Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 18:1—35
18 Иисус иҵаҩцәа иара иахь инеин, иазҵааит: «Жәҩантәи Аҳраҿы зегьы иреиҳада?»
2 Усҟан Иисус хәыҷык дааиган, рыгәҭа днаиргылан,
3 иҳәеит: «Аиаша шәасҳәоит, шәҽышәмыԥсахыр, насгьы ахәыҷқәа шәырмеиԥшхар, жәҩантәи Аҳра жәбараны шәыҟам.
4 Абри ахәыҷ иеиԥш зхы ҳаразымкуа* иоуп жәҩантәи Аҳраҿы зегьы иреиҳау.
5 Саҳаҭыразы* абри ахәыҷы иеиԥшу ауаа здызкыло, саргьы сидикылоит.
6 Ахәыҷқәа иреиԥшу, сыгәра зго аӡәы ихаҵара зырԥсыҽуа ауаҩы алу ду ихәда ихшьны, амшын агәы даларыжьыр еиҳа еиӷьуп.
7 Изакәытә рыцҳароузеи ари адунеи иазыԥшу! Избанзар уи ауаа агәнаҳа днарҟаҵоит. Ҳәарада, ауаа агәнаҳа дзырҟаҵо ҟалашт, аха изакәытә рыцҳароузеи изыԥшу уи дзырҟаҵо ауаҩы!
8 Унапы ма ушьапы агәнаҳа унарҟаҵозар, ихҵәаны наҟ иршә. Узнапык ма узшьапык шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, уҩнапык ма уҩшьапык шумоу ахаан имыцәо амца уаларыжьыр аасҭа.
9 Ула агәнаҳа унарҟаҵозар, иҭыхны, наҟ иршә. Узлак шумам аԥсҭазаара уоур еиҳа еиӷьуп, рыҩбагьы шумоу амца қьоуқьад ахьеилашуа геенна* уаларыжьыр аасҭа.
10 Шәгәышәҽаныз, абарҭ ахәыҷқәа руаӡәкгьы дышәцәымӷымзааит, избанзар сара ишәасҳәоит, ажәҩан аҿы иҟоу урҭ рымаалықьцәа еснагь жәҩантәи Саб иҿаԥхьа игылоуп.
11 ——*
12 Шәгәы ишԥаанаго, 100 уасак змоу ахьча уасак ицәыӡыр, 99 уаса ашьхараҿы иааныжьны, иӡыз аԥшаара дымцаӡои?
13 Аиаша шәасҳәоит, ианиԥшаалак, имыӡыз егьырҭ 99 уаса раасҭа уи еиҳа деигәырӷьоит.
14 Убас еиԥш жәҩантәи Сабгьы абарҭ ахәыҷқәа рҟынтә аӡәгьы дҭахар иҭахӡам.
15 Уашьа гәнаҳак ҟаҵаны уиргәаазар, уцаны, дахьиашам иаҳә, уи азҵаара иареи уареи шәыбжьара иӡба. Дузыӡырҩыр, уашьа дурҳаит.
16 Дузымӡырҩыр, аӡәы ма ҩыџьа уманы уизца, уи аус ҩыџьа ма хҩык ашаҳаҭцәа ирҳәо ала ишьақәырӷәӷәахарц азы.
17 Урҭгьы дырзымӡырҩыр, аишьцәа* ираҳәа. Аишьцәагьы дырзымӡырҩыр, уи ауаҩ Анцәа дхазымҵои* ашәахтәеизгаҩцәеи реиԥш дузыҟалааит.
18 Сара ишәасҳәоит: шәара адгьыл аҿы иашәыркуеит ажәҩан аҿы иадыркхьоу, адгьыл аҿы иаашәыртуеит ажәҩан аҿы иаадыртхьоу.
19 Даҽакгьы шәасҳәоит: адгьыл аҿы ҩыџьа ихадоу аказы Анцәа иҳәарц еибырҳәар, жәҩантәи Саб изызиҳәаз рзыҟаиҵоит,
20 избанзар сыхьӡала ҩыџьа-хҩык ахьеизо, саргьы сҟалоит».
21 Уи ашьҭахь Пиотр Иисус днаидгылан, диазҵааит: «Исықәиҭу, сашьа агәнаҳа ҟаиҵозар, заҟантә ианасыжьыр акәзеи? Бжьынтәу?»
22 Иисус иҳәеит: «Бжьынтә акәӡам, 77-нтә.
23 Убри азоуп жәҩантәи Аҳра аҳ изиҿырԥшу. Аҳ имаҵуцәа ирықәыз ауал дыргьежьырц реиҳәеит.
24 Иуалқәа реизгара даналага, 10 000 талант* зқәыз хаҵак дизнаргеит.
25 Аха уи иуал злеишәоз имамызт азы, аҳ адҵа ҟаиҵеит, ахаҵа иуал ишәарц азы иаргьы, иԥҳәысгьы, ихәыҷқәагьы, иара убас имаз-ихӡыз зегь рҭиирц.
26 Усҟан уи ахаҵа дшьамхышгылан, аҳ иҳәара далагеит: „Суҳәоит, даҽа хәыҷык уаасзыԥшы, исықәу зегь сшәоит“.
27 Аҳ уи ахаҵа дрыцҳаишьан, иқәыз зегь ианажьны доуишьҭит.
28 Аха уи дшаадәылҵыз еиԥш, уалла 100 динарк* зиҭахьаз диԥшаан, ихәдацәа кны, ихәаҽра далагеит, иагьиеиҳәеит: „Абыржәыҵәҟьа иуқәу зегь шәа“.
29 Ауал зқәыз дшьамхышгылан, иҳәара далагеит: „Суҳәоит, хәыҷык уаасзыԥшы, исықәу зегь сшәоит“.
30 Аха уи ахаҵа аԥшра иҭахымхан, ауал зқәыз иуал ишәаанӡа абахҭа дҭаркырц адҵа ҟаиҵеит.
31 Егьырҭ ари анырба, ргәы рыхьын, ицаны, иҟалаз зегь аҳ иарҳәеит.
32 Усҟан аҳ уи ахаҵа иеиҳәеит: „Арыцҳашьара злам уара! Уансыҳәа, сара иуқәыз зегь уанасыжьит.
33 Сара ушрыцҳасшьаз еиԥш, уҩыза дрыцҳаушьар ухәҭаӡамзи?“
34 Аҳ иԥсахы еибакын, убри зегь аниҳәа ашьҭахь, ахаҵа абахҭа дҭаркырц адҵа ҟаиҵеит, иуал зегь ишәаанӡагьы доурмышьҭырц реиҳәеит.
35 Убасҵәҟьоуп жәҩантәи Сабгьы ишышәзиуа, шәашьцәа рыгәнаҳақәа гәык-ԥсыкала иранашәмыжьлар».
Албаагақәа
^ Ма «ахынраалара злоу».
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «сыхьӡ аҳаҭыразы».
^ Ари ажәеинраала абиблиатә еиҭагақәак рҿы иҟоуп, аха зыгәра угартә иҟоу ажәытә бырзен манускриптқәа рҿы иҟаӡам. Шәахәаԥш Ацҵа А3.
^ Ара зыӡбахә ҳәоу аизара ахаҭарнакцәа роуп.
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «егьырҭ ажәларқәа иреиуоуи».