Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 2:1—47
2 Аҩынҩажәижәабатәи амш аныҳәа аҽны дара зегьы ҭыԥк аҿы еизеит.
2 Ус, иаалырҟьаны ажәҩан аҟынтә аԥша цәгьа абжьы угәалазыршәоз бжьык аагеит. Уи абжьы аҵаҩцәа ахьтәаз аҩны зегь иҩныҩит.
3 Дара ирбеит амцабз ашәахәақәа иреиԥшыз акы. Урҭ амцабзқәа рҽеиҩыршан, аҵаҩцәа зегьы акака рхаԥхеит.
4 Усҟан зегьы иԥшьоу адоуҳа роун, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ацәажәара иалагеит. Уи алшара рызҭаз иԥшьоу адоуҳа ауп.
5 Уи аамҭазы Иерусалим иҟан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә иааз Анцәа ицәшәоз аиудеиаа.
6 Уи абжьы цәгьа анга, ажәлар еизеит. Дара шанханы иҟан, избанзар аҵаҩцәа злацәажәоз абызшәақәа дасу еиликаауаз абызшәақәа ракәын.
7 Ажәлар иҟалаз уамашәа ибаны ирҳәон: «Арҭ зегь галилеиаа ракәӡами?
8 Избан, нас, дасу ҳхатәы бызшәа зҳаҳауа?
9 Па́рфиааи, ми́дааи, елами́тааи, Месопотамиеи, Иудеиеи, Каппадо́киеи, По́нти, Азиеи*,
10 Фри́гиеи, Памфи́лиеи, Египети инхо, Кире́на ааигәара иҟоу Ливиа инхо, иара убас Римынтәи иааз — ауриацәа реиԥш, апрозелитцәагьы,
11 кри́тааи, ара́виааи — ҳаззегьы иҳаҳауеит, дара ҳбызшәақәа рыла Анцәа иус џьашьахәқәа ишрылацәажәо».
12 Зегь шанханы, ирҳәо иақәымшәо, аӡәи-аӡәи еизҵаауан: «Иаанагои ари зегьы?»
13 Аха иҟан: «Арҭ аҩы иашьит», — ҳәа ирхыччозгьы.
14 Пиотр 11-ҩык апостолцәа дрыцны дааскьан, ибжьы ҭыганы ус иҳәеит: «Иудеиеи Иерусалими ирықәынхо ажәлар, исҳәо шәазыӡырҩны шәхахьы инажәг.
15 Арҭ ауаа аҩы иашьны иҟоуп ҳәа шәгәы иаанамган, избанзар макьана шьыжьуп, асааҭ 9* роуп иҟоу.
16 Ижәбо-ишәаҳауа иаанаго аԥааимбар Иои́ль ииҳәаз шынаӡаз ауп. Иара иҳәеит:
17 „Аҵыхәтәантәи амшқәа раан, — иҳәоит Анцәа, — сара ауаа зегьы сдоуҳа рысҭоит*, усҟан шәыҷкәынцәеи шәыӡӷабцәеи ԥааимбарлоит, шәырԥарцәа рхаҿы иаазго ахҭысқәа рбалоит, шәыҭаҳмадацәа аԥхыӡқәа рбалоит.
18 Урҭ амшқәа раан сара амаҵуцәагьы сдоуҳа рысҭоит*, — ахацәагьы аҳәсагьы, — дара ԥааимбарлоит.
19 Иара убас ажәҩан аҿы аџьашьахәқәеи адгьыл аҿы адыргақәеи дсырбоит: ашьа, амца, алҩа.
20 Зеиԥшыҟам Иегова* имш ду анааиуа аламҭалазы амра еиқәаҵәахоит, амзагьы ашьа еиԥш иҟаԥшьхоит.
21 Иегова ихьӡ ҳәаны ацхырааразы иҳәо деиқәхоит“.
22 Израильаа, шәысзыӡырҩы! Анцәа еилыкка ишәирбеит, назареттәи Иисус даазышьҭыз иара шиакәу. Уи агәра шәиргарц азы иара Иисус ила шәыбжьара узыршанхо аусқәеи аџьашьахәқәеи ҟаиҵеит, адыргақәагьы шәирбеит. Уи шәхаҭагьы ижәдыруеит.
23 Шәара уи ауаҩ агәнаҳаҟаҵаҩцәа рнапала ашьаҟа дкыдҵаны дышәшьит. Анцәа иӡбахьан ус шыҟалоз, иагьидыруан ус шизыжәуаз.
24 Аха Анцәа уи иԥсы ҭеиҵан, аԥсра дампыҵихит, избанзар аԥсра уи инкылара алшомызт.
25 Давид Христос изкны иҳәоит: „Иегова есымша сыбла дыхгылоуп, иара сарӷьараҿы дгылоуп, акгьы сацәымшәаларц азы.
26 Убри аҟынтә сгәы ҭгәырӷьаауеит, сыбз агәырӷьара ықәуп. Сара уара суқәгәыӷуа сынхалоит,
27 избанзар уара анышә* сшамоу сынужьӡом, гәыкала иузиашоугьы анышә дафар ууӡом.
28 Уара аԥсҭазаара амҩа сурбеит, уааигәара саныҟало, сгәы гәырӷьарыла иурҭәуеит“.
29 Сашьцәа, азин сышәҭозар, иаахтны ишәасҳәарц исҭаху абри ауп: ҳабацәа раб Давид дыԥсит, дыржит, идамра иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп.
30 Давид дԥааимбарын, иара идыруан, Анцәа дықәны ишиеиҳәахьаз ихылҵуа рҟынтә аӡәы иаҳраҭыԥ аҿы дыширтәо.
31 Иара Христос иԥсы шҭалоз заа идырхьан азы иҳәеит, Анцәа Христос дызмаз анышә* аҿы дшаанимыжьуаз, анышә дафаргьы шимуаз.
32 Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵеит, ҳара зегьы уи ҳаблала иаҳбеит.
33 Иисус ажәҩан ахь дхалан, Анцәа иарӷьарахь дтәеит, насгьы, Анцәа ишиҳәахьаз еиԥш, иԥшьоу адоуҳа иоуит. Убри аҟынтә Иисус уи адоуҳа ҳаргьы иҳаиҭеит. Убри ауп уажәы ижәбогьы, ишәаҳауагьы.
34 Давид ажәҩан ахь дхамлаӡеит, аха иҳәеит: „Иегова Исықәиҭу иеиҳәеит: ‚Сарӷьараҿы утәаз,
35 уаӷацәа ушьапаҿы ишьҭасҵаанӡа‘“.
36 Убри аҟынтә израильтәи ажәлар зегьы идырны ирымазааит, ашьаҟа икыдҵаны ишәшьыз Иисус Анцәа Христос иакәны, насгьы Иҳақәиҭу иакәны дшыҟаиҵаз».
37 Ираҳаз ажәақәа ргәаҵанӡа инеин, Пиотри егьырҭ апостолцәеи ус рарҳәеит: «Ҳашьцәа, иҳашәҳәа, иҟаҳҵарызеи?»
38 Пиотр иҳәеит: «Шәыгәнаҳақәа шәрыхьхәны, Иисус Христос ихьӡала аӡы шәыҽӡаашәх, усҟан шәыгәнаҳақәа шәанажьхоит, ҳамҭасгьы иԥшьоу адоуҳа шәоуеит,
39 избанзар Ҳанцәа Иегова иҳәахьан, шәхәыҷқәеи шәареи иԥшьоу адоуҳа шшәиҭо, хара иҟоугьы ишриҭо. Иара уи иара иахь иааиԥхьо зегьы ириҭоит».
40 Пиотр зыгәра угартә иҟаз имаҷымкәа егьырҭ ашьақәырӷәӷәарақәагьы ааганы*, ус реиҳәон: «Ари абиԥара цәгьа шәхы ацәыжәга».
41 Пиотр ииҳәаз гәырӷьаҵәа издызкылаз аӡы рыҽӡаархит, уи аҽны 3 000-ҩык раҟара ауаа Иисус иҵаҩцәа рыҽрыдыркылеит.
42 Дара ааҟәымҵӡакәа, игәырӷьаҵәа апостолцәа рҿы аҵара рҵон, аамҭа еицырхыргон*, акреицырфон, Анцәа еициҳәон.
43 Зегьы Анцәа ицәшәо* иалагеит, избанзар апостолцәа имаҷымкәа аџьашьахәқәеи узыршанхо аусқәеи шыҟарҵоз рбон.
44 Иисус иҵаҩцәахаз зегьы џьарак еицыҟан, ирымаз зегь еицырзеиԥшын, еицеиҩыршон.
45 Дара ирымаз — дгьылума, даҽакума — иҭины, идырҳаз дасу игу-ибзоу иазхәыцны ирзыршон.
46 Дара зегьы есыҽны аныҳәарҭаҿы еизон, акреицырфарц азы еиҭанеиааиуан, игәырӷьаҵәа, гәыкала рчеиџьыка еицеиҩыршон,
47 Анцәагьы дҳараркуан. Ажәлар уи ргәы иахәон. Иеговагьы есыҽны аиқәхара амҩа ианылоз ауаа рзациҵон.
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «амра ангылалак ашьҭахь 3-тәи асааҭ».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «рықәысҭәоит».
^ Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
^ Абырзен ажәа ҳа́дес. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анышә; анышәынҭра».
^ Ма «инҭкааны шаҳаҭра уа».
^ Ма «ирымаз еицеиҩыршон».
^ Ма «ҳаҭыр иқәырҵо». Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Анцәа ицәшәара».