1 Коринфаа рахь 6:1—20

  • Ақьырсианцәа аусӡбарҭахь ицаны еизашшуеит (1—8)

  • Аҳра збараны иҟам (9—11)

  • «Шәцәеижь ала Анцәа дҳарашәкла» (12—20)

    • «Асексуалтә ламысдара шәацәыбналала!» (18)

6  Шәашьеи шәареи аимак аншәыбжьало, иԥшьоу шәашьцәа рахь акәымкәа, Анцәа дхазымҵо аӡбаҩцәа рахь шәызцои? 2  Мамзаргьы иԥшьоу ауаа адунеи ишақәыӡбо шәзымдыруоу? Ҳаԥхьаҟа адунеи шәақәыӡбозар, уажәы амаҷ аӡбара шәылымшаӡои? 3  Ишәзымдырӡои амаалықьцәа ҳрықәыӡбараны ҳшыҟоу? Ус акәзар, ҳаԥсҭазаараҿы ицәырҵуа азҵаарақәа ҳзымыӡбаӡои? 4  Избан, нас, ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәыӡбарц азы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыгәра рымго аӡбаҩцәа рахь шәызцо? 5  Шәсырԥхашьарц азоуп изысҳәо. Шәеилзыргоз ҳәа иҟәышу аӡәгьы дҟамлаӡеи? 6  Шәара шәаалаганы шәашьа Анцәа дхазымҵо аӡбаҩцәа рахь дшәыманы шәцоит! 7  Шәашьа дшәыманы аусӡбарҭахь шәахьцо шәара шәзы ихьымӡӷуп. Уи ак шәзиузаргьы, ишәычҳар еиҳа еиӷьӡами? Еиҳа еиӷьӡами ишәцәигаз иара изыншәыжьыр? 8  Аха шәара шәашьцәа иҽеимкәа шәрызныҟәоит, уимоу, ирымоугьы рымышәхуеит! 9  Ишәзымдырӡои ауаа цәгьақәа Анцәа Иаҳра рбараны ишыҟам? Шәхы шәымжьалан. Ламысдарала* зхы мҩаԥызго, амцнцәахәқәа ирымҵахырхәо, зхатә ҩыза дзыԥсахуа, ахацәа ирыцышьҭало ахацәа*, 10  аӷьычцәа, аԥсыцәгьақәа, арыжәтә зҽазыршьуа, ауаа ацәгьа рзызҳәо, ауаа зырҳәуа — абарҭ зегьы Анцәа Иаҳра рбараны иҟаӡам. 11  Урҭ реиԥш иҟазгьы шәыҟоуп. Аха Анцәа шәалихит, шәкәабаны, шәыцқьаӡа шәҟаиҵеит, идоуҳалеи Иҳақәиҭу Иисус Христос ибзоуралеи шәуаа иашақәаны шәиԥхьаӡеит. 12  Зегь аҟаҵара азин сымоуп, аха зегь ахәарҭа сзаанагом. Зегь аҟаҵара азин сымоуп, аха акы маҵуҩыс сҟанаҵартә алсыршаӡом. 13  Афатә зыҟоу амгәа азоуп, амгәагьы зыҟоу афатә азоуп. Аха Анцәа уигьы егьыгьы ықәигоит. Ацәеижь зыҟоу аус ҟьашьқәа* рзы акәӡам, Иҳақәиҭу Иисус изоуп. Иҳақәиҭу Иисусгьы дзыҟоу ацәеижь азоуп. 14  Анцәа имч ала Иҳақәиҭу Иисус иԥсы ҭеиҵеит, ҳаргьы ҳаԥсы ҭеиҵоит. 15  Шәцәеижь Христос ицәеижь ишахәҭаку шәзымдырӡои? Нас, Христос ицәеижь ахәҭақәа ганы, акаҳԥы илысҭома? Мамоу, уи ҟалашьа амам! 16  Ишәзымдырӡои, аӡәы акаҳԥы длыцышьҭалозар, иареи лареи цәеижькны ишыҟало? Анцәа имҳәеи «ҩыџьа аӡәыкны* иҟалоит» ҳәа. 17  Иҳақәиҭу Иисус зыҽидызкылаз иакәзар, Христоси иареи рхәыцшьа ак акәхоит. 18  Асексуалтә ламысдара* шәацәыбналала! Ауаҩы егьырҭ агәнаҳақәа аныҟаиҵо ицәеижь иҟьашьӡом, аха ламысдарала* ихы мҩаԥигозар, ицәеижь иҟьашьуеит. 19  Ишәзымдырӡои шәара зегьы цәеижькны шәшыҟоу, насгьы уи ацәеижь Анцәа ишәиҭаз иԥшьоу адоуҳа ахьыҟоу аныҳәарҭа ишаҩызоу? Шәара шәхы шәақәиҭӡам, шәызтәу Анцәа иоуп, 20  избанзар ахә ду шәыхшәааны шәааихәеит. Убри аҟынтә шәцәеижь ала Анцәа дҳарашәкла.

Албаагақәа

Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Аоригинал бызшәаҿы ара ҵакыла еиԥшым ҩ-ажәак гылоуп. Руак зҵазкуа — ахаҵа ҳаицышьҭалап ҳәа иазҳәо ахаҵа иоуп, егьи — уи мап ацәызымкуа ахаҵа иоуп.
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «цәеижькны».
Абырзен ажәа порне́иа. Шәахәаԥш Ажәар.
Ара иаагоу абырзен ажәа ажәа порне́иа иахылҿиаауеит. Шәахәаԥш Ажәар, астатиа «Асексуалтә ламысдара».