АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34
Абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭышәҵаала
«Аҟәыӷақәа еилыркаауеит» (ДАН. 12:10).
АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп
АХҲӘАА a
1. Иҳацхраауазеи абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыҭҵаара бзиа абара?
«САРА абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыҭҵаара сгәаԥхоит», — иҳәеит Бен зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа. Шәара уи шәгәаԥхома? Мамзаргьы абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҵакы аилкаара даара ицәгьоуп ҳәа шәгәы иаанагоу? Уи угәы зырҿыӷьуа ак ауп ҳәа шәгәы иаанагома? Иегова Абиблиаҿы аԥааимбаражәақәа анырҵартә изыҟаиҵаз еилышәкаар, шәгәаанагара шәыԥсахыр алшоит.
2. Изызкузеи ари астатиа?
2 Ари астатиаҿы раԥхьа ҳалацәажәоит абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалар зҳахәҭоу, насгьы уи шыҟаҵалатәу. Анаҩс Даниил ишәҟәы иану ҩ-ԥааимбаражәак ҳрылацәажәоит, насгьы урҭ хәарҭас иаҳзаарго ҳбоит.
ИЗБАН АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА ЗЫҬҴААЛАТӘУ?
3. Иҟаҵалатәузеи абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкааларц азы?
3 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа еилаҳкааларц азы ацхыраара ҳҭахуп. Ҳахәаԥшып ҿырԥштәык. Шәхаҿы иаажәг ахаан шәахьыҟамыз ҭыԥк ахь шәцазшәа. Аха шәара шәхала шәахьыҟам, насгьы уи аҭыԥ бзианы издыруа шәҩыза дахьшәыцу шәеигәырӷьоит. Иара шәахьыҟоу, насгьы амҩақәа зегь уахьнарго идыруеит. Иегова убас еиԥш иҟоу аҩыза диеиԥшуп. Иара иарбан аамҭоу ҳанынхо, насгьы аԥхьаҟа иаҳзыԥшу идыруеит. Ус анакәха абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҵакы еилаҳкааларц азы ахынраалара аарԥшны Иегова ацхырааразы ҳиҳәалароуп (Дан. 2:28; 2 Пиотр 1:19, 20).
4. Избан Иегова Иажәаҿы аԥааимбаражәақәа рҩыртә изыҟаиҵаз? (Иеремиа 29:11). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
4 Аҭаацәа бзиақәа рхәыҷқәа рзы аԥсҭазаара бзиа рҭахуп. Иеговагьы убри аҩыза Аб иоуп. (Шәаԥхьа Иеремиа 29:11.) Аха иара ауаа ирылымшо илшоит, насгьы аԥхьаҟа иҟало шыҟало иҳәоит. Аԥхьаҟа иаҳзыԥшу аҵак ду змоу ахҭысқәа ҳдыруазарц азы иара ахацәа шьоукы ргәазҭеиҵеит аԥааимбаражәақәа рҩырц (Ис. 46:10). Ус анакәха абиблиатә ԥааимбаражәақәа бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иҳамҭақәа роуп. Аха избан Абиблиа иану хымԥада ишынаӡо агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?
5. Иднарҵозеи иқәыԥшу аишьцәеи аиҳәшьцәеи Макс ихҭыс?
5 Ашкол иҭоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыкәша-мыкәша иҟоу ауаа шамахамзар Абиблиа пату ақәырҵаӡом. Урҭ ражәақәеи рхымҩаԥгашьеи иқәыԥшу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи агәыҩбара рызцәырнагар алшоит. Абар Макс ихьыз. Иара иҳәоит: «Сара санхбыџыз сҭаацәа ииашоу адинхаҵара шныҟәырго, насгьы Абиблиа Анцәа иҟынтә шакәу аганахь ала слакҩакуа салагеит». Иахырҳәаазеи уи иҭаацәа? Макс иҳәоит: «Дара уи хьаас ишрымазгьы исацәҳаӡомызт». Макс иҭаацәа изҵаарақәа зегь рҭак Абиблиа ала иҟарҵон. Аха иара ихаҭагьы иҿи инапи еиқәҵаны дтәаӡамызт. Макс иҳәоит: «Сара схала абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭысҵаауан, насгьы еилыскаауаз аизара аҟынтә сҩызцәеи сареи ҳалацәажәон». Лҵшәас иаанагазеи уи? Макс иҳәоит: «Сара еилыскааит Абиблиа Анцәа идоуҳала ишҩу!»
6. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи агәыҩбара шәызцәырҵзар, насгьы избан?
6 Макс иеиԥш шәаргьы Абиблиаҿы аҵабырг шану аганахь ала агәыҩбара шәызцәырҵзар, шәхы ахара адшәымҵалан. Аха уи ак шыҟаҵатәу шәеилнаркаауеит. Убри аҟынтә шәҿи шәнапи еиқәыԥсаны шәымтәан. Агәыҩбара ажьакца иаҩызоуп. Уи хьаас иумкыр зыхә ҳараку ак ԥхасҭанатәыр ауеит. Ҳхаҵара «ажьакцара» иаҿу-иаҿыму еилаҳкаарц азы ҳхы ҳазҵаар ҳалшоит: «Агәра згома ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара иазкны Абиблиа иану шиашоу?» Шәара «ааи» ҳәа аҭак шәзыҟамҵозар, инаӡахьоу абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭышәҵаа. Ишԥашәылшо уи ҟашәҵар?
ИҬАҲҴААЛАР ШԤАҲАЛШО АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА?
7. Ишԥашәылшо аԥааимбаражәақәа анҭышәҵаауа Даниил шәиҿыԥшлар? (Даниил 12:10). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Даниил аԥааимбаражәақәа шыҭҵаалатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара аҭҵаара анымҩаԥигоз ииашоу амотивқәа иман — аҵабырг еиликаар иҭахын. Иара убас Даниил ахынраалара илан, насгьы еиликаауан Иегова аилкаара зиҭо иара дыздыруа, насгьы изакәанқәа рыла инхо мацара шракәу (Дан. 2:27, 28; шәаԥхьа Даниил 12:10). Уи адагьы Даниил еснагь Иегова ацхырааразы диҳәон, уи иунарбоит иара ахынраалара шилаз (Дан. 2:18). Иара убас Даниил игәы ақәкны Аҩыра ҭиҵаауан. Иара ихаан иҟаз Абиблиа ахәҭақәа ихшыҩ рзышьҭны иҭиҵаауан (Иер. 25:11, 12; Дан. 9:2). Ишԥашәылшо шәара Даниил шәиҿыԥшлар?
8. Избан шьоукы абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыгәра зырымго, насгьы избан ҳара урҭ ҳреиԥшхар зҳахәҭам?
8 Шәмотивқәа шәрызхәыц. Избан шәара аԥааимбаражәақәа зҭышәҵаауа? Аҵабырг еилышәкаарц ахьышәҭаху азоума? Ус акәзар, Иегова хымԥада дшәыцхраауеит (Иоанн 4:23, 24; 14:16, 17). Аха иарбан мотивқәоу ииашаӡам ҳәа ззаҳҳәар ҳалшо? Шьоукы аԥааимбаражәақәа зҭырҵаауа Абиблиа Анцәа иҟынтә акәӡам ҳәа ашьақәырӷәӷәарақәа рыԥшаарц ахьырҭаху азы ауп. Дара ргәы иаанагоит убасҟан уа иану алабжьарақәа ирзымӡырҩӡакәа, рхаҭа ацәгьеи-абзиеи закәу рыӡбалар рылшоит ҳәа. Аха ҳара ииашоу амотивқәа ҳамазар ауп. Уи адагьы абиблиатә ԥааимбаражәақәа еилаҳкааларц азы ҳара ихадоу ҟазшьак ҳалазароуп.
9. Иарбан ҟазшьоу иҳалазар ҳахәҭоу, абиблиатә ԥааимбаражәақәа еилаҳкааларц азы? Иҳаилшәыркаа.
9 Ахынраалара шәылаз. Иегова агәра ҳиргоит ахынраалара злоу дышрыцхраало (Иак. 4:6). Убри аҟынтә ҳара уи ацхыраара ҳаиҭарц азы ҳиҳәалароуп. Ус ҟаҳамҵалар, абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҳзеилкааӡом. Иара убас ҳара еилаҳкаалароуп ианаамҭоу адоуҳатә фатә ҳазҭо узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ида урҭ шаҳзеилымкаауа (Лука 12:42). Иегова — аиҿкаара Анцәа иоуп. Убри азоуп иара Иажәа иану аҵабырг уи амаҵуҩы мацара ила изҳаилиркаауа (1 Кор. 14:33; Еф. 4:4—6).
10. Ишәнарҵозеи Естер лҿырԥшы?
10 Шәгәы ақәкны иҭышәҵаала. Зинтерес шәымоу ԥааимбаражәак алхны уи ҭышәҵаа. Убас ауп Е́стергьы ишыҟалҵаз. Лара Мессиа иаара иазкыз аԥааимбаражәақәа еиҳа еиӷьны еилылкаар лҭахын. Лара илҳәоит: «15-шықәса анысхыҵуаз урҭ аԥааимбаражәақәа Иисус диаанӡа ишҩыз шьақәзырӷәӷәоз сыԥшаарц сыӡбеит». Естер Иԥсу амшын аикәарҳәқәа ирызку аинформациа ҭылҵааит. Уи илҭахыҵәҟьаз акәын! Лара илҳәоит: «Урҭ рҟынтә еикәарҳәқәак Христос диаанӡа иҩын. Ус анакәха уа иану аԥааимбаражәақәа Анцәа иҟынтә ауп». Естер иацылҵоит: «Сызҵаара аҭак еилыскаарц азы сзыԥхьахьаз акырынтә сеиҭаԥхьар акәхеит». Аха лара абриаҟара аџьабаа ахьылбаз дахьымхәӡеит. Абиблиатә ԥааимбаражәақәак ибзианы ианҭылҵаа лара абри аҩыза алкаа ҟалҵеит: «Сара еилыскааит Абиблиа агәрагара ишаԥсоу!»
11. Избан Абиблиа иану зегь шиашоу агәра ганы ҳаҟазар зхадоу?
11 Абиблиа иану ԥааимбаражәақәак шынаӡахьоу анаҳбо Иегова еиҳагьы игәра агара ҳалагоит. Уи адагьы иҳаиҭо анапхгара ҳамшәаӡакәа ҳақәныҟәалоит. Иара убас аԥааимбаражәақәа ҳацхраауеит, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, ҳгәы камыжьӡакәа ԥхьаҟа аԥшра. Шәааи иахьа ҳабла ишабо анаӡара иаҿу Даниил ишәҟәы иану ҩ-ԥааимбаражәак иааркьаҿны ҳрылацәажәап. Урҭ рҵакы еилаҳкаар, иҟәыӷоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалоит.
ИЗБАН АИХЕИ АНЫШӘАԤШЬИ ИРЫЛХУ АШЬАПСЫРГӘЫҴАҚӘА РҴАКЫ ҲДЫРУАЗАР ЗХАДОУ?
12. Иаадырԥшуазеи «итатаз анышәаԥшь злаз аиха» иалху ашьапсыргәыҵақәа? (Даниил 2:41—43).
12 Шәаԥхьа Даниил 2:41—43. Навуходоносор ԥхыӡла абаҟа дуӡӡа ибеит, уи ашьапсыргәыҵақәа «итатаз анышәаԥшь злаз аиха» иалхын. Ари аԥааимбаражәеи ашәҟәқәа Даниили Аатреи рҿы иану егьырҭ аԥааимбаражәақәеи еиҿҳарԥшыр, еилаҳкаар ҳалшоит ашьапсыргәыҵақәа адунеи аҿы ихадоу аҭыԥ аанызкыло Англо-Америкатәи амчра шаанарԥшуа. Уи амчра иазкны Даниил иҳәеит «уи аҳрагьы џьара-џьара иӷәӷәазаауеит, џьара-џьара иԥсыҽзаауеит». Избан уи џьара-џьара изыԥсыҽзаауа? Избанзар итатоу анышәаԥшь ала иаарԥшу иаҳбац ауаа урҭ аҳәынҭқаррақәа ирԥырхагоуп аиха еиԥш иӷәӷәоу рымч ишырҭаху еиԥш аарԥшра b.
13. Иарбан ихадоу ҵабыргу еилаҳкаауа абаҟа иазку аԥааимбаражәа аҵакы бзианы иаҳдыруазар?
13 Даниил абаҟа — еиҳараӡак уи ашьапсыргәыҵақәа — дышрыхцәажәаз ихадоу ак ҳаилнаркаауеит. Актәи, Англо-Америкатәи адунеизегьтәи амчра амч ӷәӷәа амоуп, уи зныкымкәагьы иаанарԥшхьеит. Иаҳҳәап, уи Актәии Аҩбатәии адунеизегьтәи аибашьрақәа раан аиааира агараҿы ихадоу ароль нанагӡеит. Аха урҭ аҳәынҭқаррақәа рымч атәылауаа идырԥсыҽуеит. Дара аҳәынҭқаррагьы иаҿагылоит, дара-дарагьы еиҿагылоит. Аԥхьаҟагьы аҭагылазаашьа убас иҟазаауеит. Аҩбатәи, Анцәа Иаҳра ауаатәыҩсатә ҳәынҭқаррақәа зегьы рҵыхәтәа аныԥнаҵәо аамҭазы, ари адунеизегьтәи амчра акәзаауеит напхгара зуло. Егьырҭ ажәларқәа Англо-Америкатәи адунеизегьтәи амчра аҭыԥ аанкылара ишашьҭоугьы, дара уи рылшаӡом. Анцәа Иаҳра аазырԥшуа «ахаҳә» Великобританиеи Еиду Аштатқәеи реидгыла аазырԥшуа ашьапсыргәыҵақәа иахьраахо уи ус шакәу ҳаилнаркаауеит (Дан. 2:34, 35, 44, 45).
14. Ишԥаҳацхраауеи аихеи анышәаԥшьи ирылху ашьапсыргәыҵақәа ирызку аԥааимбаражәа аилкаара иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара?
14 Агәра ганы шәыҟоума аихеи анышәаԥшьи ирылху ашьапсыргәыҵақәа ирызку Даниил иԥааимбаражәа анаӡара ишаҿу? Агәра ганы шәыҟазар, уи шәыԥсҭазаара ианыԥшлоит. Шәара иаарласны иқәӡаауа ари адунеи аҿы амал аизгара шәашьҭалаӡом (Лука 12:16—21; 1 Иоанн 2:15—17). Иара убас ари аԥааимбаражәа еилышәкаауазар, уи ишәнарбоит уажәы зегь раасҭа ихадоу Анцәа Иаҳра аӡбахә ауаа рзеиҭаҳәареи Христос иҵаҩцәаны аҟалара рыцхраареи шакәу (Матф. 6:33; 28:18—20). Ари аԥааимбаражәа анҭышәҵаалак шәхы шәазҵаа: «Агәра ганы сыҟоума Анцәа Иаҳра иаарласны ауаатәыҩсатә ҳәынҭқаррақәа зегь рҵыхәтәа шыԥнаҵәо? Ирныԥшуама уи исыдыскыло аӡбарақәа?»
ИШԤАНЫԤШУЕИ ШӘЫԤСҬАЗААРА АҨАДАТӘИ АҲИ АЛАДАТӘИ АҲИ РНАПХГАРА?
15. Иазусҭцәада иахьа «аҩадатәи аҳ», насгьы «аладатәи аҳ»? (Даниил 11:40).
15 Шәаԥхьа Даниил 11:40. Даниил 11-тәи ахаҿы ҩыџьа «аҳцәа», мамзаргьы аполитикатә мчрақәа рыӡбахә ануп. Дара амчра еимаркуеит, адунеи зегь рнапахьы аагара иашьҭоуп. Ари абиблиатә ԥааимбаражәеи егьырҭ аԥааимбаражәақәеи еиҿҳарԥшыр, еилаҳкаар ҳалшоит «аҩадатәи аҳ» — Урыстәылеи уи иадгыло аҳәынҭқаррақәеи шракәу, «аладатәи аҳ» — Англо-Америкатәи адунеизегьтәи амчра шакәу c.
16. Иарбан ԥышәарақәоу изықәшәо «аҩадатәи аҳ» напхгара ахьиуа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа?
16 «Аҩадатәи аҳ» напхгара ахьиуа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа гәаӷшақә ирызныҟәоит. Иегова ишаҳаҭцәа шьоукы Анцәа дахьхарҵо азы ирыпҟоит абахҭагьы иҭаркуеит. Аха «аҩадатәи аҳ» ҳашьцәа рыршәара илшаӡом. Урҭ рхаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит. Избан? Избанзар дара ирбоит Даниил иԥааимбаражәа ишану еиԥшҵәҟьа зегьы анаӡара ишаҿу (Дан. 11:41) d. Ҳаргьы уи ҳхаҳмыршҭуазар, ҳгәыӷра ҳарӡӡом Иегова гәыкала ҳшизыҟоугьы ҳаанхоит.
17. Иарбан ԥышәарақәоу изықәшәо «аладатәи аҳ» инапхгара аҵаҟа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа?
17 Уаанӡа «аладатәи аҳгьы» Анцәа ижәлар иаартны дырҿагылон. Иаҳҳәап, XX-тәи ашәышықәса актәи азбжазы аишьцәа ԥыҭҩык анеитралитет ахьырыхьчоз азы абахҭақәа ирҭаркуан, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа рхәыҷқәа шьоукы ашколқәа ирҭырцон. Аха аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа, уи аҳ инапхгара аҵаҟа инхоз Иегова имаҵзуҩцәа даҽа ԥышәарақәак ирықәшәоит. Урҭ иаразнак иузгәамҭар ауеит. Иаҳҳәап, алхратә кампаниақәа раан ақьырсиан аполитикатә партиак, ма кандидатк иган аанкылара иҭаххар ауеит. Иҟалап иара ибжьы имҭиир, аха игәи ихшыҩи рҿы аӡә иган ааникылахьазар. Шаҟа ихадоузеи аполитикатә неитралитет ҳусқәа рҿы адагьы, ҳхәыцрақәеи ҳцәаныррақәеи рҿгьы иҳахьчалар! (Иоанн 15:18, 19; 18:36).
18. Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи реиҿагылара? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
18 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыгәра зымго ауаа аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи реиҿагылара агәҭынчымра ӷәӷәа рызцәырнагоит (Дан. 11:40). Урҭ аҳцәа рҩыџьагьы адгьыл аҿы зыԥсы ҭоу зегьы рықәгара иазхаша аиадертә бџьар рымоуп. Аха ҳара иаҳдыруеит Иегова уи аҩыза ҟалар шимуа (Ис. 45:18). Убри аҟынтә аҩадатәи аҳи аладатәи аҳи реиҿагылара ҳаршәаӡом. Уи еиҳагьы ҳхаҵара арӷәӷәоит. Уи ишьақәнарӷәӷәоит ари адунеи аҵыхәтәа зынӡа ишааигәоу.
АБИБЛИАТӘ ԤААИМБАРАЖӘАҚӘА РЫҬҴААРА ШӘАҞӘЫМҴЛАН
19. Иаҳдыруазар ҳахәҭоузеи абиблиатә ԥааимбаражәақәа ирызкны?
19 Ҳара иҳаздырӡом абиблиатә ԥааимбаражәақәак шынаӡо. Аԥааимбар Даниилгьы ииҩуаз аҵакы зегь издырӡомызт (Дан. 12:8, 9). Аха ҳара ԥааимбаражәак аҵыхәтәанынӡа иаҳзеилымкаауазар, уи наӡаӡом ҳәа аанагаӡом. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп иаҳдыруазар ҳахәҭоу Иегова ианаамҭоу ишаҳзааиртуа. Избанзар иара еснагь убас ауп ишыҟаиҵоз (Ам. 3:7).
20. Иарбан угәы зырхыҭхыҭуа абиблиатә ԥааимбаражәақәоу иаарласны инаӡараны иҟоу, насгьы иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи анаҩсгьы?
20 Иааиуеит аамҭа «Абар аҭынчра! Ашәарҭара ыҟаӡам!» ҳәа ауаа ианрыларҳәо (1 Фес. 5:3). Нас адунеизегьтәи аполитикатә напхгаҩцәа амцдинхаҵара иақәланы иқәыргоит (Аат. 17:16, 17). Уи ашьҭахь дара Анцәа имаҵзуҩцәа ирықәлоит (Иез. 38:18, 19). Нас аибашьра Армагеддон алагоит (Аат. 16:14, 16). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит арҭ ахҭысқәа иаарласны ишыҟало. Уи аамҭа ааиаанӡа, шәааи абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалап, насгьы егьырҭ урҭ рҵакы аилкаара ҳрыцхраалап. Убри ала бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб иахь аџьшьара ааҳарԥшуеит.
АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит
a Ари адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аицәахара ишаҿугьы, аԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шаҳзыԥшу агәра ҳгоит. Ҳара абиблиатә ԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаауеит, убри аҟынтә уи агәра ганы ҳаҟоуп. Ари астатиаҿы ҳалацәажәоит Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа ҭаҳҵаалар зхадоу. Иара убас Даниил ииҩыз ҩ-ԥааимбаражәак иааркьаҿны ҳрылацәажәоит, насгьы урҭ рҵакы аилкаара зхадоу ҳахәаԥшуеит.
b Шәахәаԥш 2012 шықәса, ииун 15 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Иегова открывает, „что вскоре должно произойти“», адаҟьақәа 15—16, абзацқәа 7—9.
c Шәахәаԥш 2020 шықәса, маи мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Дызусҭада иахьа „аҩадатәи аҳ“?», адаҟьақәа 12—13, абзацқәа 3, 4.
d Шәахәаԥш 2020 шықәса, маи мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Дызусҭада иахьа „аҩадатәи аҳ“?», адаҟьақәа 13—14, абзацқәа 7—9.