2 Фессалоникаа рахь 3:1—18

  • Анцәа шәиҳәала (1—5)

  • Ишахәҭам зхы мҩаԥызго рымԥан шәықәымлалан (6—15)

  • Иажәа хиркәшоит, асаламқәа риҭоит (16—18)

3  Аҵыхәтәаны, сашьцәа, исҳәарц исҭаху абри ауп: ҳара ҳзы Анцәа шәиҳәала, Иегова* иажәа ауаа ирласны ирылаҵәаларц, насгьы шәара шәеиԥш ҳаҭыр ақәҵаны ирыдыркылаларц азы. 2  Иара убас шәиҳәала ишәарҭоу ауаа цәгьақәа ҳарцәихьчаларц, избанзар ахаҵара змамгьы ыҟоуп. 3  Аха Иҳақәиҭу уиқәгәыӷыртә дыҟоуп, иажәа наигӡоит. Иара шәирӷәӷәоит, насгьы Аҩсҭаа* шәицәихьчоит. 4  Ҳара, Иҳақәиҭу ишьҭанеицәа, агәра ганы ҳаҟоуп ишәаҳҳәо уажәгьы ишыҟашәҵо, анаҩсгьы ишыҟашәҵало. 5  Иҳақәиҭу анаҩсгьы шәыгәқәа ахырхарҭа риҭалааит, Анцәа бзиа дыжәбаларц, насгьы Христос ишьҭа шәхыланы шәцаларц азы иаҭаху ачҳара шәымазарц азы. 6  Аишьцәа, Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала ишәаҳҳәоит: ишахәҭам зхы мҩаԥызго, ҳара ҳҟынтә ишәоуз* амҩақәҵарақәа* ирықәымныҟәо аиашьа имԥан шәықәымлалан. 7  Шәара ибзианы ижәдыруеит иаҳҿышәҵааша, избанзар шәара шәҿы ҳаныҟаз ҳара ишахәҭам ҳхы мҩаԥаҳгаӡомызт, 8  насгьы амалаҳәа акраҳфаӡомызт. Ҳара ԥхӡашала аџьабаа бо, уахгьы-ҽынгьы аус ҳуан, уадаҩрак шәалаҳамҵарц азы. 9  Ус зыҟаҳҵоз шәара шәҟынтә ацхыраара аиура азин ахьҳамамыз азы акәӡам. Иҳаман. Аха убасала аҿырԥшы шәаҳҭар ҳҭахын. 10  Шәара шәҿы ҳаныҟаз абас шәаҳҳәахьан: «Аусура зҭахым акрагьимфалааит». 11  Аха ҳара иҳаҳауеит шәыбжьара шьоукы ишахәҭам рхы шымҩаԥырго, аус шырымуа, ирусым рус шаларҵо. 12  Ус еиԥш иҟоу ауаа инақәырӷәӷәаны ираҳҳәоит, насгьы Иҳақәиҭу Иисус Христос ихьӡала ирабжьаҳгоит ҭынч инхаларц, насгьы рчахә рхатә џьабаала идырҳаларц. 13  Шәара, аишьцәа, шәгәы камыжькәа анаҩсгьы абзиара ҟашәҵала. 14  Ари асаламшәҟәаҿы иаҳҳәаз иқәымныҟәо ауаҩы длаԥшықәҵаны дшәымаз, шәимацәажәалан, ихымҩаԥгашьа дацәыԥхашьарц азы. 15  Аха ӷас дшәымԥхьаӡалан, анаҩсгьы шәашьа иеиԥш шәилабжьала. 16  Аҭынчра Иақәиҭу еснагь зегь рыла аҭынчра шәиҭалааит. Еснагь Иҳақәиҭу дшәыцзааит. 17  Асалам шәысҭоит сара, Павел. Абар уи снапала ианысҵоит. Сара ус сысаламшәҟәқәа зегьы рҿы иҟасҵоит, сара ишызҩыз жәдыруазарц азы. 18  Иҳақәиҭу Иисус Христос иааирԥшуа ҳзыԥсам ақьиара шәыгымзааит.

Албаагақәа

Шәахәаԥш Ацҵа А5.
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «ацәгьа».
Мамзаргьы иҟалап «ироуз».
Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «аҵасқәа».