Матфеи иҟынтә ажәабжь бзиа 7:1—29

  • ИИСУС АШЬХАРАҾЫ ИИҲӘАЗ АЖӘАХӘ (1—27)

    • «Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара» (1—6)

    • Шәаҳәала, шәашьҭаз, шәасла (7—11)

    • Ахьтәы ԥҟара (12)

    • Агәашә ҭшәа (13, 14)

    • «Урҭ русқәа рыла ижәдыруеит» (15—23)

    • Ацаҟьаҿы иргылоу аҩни аԥслымӡ аҿы иргылоу аҩни (24—27)

  • Ажәлар Иисус идирҵоз иаршанхеит (28, 29)

7  Шәаҟәыҵ ауаа рықәыӡбара, усҟан Анцәагьы дшәықәыӡбаӡом. 2  Ауаа шәышрықәыӡбо еиԥш ауп Анцәагьы дышшәықәыӡбо, ауаа шәышрызныҟәо еиԥш ауп даргьы шшәызныҟәало. 3  Уашьа ила иху аҭәыц анубо, уара ула ихыжьлоу ақды зумбои? 4  Излаиоуҳәои уашьа: „Уааи, ула иху аҭәыц хысхуеит“ ҳәа, ухаҭа ула ақды хызар? 5  Ҩ-цәак зхарԥоу уара! Раԥхьа ула ихыжьлоу ақды хых, нас уашьа ила иху аҭәыц шхыхтәугьы убап. 6  Анцәа иитәу алақәа ирышәымҭалан, абырлашгьы аҳәақәа ирымҵашәмыжьлан, мамзар уи аҳәынҵәа иларкәаҳауеит, нас ихынҳәны, шәара шәеимырыжәжәоит. 7  Шәаҳәала  —  ишәоуеит, шәашьҭаз  — ишәыԥшаауеит, шәасла  —  ишәзаадыртуеит, 8  избанзар акы иаҳәо  —  ииҭаху иоуеит, акы иашьҭоу  —  дзышьҭоу иԥшаауеит, ашә иасуа  —  изаадыртуеит. 9  Шәхәыҷы ача даҳәар, ахаҳә ишәҭома? 10  Ма аԥсыӡ даҳәар, амаҭ ишәҭома? 11  Агәнаҳа шшәылоугьы, шәхәыҷқәа аҳамҭа бзиақәа рзыҟаҵара бзиа ижәбозар, нас, жәҩантәи Шәаб аказы иҳәо уи римҭаӡои? 12  Ауаа шәызныҟәалар шышәҭаху еиԥш, шәаргьы убас шәрызныҟәала. Убриоуп Моисеи изакәани аԥааимбарцәа рышәҟәқәеи ирнугьы. 13  Агәашә ҭшәа ала шәҭалала, избанзар аҭахара-ақәӡаара ахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭбааҭыцәуп, уи агәашә иҭалогьы рацәаҩуп. 14  Аха аԥсҭазаарахь уназго агәашәгьы амҩагьы ҭшәоуп, изыԥшаауагьы маҷҩуп. 15  Ауасацәа зхарԥоу ақәыџьмақәа иреиԥшу амцԥааимбарцәа шәҽырцәышәыхьчала. Дара рыԥсы қымқымуа, шәылбаадара ауп изышьҭоу. 16  Урҭ русқәа рыла ижәдыруеит. Амаӷ-ҵиаақәа рҟынтә ажь ма алаҳа ҿырхуама? 17  Аҵла бзиа ашәыр бзиа ҿалоит, аҵла баа иҿало ашәыргьы баауп. 18  Аҵла бзиа ашәыр баа ҿалаӡом, ибаау аҵлагьы ашәыр бзиа ҿалаӡом. 19  Ашәыр бзиа зҿамло аҵла хҵәаны, иршәны амца иаларыжьуеит. 20  Убри аҟынтә урҭ ауаа злажәдыруа русқәа рыла ауп. 21  „Исықәиҭу, Исықәиҭу“ ҳәа сазҳәо иакәӡам жәҩантәи Аҳра збараны иҟоу, уи збо жәҩантәи Саб ииҭаху ҟазҵо иоуп. 22  Уи аҽны абас сазҳәо рацәаҩхоит: „Иҳақәиҭу, Иҳақәиҭу, уара ухьӡала акәӡамзи аԥааимбаражәақәа шаҳҳәоз, ауаа адемонцәа шырхаҳцоз, насгьы аџьашьахәқәа рацәаны ишыҟаҳҵоз?“ 23  Усҟан ирасҳәоит: „Сара шәсыздырӡом. Шәца наҟ шәысԥырҵны, ацәгьоуцәа!“ 24  Исҳәо заҳауа, иагьыҟазҵо, ацаҟьаҿы аҩны зыргылаз ауаҩ ҟәыш диеиԥшуп. 25  Ақәаршҩы аналага, аӡқәа хыҵын, аԥша цәгьа асра иалагеит. Аха уи аҩны акгьы амыхьӡеит, избанзар ацаҟьаҿы иргылан. 26  Исҳәо заҳауа, аха иҟазымҵо аԥслымӡ аҿы аҩны зыргылаз ауаҩы гаӡа диеиԥшуп. 27  Ақәаршҩы аналага, аӡқәагьы анхыҵ, аԥша цәгьагьы анас, уи аҩны еилаҳаит, иҟәыбасагьы ицеит». 28  Абас Иисус иажәа далгеит. Ажәлар идирҵоз шыдирҵоз иаршанханы игылан, 29  избанзар иара Анцәа иҟынтә амчра зауз иеиԥш ауп ишыдирҵоз, азакәанрҵаҩцәа реиԥш акәымкәа.

Албаагақәа