АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35
Ачҳара анаҩсгьы шәарԥшӡалааит!
«Ишәшәышәҵа... ачҳара» (КОЛ. 3:12).
АШӘА 114 Ачҳара аашәырԥшла
АХҲӘАА a
1. Избан ачҳара злоу ауаа зышәгәаԥхо?
ҲАРА зегьы ачҳара злоу ауаа ҳгәаԥхоит. Ҳара пату рықәаҳҵоит ачҳара аарԥшны, акы азыԥшышьа здыруа ауаа. Агхақәа анҳахьуа, ҳара ҳахь ачҳара аазырԥшуа рыхә ҳаракны иаҳшьоит. Иара убас Абиблиа ҳзырҵоз аиашьа ма аиаҳәшьа ачҳара ахьаадырԥшуаз ҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Избанзар ҳара абиблиатә ҵабыргқәа иаразнак ианаҳзеилымкаауазгьы, ма урҭ иаразнак ҳхы ианаҳмырхәозгьы, акгьы шәылҵӡом ҳәа ҳаанырмыжьӡеит. Аха зегь раасҭа ҭабуп ҳәа заҳҳәо, ҳара ҳахь ачҳара дуӡӡа аазырԥшуа Ҳанцәа Иегова иоуп! (Рим. 2:4).
2. Иарбан ҭагылазаашьақәоу ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьахар ахьалшо?
2 Аха аиаша уҳәозар, ҳара ачҳара злоу ауаа шаҳгәаԥхогьы, ҳхаҭа ачҳара аарԥшра анҳзымариам ыҟоуп. Иаҳҳәап, амҩаду аҿы апробкаҿ ҳангылоу, ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьахар ауеит, еиҳараӡак џьара ҳаццакуазар. Мамзаргьы аӡәы иаҳгәамԥхо акы аныҟаиҵо ҳаԥсахы еибакыр алшоит. Уи адагьы, ҳара ҳгәы иаанагалар ауеит, Иегова ҳзықәиргәыӷыз адунеи ҿыц уаҳа имааит ҳәа. Ишәҭахума шәара еиҳа ачҳара шәылазар? Ари астатиаҿы ҳара ачҳара ҳалацәажәоит, насгьы уи зхадоу еилаҳкаауеит. Иара убас уи аҟазшьа еиҳа еиӷьны аарԥшра иҳацхраауагьы еилаҳкаауеит.
ИААНАГОЗЕИ АЧҲАРА ААРԤШРА?
3. Ихы шԥамҩаԥиго ачҳара злоу ауаҩы, игәы ԥыржәарц ианашьҭоу?
3 Шәааи ауаҩы ачҳара шилоу узырбо ԥшь-ганк ҳрылацәажәап. Актәи, ачҳара злоу ауаҩы агәыԥжәара иҽеиҭаӡом. Иара игәы ԥыржәарц ианашьҭоугьы, астресс анимоугьы агәҭынчра ирӡӡом, насгьы ишьа иуӡом. Иегова уи аҿы аҿырԥш бзиа ҳаиҭоит. Иара ирласны игәы ԥжәаӡом. Анцәа ихазы иҳәеит «арыцҳашьареи, ақьиареи, ачҳареи злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу» шиакәу (Ақәҵ. 34:6). «Ачҳара злоу» ҳәа ара еиҭагоу ажәа еиҭагақәак рҿы «агәыԥжәара иахымыццакуа» ҳәа еиҭагоуп.
4. Ихы шԥамҩаԥиго ачҳара злоу ауаҩы акы ианазыԥштәу?
4 Аҩбатәи, ачҳара злоу ауаҩы акы азыԥшышьа идыруеит. Уск иара дшазыԥшыз еиԥш акәымкәа, еиҳаны аамҭа аҭаххазар, иара дгәамҵӡом, иԥсахгьы еибакӡом (Матф. 18:26, 27). Акы азыԥшра анаҭаху аҭагылазаашьақәа даара ирацәоуп. Иаҳҳәап, аӡәы акы анаҳзеиҭеиҳәо, иажәа ԥымҟаӡакәа ибзианы ҳаизыӡырҩлароуп (Иов 36:2). Иара убас Абиблиа зҳарҵо ауаҩы рҵарак аилкаара, ма иҽеим шьцыларак акажьра ҳаницхраауа ачҳара ҳҭахуп.
5. Дызлоудыруазеи иҵегьы ачҳара злоу ауаҩы?
5 Ахԥатәи, ачҳара злоу ауаҩы дыццакы-ццакуа акгьы ҟаиҵаӡом. Ҳәара аҭахума, аԥсҭазаараҿы аамҭа ангатәым аҭагылазаашьақәагьы ыҟоуп. Аха ачҳара злоу ауаҩы ихадоу дҵак аниоулак, уи дымхәыцӡакәа ахьышәҭҳәа далагаӡом, насгьы уи дыццакы-ццакуа иҟаиҵаӡом. Иара зегьы ибзианы дазхәыцны еиҿикаарц азы шаҟа аҭаху аамҭа азалихуеит. Анаҩс адҵа анагӡара шаҟа аҭаху аамҭа азикуеит.
6. Ихы шԥамҩаԥиго ачҳара злоу ауаҩы, ауадаҩрақәа данрықәшәо?
6 Аԥшьбатәи, ачҳара злоу ауаҩы дымгәамҵӡакәа ауадаҩрақәа рыхгара иҽазишәоит. Уа ачҳара алаӡара иеиԥшуп. Ҳәарада, уҩыза гәакьа угәҭыхақәа изеиҭаҳәара цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха ачҳара злоу ауаҩы иԥсҭазаараҿы иҟоу абзиарақәа гәеиҭоит, насгьы агәырӷьара мырӡкәа ауадаҩрақәа рыхгара иҽазишәоит (Кол. 1:11). Ҳара, ақьырсианцәа, иаҳҭахуп ачҳара злоу ауаҩы егьырҭ ауаа дызларылукаауа еиқәыҳаԥхьаӡаз ԥшь-ганк ҳалазарц. Избан? Шәааи мзызқәак ҳрылацәажәап.
АЧҲАРА АБРИАҞАРА ИЗХАДОУ
7. Иаков 5:7, 8 иану инақәыршәаны, избан ачҳара абриаҟара изхадоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
7 Ачҳареи аиқәырхареи иузеиҟәымго еидҳәалоуп. Ажәытәан инхоз Анцәа гәыкала изыҟаз имаҵзуҩцәа ачҳара аарԥшны иқәыргәыӷрақәа зегьы анынаигӡо аамҭа иазыԥшын. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп (Аур. 6:11, 12). Абиблиа ақьырсианцәа ргәазҭанаҵоит адгьылқәаарыхҩы иҿыԥшларц. (Шәаԥхьа Иаков 5:7, 8.) Адгьылқәаарыхҩы дмаашьаӡакәа ажәла леиҵоит, нас адгьыл аӡы ақәиҭәоит. Аха илеиҵаз анаауа амш алкаан издырӡом. Убри аҟынтә иара ачҳара аарԥшны дыԥшуп, насгьы аҽаҩра шҭеигало агәра ганы дыҟоуп. Ҳаргьы ҳусқәа рацәоуп — Христос идҵа ҳгәы ақәкны инаҳагӡоит, уи «данаауа амш» шаҳзымдыруагьы (Матф. 24:42). Ҳара ачҳара аарԥшны ҳаԥшуп, насгьы агәра ганы ҳаҟоуп, Иегова иалихыз аамҭазы иқәыргәыӷрақәа зегьы шынаигӡо. Аха ачҳара ҳцәыӡыр аԥшра ҳцәыцәгьахоит, Иеговагьы ҳаицәыхарахоит, мамзаргьы ҳгәаҳәарақәа рынагӡара ҳашьҭалоит. Аха ачҳара ҳалазар, аҵыхәтәанынӡа зегь ҳхаҳгоит, ҳахгьы еиқәҳархоит (Мих. 7:7; Матф. 24:13).
8. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара ҳааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазарц? (Колоссаа рахь 3:12, 13).
8 Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳааигәа иҟоу ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа бзиазаауеит. Уи аҟазшьа ҳацхраауеит ак анаҳзеиҭарҳәо зҿлымҳарыла аӡырҩра (Иак. 1:19). Иара убас ачҳара ҳалазар, аҭынчра ҳашьҭазаауеит. Уи ҳалазар, ҳамхәыцӡакәа ҳцәажәалаӡом. Астресс анҳамоугьы аӡәы игәы изырхьуа ҳҳәаӡом. Ачҳара ааҳарԥшуазар, ҳара ҳгәы анҳдырхьуагьы ҳаԥсахы еибаклаӡом. Ҳара ҳшьа ҳауӡом. Уи аҭыԥан абри абиблиатә мҩақәҵара ҳақәныҟәоит: «Аӡәи-аӡәи шәеибачҳала, гәык-ԥсыкала шәыгхақәа шәанеибажьла». (Шәаԥхьа Колоссаа рахь 3:12, 13.)
9. Ишԥаҳацхраауеи ачҳара аӡбарақәа анҳадаҳкыло? (Ажәамаанақәа 21:5).
9 Ҳара ачҳара ҳалазар, уи иҳадаҳкыло аӡбарақәа ирныԥшуеит — урҭ акырӡа еиӷьхоит. Ҳара ҳаццакы-ццакуа, ма ҳемоциақәа ишҳаҵарҳәо еиԥш аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом. Уи аҭыԥан иҳамоу авариантқәа зегьы ҳрызхәыцны аӡбара ҳадаҳкылоит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 21:5.) Иаҳҳәап, ҳара аусура ҳашьҭоуп. Иҟалап раԥхьа иҳадыргало аусура ақәшаҳаҭхара ҳазхиазар, аизарақәа рыбжьажьреи еиҳа имаҷны ажәабжь аҳәареи ҳақәшәаргьы. Аха ачҳара ҳалазар, еиуеиԥшым аганқәа ҳрызхәыцуеит. Иаҳҳәап, ҳусура ҭыԥ шаҟа ихароу, шаҟа аамҭа аус улатәхо, насгьы уи ҳҭаацәареи ҳдоуҳатә гәабзиареи ишырныԥшуа. Ҳара ачҳара ҳалазар, ҳзыхьхәуа аӡбарақәа ҳадаҳкылалаӡом.
ЕИҲА АЧҲАРА ААҲАРԤШЛАРЦ АЗЫ ИҞАҴАЛАТӘУ
10. Ицхраауазеи ақьырсиан ачҳара змоу уаҩны аҟалареи уи аҟазшьа амырӡреи?
10 Анцәа ачҳаразы шәиҳәала. Ачҳара иԥшьоу адоуҳа еизнарҳауа аҟазшьақәа ируакуп (Гал. 5:22, 23). Ус анакәха, ҳамч мацарала уи аҟазшьа бзиа ҳзеизырҳаӡом. Ҭагылазаашьак аҿы ачҳара аарԥшра ҳцәыцәгьазар, Ҳаб иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәоит (Лука 11:9, 13). Уи адагьы, ҳара Иегова ихәаԥшышьа ҳаурц азы ҳиҳәалар ҳалшоит. Анаҩс, Анцәа ҳаниҳәалак ашьҭахь, ачҳара ааҳарԥшларц азы есыҽны ҳхы аџьабаа адаҳбалалароуп. Ачҳаразы шаҟа Анцәа ҳиҳәо, насгьы уи аҟазшьа шаҟа иааҳарԥшуа аҟара, убриаҟара ибзианы иҳалаҳааӡоит. Убасала, ачҳара злоу уаҩны ҳҟалоит.
11, 12. Ишԥааирԥшуеи Иегова ачҳара?
11 Абиблиа иану аҿырԥштәқәа шәрызхәыцла. Абиблиа аҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны ауаа рыӡбахә ануп. Урҭ рыԥсҭазаара ҳазхәыцыр, иаҳҵо рацәоуп. Аха урҭ рыӡбахә ҳалацәажәаанӡа, шәааи, зегь раасҭа ачҳара аазырԥшуа Иегова иӡбахә ҳалацәажәап.
12 Едемтәи абаҳчаҿы Аҩсҭаа Иегова ихьӡ ирџьеит, насгьы иара ауаа бзиа имбошәа, ииашамкәа дрызныҟәошәа изиҳәеит. Иегова ацәгьа изызҳәаз иаразнак дықәимгаӡеит, иара ачҳареи аҽынкылареи ааирԥшит. Анцәа еиликаауан: инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу ашьақәырӷәӷәаразы аамҭа шаҭаххоз. Абар зқьышықәсақәа ҵуеит, Аҩсҭаа Анцәа дларҟәны изиҳәо зегь ичҳауеижьҭеи. Уи адагьы, Иегова иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа наӡаӡа анхаразы алшара роур иҭахуп, убри аҟынтә ачҳара ааирԥшуеит (2 Пиотр 3:9, 15). Уи абзоурала миллионҩыла ауаа иҩызцәахеит. Ҳара Иегова ачҳара зааирԥшуа ҳхаҳмыршҭуазар, ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәа азыԥшра еиҳа иаҳзымариахоит.
13. Избан Иисус Иаб диҿыԥшны, иара иеиԥшҵәҟьа ачҳара ааирԥшуан ҳәа ҳҳәар зҳалшо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
13 Иисус Иаб диҿыԥшны, иара иеиԥшҵәҟьа ачҳара ааирԥшуан. Иара адгьыл аҿы амаҵ аниуаз ачҳара аарԥшра анымариамызгьы ыҟан, еиҳараӡак ҩ-цәак зхарԥаз азакәанрҵаҩцәеи афарисеицәеи иареи реицәажәарақәа раан (Иоанн 8:25—27). Аха Иисус Иаб иеиԥш агәыԥжәара дахыццакӡомызт. Иара иҟоу зегьы анизырҳәоз, дара дреиԥшны аҭак риҭаӡомызт, насгьы аимак-аиҿак даларгалар иуӡомызт (1 Пиотр 2:23). Иара ачҳара аарԥшны дымгәамҵӡакәа ауадаҩрақәа зегь ихигон. Абиблиаҿы ус баша ианӡам: «Шәазхәыц, агәнаҳаҟаҵаҩцәа иҟоу зегь шизырҳәозгьы, ачҳара аарԥшны уи зхызгаз иҿырԥшы» (Аур. 12:2, 3). Иегова ицхыраарала ҳаргьы ҳауадаҩрақәа зегь ҳхаҳгар ҳалшоит.
14. Иаҳнарҵозеи Авраам иааирԥшуаз ачҳара? (Ауриацәа рахь 6:15). (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Иҟалап шәара ари адунеи аҵыхәтәа шәазыԥшуижьҭеи акыр ҵуазар, насгьы уи шәахаанымхар ҳәа шәшәозар. Ишәыцхраауазеи ачҳара аарԥшны аԥшра? Авраам иҿырԥшы. Иара 75 шықәса анихыҵуаз ахәыҷқәа шимамызгьы, Иегова абас иеиҳәеит: «Сара ажәлар ду ухылҵыртә еиԥш иҟасҵоит» (Аҟаз. 12:1—4). Дахаанхама Авраам уи ақәыргәыӷра анаӡара? Ааи ҳәа ҳазҳәаӡом. Иара аӡиас Евфрат даныр 25 шықәса рышьҭахь ауп аԥа Исаак даниоу. Уи џьашьахә дуун. Даҽа 60 шықәса рышьҭахь имоҭацәа Исави Иакови иит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 6:15.) Аха Авраам ихылҵыз жәлар дууны ианыҟала, насгьы Изқәыргәыӷыз адгьыл анроу аамҭа дахаанымхаӡеит. Ус ишыҟазгьы Авраами Иеговеи реизыҟазаашьақәа бзиан (Иак. 2:23). Авраам иԥсы анҭалалак еиликаауеит, иааирԥшыз ахаҵаре́и ачҳареи рыбзоурала Иегова ажәларқәа зегь дшырзылԥхаз (Аҟаз. 22:18). Шаҟа деигәырӷьозеи иара уи! Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? Иҟалап ҳаргьы Иегова иқәыргәыӷрақәа зегь шынаӡо иахьа иҳамбар. Авраам иеиԥш, ҳаргьы ачҳара ааҳарԥшуазар, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова уажәнатә дшаҳзылԥхо, адунеи ҿыц аҿгьы еиҳагьы гәыҭбаарыла дшаҳзылԥхо (Марк 10:29, 30).
15. Иҭаҳҵаар ҳалшозеи ҳхатә ҭҵаара аан?
15 Абиблиаҿы ачҳара аазырԥшуаз ирацәаҩны егьырҭ ауаагьы рыӡбахә ҳәоуп (Иак. 5:10). Ишәылшома урҭ еиҳа еиӷьны рабадырра хықәкыс иқәшәыргылар? b Иаҳҳәап, Давид. Иегова Давид Израиль аҳас даналих, уи зынӡа дқәыԥшын. Аха иара аҳра ҭыԥ иоуаанӡа акыр шықәса дыԥшыр акәхеит. Симеони Аннеи ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Мессиа иаара иазыԥшнаҵы гәыкала Иегова имаҵ руан (Лука 2:25, 36—38). Гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҭоурыхқәа анҭышәҵаауа, шәхы абарҭ азҵаарақәа ашәҭала: «Ицхраазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иарбан хәарҭоу уи изаанагаз? Ишԥасылшо сара уи иҿыԥшра?» Ачҳара аазмырԥшыз ауаа рҭоурыхқәагьы ишәнарҵар алшо рацәоуп (1 Сам. 13:8—14). Шәхы шәазҵаа: «Иԥырхагахазеи ари ауаҩы ачҳара аарԥшра? Иалҵшәахазеи уи?»
16. Иарбан хәарҭоу ачҳара иаанаго?
16 Ачҳара хәарҭас иаанаго шәазхәыцла. Ачҳара злоу ауаҩы анасыԥи агәҭынчреи имоуп. Ус анакәха, ачҳара анааҳарԥшуа ҳемоциатә, насгьы ҳцәеижьтә гәабзиара ҳахылаԥшуеит. Ҳара егьырҭ рахь ачҳара ааҳарԥшуазар, аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьазаауеит. Аизараҿы акзаара ҳамазаауеит. Аӡәы ҳгәы ԥижәарц данашьҭоу ҳаԥсахы еибамкуазар, аҭагылазаашьа еицәаҳтәӡом (Аԥсал. 37:8, албаага; Ажәам. 14:29). Аха зегь раасҭа ихадоу: ачҳара анааҳарԥшуа жәҩантәи Ҳаб еиҳагьы ҳиеиԥшхоит, ҳагьизааигәахоит.
17. Иарбан хықәку иқәҳаргылар ҳахәҭоу?
17 Ачҳара — зеиԥшыҟам ҟазшьоуп, уи иамырԥшӡо уаҩ дыҟаӡам. Ачҳара аарԥшра шымариамгьы, Иегова ицхыраарала уи еиҳа-еиҳа еиӷьны аарԥшра ҳалшоит. Ачҳара аарԥшны адунеи ҿыц ҳазыԥшнаҵы агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит «Иегова ицәшәо, насгьы гәыкала иааирԥшуа абзиабара иақәгәыӷуа илаԥш» шырху (Аԥсал. 33:18). Шәааи ачҳара ҳшәаҳҵап, насгьы уи ахаан иаҳшәаҳамхлап!
АШӘА 41 Суҳәоит, сыҳәара удкыл
a Иахьа адунеи аҿы ауаа ачҳара рызхаӡом. Аха Абиблиа иануп ачҳара ҳшәаҳҵарц. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит ари аҟазшьа абриаҟара изхадоу, насгьы еиҳа ачҳара ааҳарԥшларц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
b Ачҳара аазырԥшуаз ауаа рыӡбахә еиҳаны еилышәкаарц азы иаашәырты «Индекс публикаций Сторожевой башни», ахы «Терпение».