Колоссаа рахь 3:1—25
3 Христос иԥсы анҭала шәаргьы шәыԥсы ҭалазар, шәааҟәымҵӡакәа ажәҩан аҿы иҟоу шәашьҭаз. Уа Христос Анцәа иарӷьараҿы дтәоуп.
2 Адгьыл аҿы иҟоу акәымкәа, ажәҩан аҿы иҟоу шәазхәыцла,
3 избанзар шәара шәыԥсит, шәыԥсҭазаарагьы Христос инапы иануп. Христоси Анцәеи аӡәк иеиԥш иҟоуп.
4 Аԥсҭазаара ҳазҭо Христос имч анааирԥшуа, зегьы еилыкка ирбарҭахоит ихьӡ-иԥша шицеиҩышәшо.
5 Убри аҟынтә ишәшьы шәцәеижь иалоу агәаҳәара цәгьақәа, асексуалтә ламысдара* шәҽашәымҭаларц, ицқьам акгьы ҟашәымҵаларц, аԥҳәыс лахь ма ахаҵа иахь агәаҳәара ӷәӷәа шәыкны шәамамзарц, уҭазырхо агәаҳәарақәа шәымамзарц, насгьы аԥсыцәгьара шәыламзарц азы. Аԥсыцәгьара аидолқәа рымҵахырхәара иаҩызоуп.
6 Ус ҟазҵо ауаа Анцәа игәы рзыԥжәоит.
7 Уаанӡа шәаргьы ус шәхы мҩаԥыжәгон,
8 аха уажәшьҭа урҭқәа зегь ааншәыжь. Иааншәыжь аԥсахеибакра, агәыԥжәара, ацәгьоура, улазырҟәуа ажәақәа, абзхәаԥсара.
9 Аӡәи-аӡәи шәеибамжьалан, ажәытә цәаҩа иацу аусқәеи иареи шәшәыхны,
10 Анцәа ишәиҭо цәаҩа ҿыцла шәҽеилашәҳәа. Ииашоу, иҵаулоу адыррақәа рыбзоурала Анцәа иеиԥшу уаҩ ҿыцны шәҟалала.
11 Ауаҩ ҿыц изы дыҟам абырзен, ауриа, заԥхьатә хсоу, заԥхьатә хсам, атәымуаҩ, аскиф*, амаҵуҩы ма зхы иақәиҭу. Христос зегь рзы зегь иакәны дыҟоуп.
12 Шәара Анцәа иалихыз, иԥшьоу, бзиа иибо ихәыҷқәа шәоуп, убри аҟынтә ишәшәышәҵа агәыбылра зҵоу арыцҳашьара, ақьиара, ахынраалара, аҟәымшәышәра, ачҳара.
13 Ачҳара аарԥшуа шәеилибакаала, гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла, агәааразы амзыз шәымазаргьы. Иегова* гәык-ԥсыкала ишшәанаижьыз еиԥш, шәаргьы егьырҭ иранашәыжьла.
14 Убри зегь инацҵаны, ишәшәышәҵа абзиабара, избанзар уи еиԥш ауаа еидызкыло ак ыҟам.
15 Христос иҭынчра шәгәаҿы аҳра аулааит, избанзар Анцәа уи аҭынчрахь шәааиԥхьеит, цәеижьк еиԥш шәыҟазарц азы. Еснагь иҭабуп аҳәарагьы шәазхиаз.
16 Шәыгәқәа Христос иажәала иҭәызааит, усҟан шәҟәышхоит. Аԥсаломқәеи Анцәа дҳаразкуа ашәақәеи ҳәо, иҭабуп ҳәа иаҳәо имҵахырхәара иазку ашәақәа ҳәо, шәыгәқәа шьҭибахла, Анцәа иажәа шәеибарҵала. Гәыкала* Иегова ашәа изышәҳәала.
17 Ишәҳәозаалакгьы, иҟашәҵозаалакгьы, Иҳақәиҭу Иисус ихьӡала иҟашәҵала, иара ила Ҳаб Ҳанцәа иҭабуп ҳәа иашәҳәала.
18 Аҳәса, ақьырсианҳәсақәа ишрыхәҭоу еиԥш, шәхацәа рҳәатәы шәацныҟәала.
19 Ахацәа, шәыҳәса бзиа ижәбала, иџьбараны шәырзымныҟәалан*.
20 Ахәыҷқәа, еснагь шәҭаацәа рҳәатәы хашәҵала, избанзар уи Иҳақәиҭу игәы иахәоит.
21 Абацәа, шәхәыҷқәа ргәы ԥышәымжәалан, ргәы камҳарц азы.
22 Амаҵуцәа, есымша шәыԥшәмацәа ирҳәо ҟашәҵала. Ауаа ргәы ҟаҳҵандаз ҳәа акәымкәа, шәанырымбогьы ирҳәо ҟашәҵала, гәык-ԥсыкала шәырзыӡырҩла, Иегова ҳаҭыр иқәызҵо реиԥш.
23 Иҟашәҵозаалак, ауаа рзы еиԥш акәымкәа, Иегова изы еиԥш, гәык-ԥсыкала иҟашәҵала,
24 избанзар ижәдыруеит ишәоуа аҳамҭа шәызҭо Иегова шиакәу. Иара уи аҳамҭа шәара шәзы ирхианы имоуп. Аԥшәымас ишәымоу Христос имаҵ жәула.
25 Ацәгьара ҟазҵо иқәнагоу дақәыршәахоит, избанзар Анцәа ауаа еилихӡом.
Албаагақәа
^ Аскифцәа ҳәа изышьҭаз ацивилизациа злымсыцыз абнауаа ракәын.
^ Ма «Шәыгәқәа рҿы».
^ Ма «шәгәы рызԥымжәалан».