Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 28:1—31

  • Мальта инеиуеит (1—6)

  • Павел Публи иаб дихәышәтәуеит (7—10)

  • Римҟа (11—16)

  • Павел Рим ауриацәа драцәажәоит (17—29)

  • Павел дымшәаӡакәа ҩышықәса ауаа ажәабжь бзиа рылеиҳәоит (30, 31)

28  Ҳаибга-ҳаизҩыда аҟәара аҟынӡа ҳаннеи, еилаҳкааит уи адгьылбжьаха Мальта шахьӡыз. 2  Уа инхоз ажәлар* асасдкылара ду аадырԥшит. Ақәа леиуан, иагьыхьҭан, убри азы дара амца еиқәырҵан, иҳаԥхьеит. 3  Павел афархь еизганы амца ианақәижьуаз, амаҭ амцашыра иацәшәан, иалҵәраан, Павел инапы иакәшан иакит. 4  Урҭ ауаа Павел инапы ашҳам змаз амаҭ шахшьыз анырба, ус еибырҳәо иалагеит: «Ари ауаҩ дуаҩшьҩуп! Иара амшын дацәцеит, аха иҟаиҵаз ацәгьара уеизгьы ихьӡеит». 5  Аха иара инапы ҟьаны амаҭ амца иалаижьит, уи шицҳазгьы акгьы имыхьӡеит. 6  Дара ргәы иаанагон, Павел инапы чуеит, ма иаалырҟьаны дыҩкаҳаны дыԥсуеит ҳәа, акыраамҭагьы уи иазыԥшын, аха акгьы имыхьӡеит. Уи анырба, ргәаанагара рыԥсахын, дынцәоуп ҳәа аҳәара иалагеит. 7  Уи аҭыԥ азааигәара иҟан Пу́бли идгьылқәа. Иара адгьылбжьаха еиҳабыс даман. Уи аҩныҟа ҳнеиган, пату ҳақәиҵеит, хымшгьы ҳаиҭан. 8  Пу́бли иаб дычмазаҩны дышьҭан. Иара амгәахьаа* даргәаҟуан, амцашоура иман. Павел уи дахьышьҭаз дыҩналан, Анцәа диҳәеит, нас дилакьысын дихәышәтәит. 9  Уи ашьҭахь уи адгьылбжьахаҿы иҟаз ичмазҩыз зегьы Павел иахь иаауа иалагеит, иаргьы урҭ ихәышәтәуан. 10  Убри азы патула иҳазныҟәеит, аҳамҭақәа рацәаны иҳарҭеит. Ҳандәықәлоз, амҩан иаҳҭаххашаз зегь рыла ҳаибырҭеит. 11  Хымз рышьҭахь адгьылбжьахаҿы аӡынра зхызгаз александриатәи аӷба ҳнақәтәан, ҳдәықәлеит. Уи аԥынҵаҿы Зевс иԥацәа рсахьа адҟаҵалан. 12  Сираку́за ҳаннеи, уа хымш ҳаангылеит, 13  нас ҳамҩа иацаҳҵан, Ре́ги ҳнеит. Адырҩаҽны аладатәи аԥша асра иалагеит азы, адырхаҽны Путео́л ҳнеихьан. 14  Уа аишьцәа ҳаԥшааит. Урҭ 7 мшы дара рҿы ҳаангыларц иҳаҳәеит, нас Римҟа ҳҿынаҳхеит. 15  Римтәи ҳашьцәа ҳшааз анраҳа, иаҳԥыларц азы А́ппи иџьармыкьеи Х-сасааирҭаки рҟынӡа иааит. Павел урҭ аниба, Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, игәгьы ӷәӷәахеит. 16  Рим ҳаннеи, Павел хазы анхара азин ирҭеит, аха аруаҩ инапы данырҵан, дихьчаларц идырҵеит. 17  Хымш рышьҭахь Павел еицырдыруаз ауриацәа ааиԥхьеит. Ианааи, ус реиҳәеит: «Сашьцәа, сара ҳажәлар рыхьӡ лазырҟәуа, ма ҳабацәа рҵасқәа еилазго ҳәа акгьы ҟасымҵаӡеит. Аха Иерусалим сҭаркын, римаа срырҭеит. 18  Дара сҿахәы анысҿырх, соурышьҭырц рҭаххеит, избанзар ашьра сықәуҵартә еиԥш акгьы ҟасымҵаӡеит. 19  Аха ауриацәа ируамызт азы, сус ацезарь иӡбарц аҳәара ҟасҵар акәхеит. Аха уи зыҟасҵаз сыжәлар харак рыдысҵарц азы акәӡам. 20  Убри азоуп шәызбар зысҭахыз, избанзар израильаа ирымоу агәыӷра азоуп абарҭ азынџьырқәа* зысхоу». 21  Дара ус иарҳәеит: «Ҳара ухьӡала Иудеиантәи саламшәҟәыкгьы ҳмоуӡеит, уантәи иааз ҳашьцәагьы уара узы ицәгьоу ҳәа акгьы рымҳәаӡеит. 22  Аха ҳара уара угәаанагара еилаҳкаар ҳҭахуп, избанзар иаҳдыруеит зехьынџьара уи асекта иҟоу зегь шазырҳәо». 23  Нас ианеиқәшәаша мшык алырхит, усҟан Павел иахь еиҳагьы ауаа рацәаҩны иааит. Иара шьыжьы инаркны хәлаанӡа драцәажәон, Анцәа Иаҳра инҭкааны шаҳаҭра азиуан, насгьы Иисус дхарҵарц азы Моисеи изакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи рҟынтә ашьақәырӷәӷәарақәа рзааигон. 24  Шьоукы ииҳәаз агәра ргеит, егьырҭ агәра рымгаӡеит. 25  Ианеиқәшаҳаҭымха, идәылҵны ацара иалагеит. Усҟан Павел ус реиҳәеит: «Иԥшьоу адоуҳа аԥааимбар Иса́иа ила шәабацәа ииашаны иранаҳәон: 26  „Уцаны, абри ажәлар ус раҳәа: ‚Шәара ишәаҳалоит, аха ишәзеилкааӡом, шәахәаԥшлоит, аха ижәбаӡом. 27  Арҭ ауаа ргәы хаҳәхеит. Дара ираҳауеит, аха ираҳауа иқәныҟәаӡом, акгьы рымбаларц азы рылақәа хырҩоит, ирмаҳаларц азы рлымҳақәа рыџьгәоит, убри аҟынтә исҳәо рзеилкааӡом, исхәышәтәырц азгьы сара сахь ихынҳәӡом‘“. 28  Убри аҟынтә ижәдыруаз: Анцәа ауаа шеиқәирхо иазку ажәабжь егьырҭ амилаҭқәа ирылаҳәахоит, дара уи рыдыркылоит». 29  ——* 30  Ҩышықәса дуӡӡа Павел аԥара зхишәаауаз аҩнаҿы дынхон. Инеиуаз зегьы гәыкала идикылон. 31  Иара дымшәаӡакәа ауаа Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь рылеиҳәон, Иҳақәиҭу Иисус Христос изку аҵабырг дирҵон. Уи аҿы иԥырхагаз ҳәагьы аӡәгьы дыҟамызт.

Албаагақәа

Ма «бырзен бызшәала имцәажәоз ажәлар».
Ма «адизентериа».
Аиха иалху аҿаҳәага.
Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.