Иаков исаламшәҟәы 4:1—17
4 Шәыбжьара аимак-аиҿаки аиӷареи зыҟоузеи? Уи зыхҟьо ҭаха шәызымҭо шәхатә гәаҳәарақәа ракәӡами?
2 Шәгәы акы иазыҳәоит, аха шәгәы ззыҳәо шәымаӡам. Ауаа шәшьуеит, ишәтәым шәашьҭоуп, аха ишәоуӡом. Шәара шәеисуеит, шәеиҿагылангьы шәеибашьуеит. Ишәҭаху шәымаӡам, избанзар шәаҳәаӡом.
3 Шәанаҳәогьы ишәоуӡом, избанзар иҽеим шәгәазыҳәарақәа нашәыгӡаларц азоуп шәзаҳәо.
4 Анцәа даанзыжьыз шәара! Ишәзымдырӡои адунеи бзиа избо Анцәа дышиаӷахо? Адунеи ҩызас ишьҭызхуа Анцәа диаӷахоит.
5 Аҩыраҿы баша иану џьышәшьома «иҳалоу ашьыцра есымша акы иазгәышьуеит, ак аҭахуп» ҳәа?
6 Аха Анцәа иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара иҳалоу ашьыцра аасҭа иӷәӷәоуп. Убри азоуп Аҩыраҿы изану: «Анцәа иԥагьоу драӷоуп, аха ахынраалара злоу рахь изыԥсам ақьиара ааирԥшуеит».
7 Убри аҟынтә Анцәа инапы шәҽанышәҵа, Аџьныш шәиҿагыл, усҟан иара дышәԥырҟьаны дцоит.
8 Шәизааигәаха Анцәа, усҟан иаргьы дышәзааигәахоит. Агәнаҳаҟаҵаҩцәа, аус цәгьақәа рҟынтә шәнапқәа шәрыцқьа, шәара, илакҩакуагьы, шәыгәқәа шәрыцқьа.
9 Шәара аччара аҭыԥан шәҵәыуалароуп, агәырӷьара аҭыԥан шәгәырҩалароуп. Шәҵәыуала, шәгәырҩала.
10 Ахынраалара аарԥшны, Иегова* инапы шәҽанышәҵа, усҟан иара шәҳареикуеит.
11 Сашьцәа, шәаҟәыҵ шәашьцәа ахара рыдҵара. Зашьа ахара идызҵо, ма иқәыӡбо, азакәан ахара адиҵоит, дагьақәыӡбоит. Уара азакәан уақәыӡбозар, уи назыгӡо уакәӡам, уусӡбаҩуп.
12 Закәанԥҵаҩыс, Ӡбаҩыс иҟоу аӡә иоуп. Иара иоуп ауаҩы иеиқәырхарагьы иҭархарагьы зылшо. Узусҭада уара, уашьа уиқәыӡбартә еиԥш?
13 Уажәшьҭа шәаасзыӡырҩы абас зҳәо: «Иахьа ма уаҵәы абри ақалақь ахь ҳцоит, уа шықәсык ҳаангылоит, уск ҳалагоит, аԥарагьы ҳарҳалоит».
14 Уаҵәы ишәыхьуа шәыздырӡом, избанзар шәара ирласны ихыҵуа анаҟә шәаҩызоуп.
15 Уи аасҭа абас шәҳәалар еиҳа еиӷьуп: «Иегова иҭаххар, ҳаԥсы ҭазаауеит, абригь-абригь ҟаҳҵалоит».
16 Аха шәара аԥагьара шәылоуп, шәааҟәымҵӡакәа шәыҽхәоит. Ус аҽхәара ҽеим.
17 Аӡәы иҟаҵатәу идыруазар, аха иҟаимҵозар, агәнаҳа ҟаиҵоит.