Ауриацәа рахь 11:1—40

  • Ахаҵара закәу (1, 2)

  • Ахаҵара аазырԥшуаз рҿырԥштәқәа (3—40)

    • «Хаҵарада Анцәа игәы узыҟаҵом» (6)

11  Ахаҵара — ари узықәгәыӷуа хымԥада ишыҟало агәра узырго, насгьы зыгәра уго шубарҭамгьы, уи шыҟаҵәҟьоу шьақәзырӷәӷәо ауп. 2  Ажәытәан инхоз ауаа убри аҩыза ахаҵара рыман азы, Анцәа урҭ дшырзыразыз дирбеит. 3  Ахаҵара абзоурала ҳара еилаҳкаауеит ажәҩан аҿи адгьыл* аҿи иҟоу зегьы Анцәа иажәала ишырхиаз, убасала иаҳамбо аҟынтә иаҳбо ҟалеит. 4  Ахаҵара абзоурала Авель Каин инеигаз акәырбан аасҭа еиӷьыз акәырбан Анцәа изнеигеит. Авель ахаҵара иман азы, Анцәа уи икәырбан идикылеит*, убасала дуаҩ иашаны дшиԥхьаӡо иирбеит. Авель ахаҵара иман азы, дшыԥсхьоугьы, иахьа уажәраанӡа дцәажәоит. 5  Ахаҵара абзоурала Ено́х даҽа ҭыԥк ахь диаган, аԥсра имбарц азы. Иара џьаргьы дузыԥшааӡомызт, избанзар Анцәа уи дигеит. Аха даҽа ҭыԥк ахь диагахаанӡа, Анцәа уи дшизыразыз иирбеит. 6  Хаҵарада Анцәа игәы узыҟаҵом, избанзар Анцәа изааигәахарц зҭаху агәра игозар ауп Анцәа дшыҟоу, насгьы гәык-ԥсыкала иԥшаара иашьҭоу дшырзылԥхо. 7  Нои ахаҵара иман азы, иҟалараны иҟаз, аха макьана иубарҭамыз атәы аниаҳәаз, Анцәа дизыӡырҩын*, иҭаацәа еиқәзырхоз аковчег иргылеит. Ихаҵарала иара адунеи дақәыӡбеит, ихаҵара абзоуралагьы дуаҩ иашаны дыԥхьаӡахеит. 8  Ахаҵара абзоурала Авраам Анцәа дизыӡырҩит, Анцәа уи дзықәиргәыӷыз адгьыл ахь дцарц аниеиҳәа. Иаргьы итәыла ааныжьны дцеит, дахьцоз шизымдыруазгьы. 9  Ахаҵара абзоурала иара дызқәыргәыӷыз адгьыл аҿы атәым дгьыл аҿы еиԥш дынхон, Исааки Иакови ақьалақәа рҿы дрыцынхон. Анцәа урҭгьы уи адгьыл шриҭо иақәиргәыӷит. 10  Иара ашьаҭа ӷәӷәа змоу ақалақь дазыԥшын, уи ақалақь ргылаҩыс, шаҩыс иамоу Анцәа иоуп. 11  Ахаҵара абзоурала Сарра лцәалтәымкәа дҟалеит, лықәрахь дышнеихьазгьы. Лара агәра лгон ажәа лызҭаз иажәа шынаигӡо*. 12  Убасала, аӡә иҟынтә, зықәрахь инеихьаз* Авраам иҟынтә, ахшара рацәаны иит — ажәҩан икыду аеҵәақәа реиԥш, амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәаны. 13  Абарҭ зегьы ахаҵара шрымаз иԥсит, изқәыргәыӷыз шырмоузгьы. Аха дара уи харантәи ирбон, иеигәырӷьон, насгьы иштәымуаау, уи адгьыл аҿы аамҭала ишынхо рҳәон. 14  Ус зҳәо иаадырԥшуеит ҩныс ирзыҟало аҭыԥ ахь анеира шырҭаху. 15  Иаанрыжьыз аҭыԥ иааҟәымҵӡакәа иазхәыцуазҭгьы, ихынҳәыр рылшон. 16  Аха дара зышьҭоу еиҳа еиӷьу ауп — ажәҩан иатәу. Убри аҟынтә Анцәа урҭ Ҳанцәа иоуп ҳәа ахьизырҳәо дацәыԥхашьаӡом. Иара дара рзы ақалақьгьы ирхиеит. 17  Авраам ахаҵара иман азы, Анцәа уи данԥишәоз, Исаак кәырбанс днеигеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ақәыргәыӷрақәа иреигәырӷьоз иԥазаҵә кәырбанс инагара дазхиан, 18  Анцәа уи абас шиеиҳәахьазгьы: «Ушьҭра иатәхо Исаак ихылҵуеит». 19  Аха Авраам агәра игон Анцәа Исаак иԥсы ҭеиҵар шилшо, иԥагьы, инықәырԥшны иуҳәозар, аԥсцәа рахьтә дырхынҳәын, уи аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз аанарԥшуан. 20  Ахаҵара абзоурала Исаак иԥацәа Иакови Иса́ви аԥхьаҟа иҟалараны иҟаз рзеиҭаҳәаны, дырзылԥхеит. 21  Ахаҵара абзоурала Иаков иԥсымҭазы Иосиф иԥацәа зегьы дрықәныҳәан, илабашьа иҵаргәаны Анцәа диеихырхәеит. 22  Ахаҵара абзоурала Иосиф иԥсымҭазы иҳәеит израильаа Египет ишалҵуа, иԥсыбаҩқәа ргарцгьы реиҳәеит. 23  Ахаҵара абзоурала Моисеи иҭаацәа даниз хымз дҵәахны дрыман, избанзар ахәыҷы дшыԥшӡаз рбон, аҳ идҵагьы иацәымшәаӡеит. 24  Моисеи ахаҵара иман азы, ианизҳа, афараон иԥҳа лԥа ҳәа имаз ахьӡ мап ацәикит. 25  Иара Анцәа ижәлар рыцгәаҟра еиҳа еиӷьишьеит, агәнаҳа иунаҭо аамҭалатәи агәахәара имазар аасҭа, 26  избанзар Анцәа иалихыз* иаҳасабала дзықәшәоз аларҟәра еиҳау малны иԥхьаӡеит, египеттәи амал аасҭа, избанзар илаԥш аҳамҭа иақәкын. 27  Ахаҵара абзоурала иара Египет аанижьит, аҳ игәыԥжәарагьы дацәымшәаӡеит. Иара Иубарҭам дибозшәа, ачҳара аарԥшны зегь ихигон. 28  Ахаҵара абзоурала иара Мшаԥы азгәеиҭан, ашәвазқәа ашьа рықәирԥҟҟеит, Анцәа имаалықь израильаа раԥхьатәи рԥацәа имшьырц азы. 29  Ахаҵара абзоурала дара Амшын ҟаԥшь адгьыл иқәланы ицошәа ирит, убасҵәҟьа ҟазҵар зҭаххаз египтаа ракәзар, аӡы иагеит. 30  Ахаҵара абзоурала Иерихо́н аҭӡамцқәа еилаҳаит, израильаа инеиԥынкыланы 7-мшы урҭ аҭӡамцқәа ианрыкәша ашьҭахь. 31  Ахаҵара абзоурала акаҳԥы Раа́в Анцәа изымӡырҩыз дрыцҭамхаӡеит, избанзар гәаартыла аԥшыхәыҩцәа лыдылкылеит. 32  Зыӡбахә сҳәарыда уаҳа? Аамҭа сызхаӡом Гедео́ни, Вара́ки, Самсони, Иеффа́ии, Давиди, Самуили, егьырҭ аԥааимбарцәеи рыӡбахә аҳәаразы. 33  Ахаҵара абзоурала дара аҳцәа ириааиуан, аиашара шьақәдыргылон, ақәыргәыӷрақәа роуан, алымқәа рсаса ршәаҳауан, 34  ахаҵара абзоурала амца иабылуамызт, аҳәа иацәцон, иԥсыҽыз ӷәӷәахон, гәымшәарала еибашьуан, аӷа дыбнарҵон, 35  аҳәса рхәыҷқәа рыԥсы ҭалон. Иҟан аԥсра аҟынӡа инаргоз, идыргәаҟуаз, избанзар дара ҳаиқәхандаз ҳәа рхаҵара мап ацәыркӡомызт, еиҳа еиӷьу аԥсҭалара роур рҭахын. 36  Иҟан даҽа ԥышәарақәак ирықәшәозгьы. Урҭ ирхыччон, ҟамчыла ирыпҟон, зынџьырла* иҿарҳәон, абахҭа иҭарыжьуан, 37  ахаҳә иадыргон, иргәаҟуа рхаҵара ԥыршәон, хәархьла ихырыҵәҵәон, ауасацәеи аџьмацәеи рышәҵаны иныҟәон, амамзаара иаргәаҟуан, арыцҳарақәа ирықәшәон, иҟоу зегь рзаарцон, 38  адунеи урҭ ирыԥсаӡамызт. Дара ацәҳәырақәеи ашьхақәеи рҿы инхон, аҳаԥқәеи аҩхаақәеи рҿы рҽырҵәахуан. 39  Ахаҵара ахьаадырԥшуаз азы Анцәа урҭ дшырзыразыз шыдирбазгьы, ириҭаз ажәа шынаӡаз рымбаӡеит, 40  избанзар иара ҳара ҳзы еиҳа еиӷьу игәы иҭакны имоуп, дара ҳара ҳада инаӡаны иҟамларц азы.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Адунеи».
Ма «дазыразхеит».
Ма «Анцәа дышицәшәоз ааирԥшын».
Ма «уиқәгәыӷыртә дшыҟоу».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥсхьаз». Уи иаанагоит ахшара диоур шилымшоз.
Абырзен ажәа Христо́с, иаанагоит «ахәша зыхьшьу».
Аиха иалху аҿаҳәага.