1 Коринфаа рахь 11:1—34
11 Сара Христос сшиҿыԥшуа еиԥш, шәаргьы сара шәысҿыԥшла.
2 Сашьцәа, сара даараӡа сгәы иахәоит есымша сахьышәгәалашәо, насгьы ишәсырҵаз зегь ахьыҟашәҵо. Уи азы шәсырҽхәар сҭахуп.
3 Аха ижәдыруазар сҭахуп: ахаҵа хадас имоу Христос иоуп, аԥҳәыс хадас илымоу ахаҵа иоуп, Христос хадас имоу Анцәа иоуп.
4 Ахаҵа ихы ак ахаҵаны Анцәа диҳәозар, ма Анцәа иҟынтә аԥааимбаражәақәа ауаа ирылеиҳәозар, ихы ирԥхашьоит*.
5 Аха аԥҳәыс лхы ҵакӡамкәа Анцәа диҳәозар, ма Анцәа иҟынтә аԥааимбаражәақәа ауаа ирылалҳәозар, лхы лырԥхашьоит*, избанзар ус ҟазҵо аԥҳәыс зхы саны иҟоу аԥҳәыс дылҩызоуп.
6 Аԥҳәыс лхы хылымҩозар, лыхцәы кьаҿӡаны ихылҵәааит, аха аԥҳәыс лзы ахцәы ахҵәара ма ахы асара хьымӡӷызар, лхы хылҩалароуп.
7 Ахаҵа ихы ахҩара ихәҭаӡам, избанзар иара Анцәа диеиԥшуп, насгьы Анцәа ихьӡ-иԥша иоуп, аԥҳәыс — ахаҵа ихьӡ-иԥша лоуп.
8 Ахаҵа иакәӡам аԥҳәыс лцәеижь иалху, аԥҳәыс лоуп ахаҵа ицәеижь иалху.
9 Анцәа аԥҳәыс лзы акәӡам ахаҵа дзишаз, ахаҵа изоуп аԥҳәыс дзишаз.
10 Убри азы аԥҳәыс лхы хылҩалароуп, иара убас амаалықьцәа рзгьы ихылҩалароуп. Уи ахаҵа иҳәатәаҿы дшыҟоу аазырԥшуа дыргак иаҩызоуп.
11 Уи адагьы, Иҳақәиҭу иеизараҿы аԥҳәыс ахаҵа ида дзыҟалом, ахаҵагьы аԥҳәыс лыда дзыҟалом.
12 Анцәа аԥҳәыс ахаҵа ицәеижь далихит, ахаҵа дызхылҵуагьы аԥҳәыс лоуп, аха зегьы — Анцәа иҟынтә ауп.
13 Шәазхәыц: аԥҳәыс лхы ҵамкӡакәа Анцәа диҳәалар ҟалома?
14 Аԥсабара ахаҭа ишәнамырҵаӡои ахаҵа ихахәы ауишьҭуазар, уи иара изы ишхьымӡӷу?
15 Аха аԥҳәыс ахцә ду лықәзар, уи лара лзы ихьӡуп, избанзар Анцәа акасы ацынхәрас ахцәы лиҭеит.
16 Аӡәы уи дақәшаҳаҭымзаргьы, ҳара даҽа ҵаск ҳамам, Анцәа иеизарақәа рҿгьы даҽа ҵаск ыҟам.
17 Сара абарҭ алабжьарақәа шәысҭоит, аха шәсырҽхәаӡом, избанзар шәеизарақәа ԥырхагамзар, хәарҭа шәзааргаӡом.
18 Иаҳҳәап, сара исаҳаит шәеизарақәа рҿы аимак-аиҿак шыҟоу, шәыҽшеиҩышәшо, ганкахьала сара уи агәра згоит.
19 Шәеизарақәа рҿы асектақәа ҟамлар залшом, Анцәа игәы ҟазҵо зусҭцәоу убарҭахарц азы.
20 Шәанеизо, Иҳақәиҭу иуаххьа шәфарц азы акәӡам шәзеизо.
21 Уи афара аамҭа ааиаанӡа акрышәфоит, убри азы аӡәы амла дшакуа дтәоуп, егьи — аҩы дашьны дтәоуп.
22 Акрахьышәфаша, акрахьыжәжәша аҩны шәымаӡами? Ма Анцәа иеизара атәашәымбоу? Акгьы змам шәырԥхашьарц аума ишәҭаху? Ишәасҳәарызеи, нас? Шәсырҽхәарыма? Ари азы шәсырҽхәаӡом.
23 Сара Иҳақәиҭу Иисус исирҵаз ауп шәаргьы ишәсырҵо. Иҳақәиҭу дырҭираны ианыҟаз ауха ача аашьҭихын,
24 Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәаны иааԥиҽын, ус иҳәеит: «Ари ача ишәыхҭнысҵо сцәеижь аанарԥшуеит. Абри ҟашәҵала салашәгәалашәыршәаларц азы».
25 Уаххьа анырфа ашьҭахь, аҵәцагьы аашьҭихын, иҵаҩцәа инариҭан, ус иҳәеит: «Ари аҵәца шәара шәзы икаҭәо сшьа аанарԥшуеит. Уи абзоурала аиқәшаҳаҭра ҿыц бжьаҵахоит. Абри аҵәца шәжәыцыԥхьаӡа абри ҟашәҵала, салашәгәалашәыршәаларц азы».
26 Абри ача шәфацыԥхьаӡа, абри аҵәца шәжәыцыԥхьаӡа, Иҳақәиҭу Иисус дшыԥсыз атәы ауаа ирылашәҳәоит, иара даанӡа.
27 Убри аҟынтә аӡәы ҳаҭыр ақәымҵаӡакәа Иҳақәиҭу Иисус ича ифозар, иҵәца ижәуазар, Иҳақәиҭу ицәеижьи ишьеи раҳаҭыр ахьимбаз азы ахара идлоит.
28 Раԥхьа ауаҩы ихы ҭиҵааит, даԥсоу-даԥсаму еиликаарц азы. Дшаԥсоу агәра анигалак ашьҭахь ауп ача ифар анилшо, аҵәцагьы ижәыр анилшо.
29 Аха ача зфо, аҵәцагьы зжәуа иифои иижәуеи Иҳақәиҭу Иисус ицәеижь шаанарԥшуа изеилымкаауазар, ихаҭа ихы дақәыӡбоит.
30 Убри азоуп шәыбжьара изырацәоу иԥсыҽу, ичмазҩу, иԥсызгьы* маҷӡам.
31 Ҳхы ҭаҳҵаауазҭгьы, Анцәа дҳақәыӡбаӡомызт.
32 Аха Иегова* данҳақәыӡбо — ҳириашоит, ари адунеи анахьирхәуа, ҳаргьы ҳахьимырхәырц азы.
33 Сашьцәа, ишәасҳәо абри ауп: ари ауаххьа афаразы шәанеизо, аӡәи-аӡәи шәеизыԥшла.
34 Амла иакуа аӡәыр дыҟазар, аҩны акрифааит, шәанеизо, Анцәа ахара зду шьоук реиԥш дышәмықәыӡбарц азы. Егьырҭ аусқәа уа саннеилак исыӡбоит.
Албаагақәа
^ Ма «ихада дирԥхашьоит».
^ Ма «лхада длырԥхашьоит».
^ Ара зыӡбахә ҳәоу аԥсраҵәҟьа акәӡам, Анцәеи дареи реиҩызара шырцәыӡыз ауп.