟоуп аамҭа аиразы, иара убасгьы аԥсразы, аиҭаҳаразы аамҭа, насгьы еиҭауҳаз аҵхразы». Аконтекст излаҳнарбо ала, ара зыӡбахә цо аԥсҭазаара злашьақәгыло ахҭысқәа роуп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:1—8). Анцәа ауаҩы мчыла идицалаӡом иалкаау аамҭазы ак алаҵара, убасҵәҟьа иара ҳанԥсуа амш ҳалахь ианиҵаӡом. Ари ацыԥҵәаха хықәкыс иамоу есыҽнытәи аусқәа ирыхҟьаны, Ҳазшаз даҳхамышҭларц шхадоу ҳаилыркаара ауп (Екклезиаст [Экклезиаст] 3:11; 12:1, 13).
Ҳанҵыра иацаҳҵар ҳалшоит
Аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәар алшо шаҳзымдыруагьы, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылозар, ҳанҵыра иацаҳҵар ҳалшоит. Абиблиаҿы иануп: «Ауаҩ ҟәыӷа изакәан — аԥсҭазаара иахыҵхырҭоуп, аԥсра аҟынтә уахьчоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 13:14). Моисеи израильаа иреиҳәеит Анцәа изакәанқәа ирықәныҟәалар, рынҵыра ишацырҵо (Ҩынтәзакәан [Второзаконие] 6:2). Аха ус акәымкәа иҽеим аусқәа ҳаҽраҳҭозар, насгьы хшыҩдарала ҳхы мҩаԥаҳгозар, ҳаԥсынҵры ҳаркьаҿуеит (Екклезиаст [Экклезиаст] 7:17).
Аха иагьа аҟәыӷара ҳамазаргьы, агәҽанызаара ааҳарԥшуазаргьы, аԥсра уиезгьы ҳзацәцом (Римаа рахь 5:12). Аха иаарласны аҭагылазашьаа аҽаԥсахуеит, Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит уаҳа аԥсра аныҟамло аамҭа шааиуа (Аатра 21:4).