Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
2020 шықәса, ииун мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иаагаз «Иԥшьахааит иԥшьоу Уара ухьӡ» захьӡыз астатиа Иегова ихьӡ ҳаҭыр ду ақәҵара, насгьы иара напхгара аура азин шимоу иазкын. Иарбан еиҭарҿыцу еилкаароу уа зыӡбахә аныз?
Уи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкааит амаалықьцәеи ауааи зҵазкуа аимактә зҵаара акы заҵәык шакәу иҟоу — Иегова ихьӡ дуӡӡа ҳаҭыр ду ақәҵара. Аха азҵаарақәа, Иегова инапхгара зегьы иреиӷьу-иреиӷьму, насгьы ауаа Анцәа гәыкала изыҟалоу-изыҟамлоу, — уи ари азҵаара иамоу ҩ-ганк роуп.
Избан ҳара уажәы иаҵшьны изазгәаҳҭо Иегова ихьӡи уи ҳаҭыр ду ақәҵареи раасҭа еиҳа ихадоу акгьы шыҟам? Шәааи х-мзызк ҳрылацәажәап.
Актәи амзыз, Едемтәи абаҳчаҿы Аҩсҭаа Иегова ихьӡ, мамзаргьы ирепутациа, бжьихит. Ацәгьахәыцра зҵаз зҵаарала уи амаалықь цәгьа иҳәеит Иегова дкаџьбеиушәа, насгьы ихшыҩдоу аԥҟарақәа шьақәыргыланы, Адами Евеи ахақәиҭра рымихуашәа. Нас Аҩсҭаа Иегова ииҳәаз аарҳәны иҳәеит. Иара Анцәа мцҳәаҩык иеиԥш дааирԥшит. Убасала иара Иегова ихьӡ ирџьеит, насгьы Аџьныш иакәны дҟалеит, уи иаанагоит «амцҳәаҩ» (Иоанн 8:44). Ева уи амц агәра ахьылгаз иахҟьаны Анцәа изыӡырҩра даҟәыҵит, убас ала инапхгара даҿагылеит (Аҟаз. 3:1—6). Иахьа уажәраанӡагьы Аҩсҭаа Иегова дызлаҟам ала даарԥшны Анцәа ихьӡ ирџьоит. Ауаҩы уи амц агәра игозар, Иегова дизымӡырҩлар ҟалап. Убри азоуп Анцәа имаҵзуҩцәа Иегова иԥшьоу ихьӡ арџьара зегь иреиҳау иашамроуп ҳәа изырыԥхьаӡо. Анцәа ихьӡ ахьдырџьо иахҟьаны ауп адунеи аҿы агәаҟрақәеи агәырҩеи еиҳараӡак изыҟоу.
Аҩбатәи амзыз, ишамҭақәа зегь раҳаҭыр азы Иегова ихьӡ бзиа хьчаны иазырҳәаз амц аҟынтә ирыцқьоит. Уи Иегова изы зегь раасҭа ихадоуп. Убри азоуп иара изиҳәаз: «Сыхьӡ ду хымԥада иҳараскуеит» (Иез. 36:23). Иисусгьы еилыкка иаҳирбеит Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа зегьы рынцәаиҳәарақәа рҿы актәи аҭыԥ аанызкылалар акәу. Иара иҳәеит: «Ҳаҭыр ду ақәзааит уара ухьӡ» (Матф. 6:9). Абиблиа аҿы зныкымкәа иаҵшьны иазгәаҭоуп Иегова ихьӡ арҽхәара шаҟа ихадоу. Иааҳгап ҿырԥштәқәак. «Иегова ихьӡ зыԥсоу ахьӡ-аԥша ишәҭ» (1 Аш. 16:29; Аԥсал. 96:8). «Иара ихьӡ ҳарак ашәала ишәырҽхәала» (Аԥсал. 66:2). «Ухьӡгьы наӡаӡа иҳарасклоит» (Аԥсал. 86:12). Иегова ихаҭа ажәҩан аҟынтә ибжьы анга ахҭысқәа руак ҟалеит Иерусалимтәи аныҳәарҭаҿы. Уаҟа Иисус Иаб абас диҳәеит: «Саб, ирҳарак ухьӡ». Иеговагьы абас аҭак ииҭеит: «Иҳараскхьеит, иҵегьы иҳараскуеит» (Иоанн 12:28) a.
Ахԥатәи амзыз, Иегова игәҭакы анаӡара ихьӡ, мамзаргьы ирепутациа, иузаҟәымго иадҳәалоуп. Шәааи ҳазхәыцып: иҟалозеи Христос Зқьышықәсатәи инапхгара анҵәамҭазы, насгьы ауаа аҵыхәтәантәи аԥышәара анырхыргалак ашьҭахь? Ишԥазыҟазаауеи усҟан амаалықьцәеи ауааи Иегова ихьӡ? Арҭ азҵаарақәа
рҭак еилаҳкаарц азы, Иегова ихьӡ ҳаҭыр ду ақәҵара иадҳәалоу зегь реиҳа ихадоу азҵаара иамоу ҩ-ганк ҳгәалаҳаршәап: гәыкала изыҟазаауама ауаа Иегова, насгьы зегьы иреиӷьума иара инапхгара. Ишьақәдырӷәӷәар акәхома ауаа Анцәа гәыкала ишизыҟоу? Мап. Дара наӡазаауеит, насгьы аҵыхәтәантәи аԥышәара ирхыргахьоу ак акәхоит. Раԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара рзыԥшызаауеит. Ишьақәырӷәӷәатәхома Иегова инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу? Уигьы мап. Усҟан ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы ашамҭақәа зегьы акзаара рыбжьазаауеит, насгьы Анцәа инапхгара иазыӡырҩлоит. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова ихьӡ иазкны?Усҟан Иегова ихьӡ зегьы рзы иԥшьазаауеит, насгьы иазырҳәоз амц аҟынтә ирыцқьахоит. Аха Иегова ихьӡ усҟангьы ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа рыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылалоит. Избан? Избанзар дара ирбалоит Иегова иџьашьахәу аусқәа анаҩсгьы ишыҟаиҵало. Иисус ахынраалара аарԥшны амчра зегь Иегова изирхынҳәуеит, убри аҟынтә «Анцәа зегьы рзы зегь иакәны» дҟалоит (1 Кор. 15:28). Уи ашьҭахь адгьыл иқәынхало ауаа «Анцәа ихәыҷқәа ирымоу зеиԥшыҟам ахақәиҭра» роуеит (Рим. 8:21). Убас ала Иегова игәҭакы наигӡоит — амаалықьцәагьы ауаагьы акзаара зыбжьоу ҭаацәара дукны еидикылоит (Еф. 1:10).
Иарбан цәаныррақәоу ироуа Иегова иҭаацәара абри зегь аныҟалалак? Ҳәара аҭахума ҳара иаҳҭаххоит — агәаҳәара дугьы ҳамазаауеит — анаҩсгьы зеиԥшыҟам Иегова ихьӡ арҽхәара. Уи иазкны аԥсаломшәаҳәаҩ Давид иԥшьоу адоуҳа абас инарҳәеит: «Ддырҽхәалааит Анцәа Иегова... Иҳарарклааит ахьӡ-аԥша змоу ихьӡ наӡаӡа» (Аԥсал. 72:18, 19). Иегова иџьашьахәу аусқәа наӡаӡа иҟаиҵалоит, убри аҟынтә иусқәеи иареи ҳааҟәымҵӡакәа иџьаҳшьалоит.
Иегова ихьӡ иара дзеиԥшроу аанарԥшуеит. Ҳара Анцәа ихьӡ ҳаназхәыцуа ибзиабара ҳхахьы иааиуазар ҟалап (1 Иоанн 4:8). Ҳара еснагь иаҳгәалашәалоит Иегова ҳара ҳахь абзиабара дуӡӡа шааирԥшыз ҳаниша, агәнаҳа аҟынтә ҳанҿих, насгьы инапхгара зегь раасҭа ишеиӷьу анышьақәирӷәӷәа. Уи адагьы иара ҳара ҳахь абзиабара ӷәӷәа шааирԥшло анаҩсгьы иаҳбалоит. Ҳара жәҩантәи Ҳаб изааигәахареи хьӡи-ԥшеи змоу ихьӡ арҽхәареи наӡаӡа агәахәара ҳзаанагалоит (Аԥсал. 73:28).
a Абиблиа иаҳнарбоит Иегова иҟаиҵо зыҟаиҵо ихьӡ аҳаҭыр азы шакәу. Иаҳҳәап, иара имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит, дрыцхраауеит, еиқәирхоит, рыгәнаҳақәа ранаижьуеит, иара убас рыԥсҭазаара ихьчоит. Убри зегь зыҟаиҵо ихьӡ дуӡӡа — Иегова — аҳаҭыр азы ауп (Аԥсал. 23:3; 31:3; 79:9; 106:8; 143:11).