Римаа рахь 9:1—33
9 Сара, Христос иҵаҩы, аиаша сҳәоит, амц сҳәаӡом. Иԥшьоу адоуҳа напхгара знаҭо сыламыс ишьақәнарӷәӷәоит
2 сгәы еихсыӷьшьа змам хьаалеи гәырҩалеи ишҭәу.
3 Сашьцәа аиудеиаа Христос ишьҭа ихыланы иахьымцо азы сара сахьырхәызар еиӷьасшьон, уи акыр ирыхәозҭгьы.
4 Израильаа роуп зыӡбахә сҳәо. Анцәа урҭ иԥацәа реиԥш идикылеит, имоу ахьӡ-аԥша дирбеит, иареи дареи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәагьы бжьеиҵеит, азакәан риҭеит, имаҵ руларц азгьы аҳаҭыр раҭәеишьеит, дшырзылԥхо алагьы ажәа риҭеит.
5 Дара ҳабацәа ирхылҵит, Христосгьы урҭ рышьҭра датәуп. Зегь ирхагылоу Анцәа наӡаӡа арҽхәара даԥсоуп. Амин.
6 Анцәа иажәа наимыгӡеит ҳәа ҳазҳәом, избанзар Израиль иатәу зегьы Израиль ракәҵәҟьам.
7 Дара Авраам ишьҭра ишатәугьы, зегьы Авраам ихәыҷқәа ракәҵәҟьаӡам, избанзар Анцәа Авраам иеиҳәахьан: «Ушьҭра иатәхо Исаак ихылҵуеит».
8 Авраам ихәыҷқәа зегьы Анцәа ихәыҷқәа роума? Мап. Анцәа ихәыҷқәаны иԥхьаӡоу иара Авраам ииҭахьаз ажәа инақәыршәаны иалихуа роуп.
9 Анцәа Авраам абри аҩыза ажәа ииҭахьан: «Ҽааны, абри аамҭазы, уара уахь саауеит, Саррагьы аԥа длоуеит».
10 Анцәа егьырҭгьы ажәа риҭеит, Реве́кка ҳаб Исаак иҟынтә еицираны иҟаз ҩыџьа аԥацәа лцәа ианалашәа.
11 Дара иины адәы иқәлаанӡа, цәгьарак ма бзиарак ҟарҵаанӡа, Анцәа рыуа иалихуа дызусҭахо иҳәахьан, избанзар Анцәа ауаҩы иусқәа дырмыхәаԥшӡакәа, ииҭаху далихуеит.
12 Иара Реве́кка илеиҳәеит: «Аиҵбы имаҵ аиҳабы иулоит».
13 Аҩыраҿгьы иану уи ауп: «Сара Иаков бзиа дызбеит, Иса́в дысцәымӷхеит».
14 Нас, Анцәа диашаӡам ҳәа ҳазҳәома? Ҳәарада, иҳазҳәаӡом!
15 Анцәа Моисеи иеиҳәеит: «Бзиа избарц исҭаху бзиа дызбоит, ирыцҳасшьарц исҭахугьы дрыцҳасшьоит».
16 Ус анакәха, Анцәа иалихуа уи зҭаху, уи азгьы аџьабаа збо ракәӡам, аха ирыцҳаишьо роуп.
17 Аҩыраҿы иануп Анцәа афараон абас шиеиҳәаз: «Сара иахьа уажәраанӡа уԥсы ҭаны узаансыжьыз, схы уархәаны сымч ду аасырԥшырц, насгьы сыхьӡ адунеи зегь иахыҵәарц азоуп».
18 Ус анакәха, Анцәа ирыцҳаишьарц ииҭаху дрыцҳаишьоит, зҳәатәы иазыргарц иашьҭоу дааникылаӡом.
19 Аха шьоукы ус исазҵаар ҟалоит: «Иара игәҭакы аӡәгьы дзаҿамгылозар, нас, ҳагхақәа дызрышьҭои?»
20 Узусҭада уара, ауаҩы, Анцәа ус уиацәажәартә еиԥш? Иалшома маҭәарк иара ҟазҵаз ус ианаҳәар: «Абас сзыҟауҵеи?»
21 Аԥҳалҟаҵаҩ анышәаԥшь ииҭаху алхра азин имаӡами? Илымшаӡои иара ԥҳалк аныҳәақәа рзы* иҟаиҵар, егьи — есыҽны рхы иадырхәаларц азы* иҟаиҵар?
22 Анцәагьы убас ауп. Иара игәыԥжәареи имч дуи ааирԥшырц шиҭахызгьы, игәы ԥызжәоз, иқәгатәу аԥҳалқәа иреиԥшыз ауаа рахь ачҳара ааирԥшуан.
23 Иара уи ҟаиҵеит, ирыцҳаишьо, аныҳәақәа раан рхы иадырхәо аԥҳалқәа иреиԥшу ауаа имоу ахьӡ-аԥша дирбарц азы.
24 Иара ааԥхьара зиҭаз иауриоу рымацара ракәӡам, егьырҭ ажәларқәагьы ааԥхьара риҭеит. Ҳаргьы ааԥхьара зауз ҳреиуоуп.
25 Убасала иара О́сиа ишәҟәаҿы ииҳәаз абарҭ ажәақәа наӡеит: «Сара истәым ажәлар сыжәлар роуп ҳәа рзысҳәоит. Бзиа исымбоз бзиа избо ҳәа лзысҳәоит.
26 „Сыжәлар шәакәӡам“ ҳәа ахьысҳәаз аҭыԥ аҿы „сара зыԥсы ҭоу Анцәа соуп, шәара схәыҷқәа шәоуп“ ҳәа сҳәоит».
27 Иса́иа израильаа ирызкны иҳәеит: «Израильаа рхыԥхьаӡара амшын аҟәара иқәыԥсоу аԥслымӡ еиԥш ирацәахаргьы, еиқәхо маҷхоит,
28 избанзар Иегова* адгьыл иқәынхо ауаа зегь дрықәыӡбоит, русгьы иаразнак иӡбоит».
29 Иара убас Иса́иа иҳәахьан: «Ар реиҳабы Иегова иаҳхылҵыз нимыжьызҭгьы, Содом ҳаиԥшхон, Гоморрагьы ҳаҩызахон».
30 Нас, иаҳҳәар ҳалшозеи? Егьырҭ ажәларқәа уаа иашақәаны иҟаларц ишашьҭамызгьы, рхаҵара абзоурала Анцәа урҭ уаа иашақәаны иԥхьаӡеит.
31 Израильаа ракәзар, Анцәа иҿаԥхьа иуаа иашақәаны иҟазҵоз азакәан ақәныҟәара ишашьҭазгьы, уи рзынамыгӡеит.
32 Избан? Избанзар рхаҵара абзоурала акәымкәа, русқәа рыбзоурала уаа иашақәаны иҟалар рҭахын. Дара «ахаҳә» иахҟьашеит,
33 Аҩыраҿы ишану еиԥш: «Сара Сион аҿы ауаа зыхҟьашо ахаҳә шьҭасҵоит, ршьапы иқәзырҟьо ацаҟьа. Уи агәра зго ахаангьы дыԥхашьараны дыҟаӡам».