Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44

АШӘА 33 Угәырҩа Иегова идҵа

Аиашамра ҳанақәшәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша

Аиашамра ҳанақәшәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша

«Ацәгьара уиааиртә алумыршан, ацәгьара абзиарала уаиааила» (РИМ. 12:21).

ЕИЛАҲКААУА

Ииашамкәа ианҳазныҟәо ҳхы мҩаԥаҳгалар шҳахәҭоу, насгьы аҭагылазаашьа еицәаҳамтәырц азы иҟаҵалатәу.

1, 2. Ҳхы шԥаҳбо, ииашамкәа ианҳазныҟәо?

 ИИСУС аԥҳәысеиба илызку ажәамаана еиҭеиҳәеит. Лара аӡбаҩ лус иашаны иӡбарц азы диҳәон. Иисус иҵаҩцәа уи аԥҳәыс ибзианы деилыркаауан, избанзар уи аамҭазы ирацәаҩны ауаа аиашамра иақәшәон (Лука 18:1—5). Уи аҩыза иахьагьы иҟоуп, зны-зынла ҳара зегьы аиашамра ҳақәшәоит.

2 Иахьа аӡәырҩы егьырҭ ауаа атәарбаӡом, ақьиара рылаӡам, икаҷбеиқәоуп. Убри аҟынтә ари адунеи аҿы ииашамкәа ианҳазныҟәо, уи џьаҳшьаӡом (Еккл. 5:8). Аха аизараҿы уи аҩыза ҳақәшәар, ҳгәы каҳар алшоит. Ҳәарада, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаӷацәа ракәӡам. Урҭ ҳгәы ҳдырхьыргьы, уи цасҳәа акәӡам ишыҟарҵо, аха рынамӡара иахҟьаны ауп. Аха уеизгьы уи ҳгәы ҳнархьуеит. Иҳацхраар алшозеи ҳцәаныррақәа риааира? Иисус иҿырԥшы. Ҳара еилҳаргоит иаӷацәа ииашамкәа ианизныҟәоз ихы шымҩаԥигоз. Ҳара ақьырсианцәа зцәымӷу ауаа рахь ачҳара ааҳарԥшлар ҳахәҭазар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь еиҳагьы уи ааҳарԥшлароуп. Иарбан цәаныррақәоу Иегова изцәырҵуа, аизараҿы, мамзаргьы уи анҭыҵ аиашамра ҳанақәшәо? Игәы ихьуама ҳара ҳзы?

3. Иабантәиҳдыруеи Иегова ауаа шҳазныҟәо хьаас ишимоу?

3 Анцәа аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо зегь ибоит. Иара егьырҭ ауаа шҳазныҟәо хьаас имоуп. «Иегова аиашара бзиа ибоит» (Аԥсал. 37:28). Иисус иҳәеит иазалху аамҭазы Анцәа аиашамра иақәшәо зегьы дышрыцхраауа (Лука 18:7, 8). Иаарласны Иегова агәаҟрақәа зегьы рҵыхәтәа ԥиҵәоит. Уи ашьҭахь аиашамра ҳақәшәар уаҳа ахаан иуӡом (Аԥсал. 72:1, 2).

4. Дышԥаҳацхраауеи Иегова, аиашамра ҳанақәшәо?

4 Уи иашоуп, Иегова ҳауадаҩрақәа зегь аниӡбо аамҭа ааиаанӡа иԥштәуп (2 Пиотр 3:13). Аха иара уажәнатә дҳацхраауеит. Анцәа иаҳирҵоит ииашамкәа аӡәы данҳазныҟәо, ҳҭагылазаашьа еицәаҳамтәырц азы ҳхы шымҩаԥаҳгалаша. Уи азы иара адгьыл ахь Иԥа дааишьҭит. Иисус ииашамкәа ауаа анҳазныҟәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит. Уи адагьы, Анцәа иҳахәаша алабжьарақәа ҳаиҭоит. Урҭ аиашамра ҳанақәшәо ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит.

АИАШАМРА ҲӘАНАҚӘШӘО АҬАГЫЛАЗААШЬА ШЕИЦӘАҲАМТӘЫША

5. Избан аиашамра ҳанақәшәо ҳгәаҳҽанызар зҳахәҭоу?

5 Аиашамра ахьаа ӷәӷәа ҳзаанагар ауеит, ҳагәгьы канажьыр алшоит (Еккл. 7:7). Иови Аввакуми реиԥш иҟаз, гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаагьы уи аҩыза рхыргахьеит (Иов 6:2, 3; Авв. 1:1—3). Ус еиԥш иҟоу ацәаныррақәа џьашьатәӡам, аха ҳгәаҳҽанызароуп, избанзар урҭ ҳиааир, ииашамкәа ак ҟаҳҵар ауеит, уи ала ҳҭагылазаашьагьы еицәаҳтәуеит.

6. Иаҳнарҵозеи Авессалом ихҭыс? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

6 Иаҳзааигәоу аӡәы ма ҳара ииашамкәа ианҳазныҟәо, ус иҳазныҟәаз ауаҩы иқәнагоу дақәыршәаны дахьҳархәырц ҳҭаххар ауеит. Аха уи ауадаҩрақәа цәырнагар алшоит. Иаҳгәалаҳаршәап аҳ Давид иҭаацәараҿы иҟалаз. Иԥа Авессалом иаҳәшьа Фамарь Амнон лцәа шԥиҽыз аниаҳа, даараӡа игәы изыԥжәеит. Моисеи изакәан инақәыршәаны Амнон ашьра иқәнаган (Алев. 20:17). Авессалом игәы зыԥжәаз еилыукаар ауеит, аха уеизгьы иара Амнон ишьра азин имаӡамызт (2 Сам. 13:20—23, 28, 29).

Авессалом иаҳәшьа Фамарь лцәа шԥырҽыз аниаҳа, игәыԥжәара ииааиртә иуит. (Шәахәаԥш абзац 6.)


7. Ишԥаиныԥши иибаз аиашамра 73-тәи Аԥсалом зҩыз?

7 Ииашамкәа иҳазныҟәаз иҟаиҵаз дахьырхәӡам ҳәа ҳгәы иаанагозар, усҟан ҳара ииашаны ҳхы ахьымҩаԥаҳго акгьы аанагаӡом ҳәа ахәыцра ҳалагар ауеит. 73-тәи Аԥсалом зҩыз убасҵәҟьа дхәыцуан. Иара ибон ауаа цәгьақәа иҟарҵалакгьы шауаз, ииашаз ауаа иҽеимкәагьы ишрызныҟәоз (Аԥсал. 73:12). Иибоз даараӡа игәы канажьит, Анцәа имаҵ аура ҵакыс иамои ҳәагьы дхәыцуа далагеит. Иара иҳәеит: «Сара уи еилыскаар сҭахын, уи агәҭынчра сымнахуан» (Аԥсал. 73:14, 16). Абасгьы иҳәеит: «Сара сшьақәҟьарц ак аасыгымхеит, хәыҷык ауп исыгхаз сшьацәхнысланы скаҳарц» (Аԥсал. 73:2). Ҳашьак, Альбе́рто ихьӡаҳҵап, убри аҩыза акы дақәшәеит.

8. Ихьзеи иашьак, аиашамра данақәшәа?

8 Альберто ихараӡамкәа аизара аԥарақәа иӷьычит ҳәа изырҳәеит. Уи аҵыхәала аизара ахылаԥшҩыс уаҳа амаҵ изуӡомызт, аизараҿгьы шьоукы пату иқәҵара иаҟәыҵит. «Каамеҭ сгәы ԥжәон, сгәаангьы сыҟан», — игәалаиршәоит иара. Уи иахҟьаны Альберто аизарахь аныҟәарагьы даҟәыҵит. Убас хәы-шықәса ҵит. Ари ахҭыс иаҳнарбоит аиашамра ҳанақәшәо, иҽеим ҳцәаныррақәа ҳиааиртә ҳур, иҳахьыр алшо.

ИИСУС АИАШАМРА ДАНАҚӘШӘОЗ ИХЫ ШЫМҨАԤИГОЗ

9. Иарбан иашамроу Иисус дзықәшәоз? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

9 Иисус аиашамра ҳанақәшәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит. Иара иҟам-ианым изырҳәон. Иҭынхацәа ихы еилаԥсеит ҳәа рҳәон. Адинхаҵаратә напхгаҩцәа ирҳәон адемонцәа дрыдгылоит ҳәа. Римтәи аруаа ихыччон, дладырҟәуан, аҵыхәтәаны дыршьит (Марк 3:21, 22; 14:55; 15:16—20, 35—37). Иисус ачҳара аарԥшны зегь ихигеит, ишьа иурцгьы дашьҭаӡамызт. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Иисус аиашамра ҳанақәшәо ҳхы шымҩаԥаҳгалаша аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 10.)


10. Ихы шԥамҩаԥигоз Иисус, аиашамра данақәшәоз? (1 Пиотр 2:21—23).

10 Шәаԥхьа 1 Пиотр 2:21—23 a. Аиашамра ҳанақәшәо, Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. Иара идыруан ианҿымҭтәу, идыруан ак анҳәатәу (Матф. 26:62—64). Иисус иҟам-ианым анизырҳәоз, зны-зынла аҭак риҭаӡомызт (Матф. 11:19). Ак аниҳәозгьы ишьҭашәарыцоз раҳаҭыр лаирҟәӡомызт, дагьрықәмақарӡомызт. Ицхраауази Иисус ииашаны ахымҩаԥгара? Иара «зегь рус ииашаны изыӡбо инапы иҽаниҵон». Иисус идыруан дзықәшәоз аԥышәарақәа зегьы Иегова ишибоз. Иара агәра ганы дыҟан Иегова ианаамҭоу зегьы аҭыԥ ишықәиҵо.

11. Изызхуцтәузеи, ак ҳҳәару-ҿаҳамҭру анаҳаӡбо? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)

11 Ишԥаҳалшо Иисус ҳаиҿыԥшлар, ииашамкәа ианҳазныҟәо? Иаҳҳәо ҳацклаԥшлароуп. Каамеҭк ҟамлазар, уи ҳхахьы иааҳамгар ҳалшоит. Мамзаргьы акгьы ахаҳамҳәаар ҳалшоит, аҭагылазаашьа еицәаҳамтәырц азы (Еккл. 3:7; Иак. 1:19, 20). Аха ак анҳәатәу аҭагылазаашьақәагьы ыҟоуп. Иаҳҳәап, аӡә ихьӡ ҳахьчарц ма аҵабырг ҳахьчарц азы (Аус. 6:1, 2). Аха усҟангьы аҭынчра ҳахьчалароуп, патуқәҵаралагьы ҳхы мҩаԥаҳгалароуп (1 Пиотр 3:15) b.

Ииашамкәа ианҳазныҟәо, иаҳҳәашеи, ианаҳҳәашеи, ишаҳҳәашеи анаҳаӡбо, Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)


12. Излоубарҭахозеи «зегь рус ииашаны изыӡбо» инапы ҳаҽшанаҳҵо?

12 Иисус ҳаиҿыԥшны ҳара «зегь рус ииашаны изыӡбо» инапы ҳҽанаҳҵалар ҳалшоит. Иҽеимкәа ианҳазныҟәо ма иҽеимкәа ианҳазхәыцуа, Иегова ҳиқәгәыӷуеит. Ҳара иаҳдыруеит иара зегь шибо. Агәра ганы ҳаҟоуп ианаамҭоу зегьы аҭыԥ ишықәиҵо, уи аиашамра ахгара иҳацхраауеит. Иегова ҳиқәгәыӷны зегьы инапы иананаҳҵо, ҳгәы ԥаҳжәалаӡом, ауаагьы ҳцәымыӷхаӡом. Ус ҟаҳамҵар, иҽеим ацәаныррақәа иҽеим аусқәа рахь ҳнаргоит, агәырӷьара ҳамырхуеит, Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәагьы бжьырхуеит (Аԥсал. 37:8).

13. Иҳацхраауазеи ачҳара аарԥшны аиашамра ахгара?

13 Ҳәарада, макьана ҳара ишахәҭоу еиԥш Иисус ҳзиҽыԥшӡом. Зны-зынла аамҭак ашьҭахь ҳзыхьхәуа ак ҳҳәоит ма иҟаҳҵоит (Иак. 3:2). Зны-зынла ҳхаҭагьы аиашамра ҳақәшәоит. Уи иахҟьаны адунеи ҿыц аиаанӡа ҳгәы ҳахьлар ауеит. Уи аҩыза шәақәшәазар, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәызҭагылоу шидыруа. Акгьы ихараӡамкәа агәаҟрақәа ирықәшәоз Иԥагьы ибзиан шәеиликаауеит (Аур. 4:15, 16). Иегова зегь иреиӷьу аҽырԥшы ҳазҭаз Иисус даҳзааишьҭит, уи адагьы, аиашамра ҳанақәшәо иҳацхраауа алабжьара бзиақәа Абиблиа ала иҳаиҭеит. Шәааи Римаа рахь асаламшәҟәы иану ҩ-лабжьарак ҳрылацәажәап.

«АНЦӘА... ИГӘЫԤЖӘАРА ААИРԤШЫРЦ АЗЫ АЛШАРА ИШӘҬ»

14. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «Анцәа... игәыԥжәара ааирԥшырц азы алшара ишәҭ»? (Римаа 12:19).

14 Шәаԥхьа Римаа 12:19. Апостол Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵеит: «Анцәа... игәыԥжәара ааирԥшырц азы алшара ишәҭ». Ҵакыс ирымоузеи арҭ ажәақәа? Ҳара Иегова аиашара анышьақәиргылаша, насгьы ишышьақәиргылаша ихаҭа иӡбарц алшара иаҳҭоит. Аиашамра иақәшәаз Џьон иҳәоит: «Сара зегь аҭыԥ иқәысҵар сҭахын, аҽынкылара аасмырԥшызҭгьы аҭагылазаашьа еицәастәыр алшон. Римаа 12:19 иану ажәақәа ачҳара аарԥшны Иегова изыԥшра исыцхрааит».

15. Избан Иегова ҳус иӡбаанӡа ҳаизыԥшыр еиҳа изеиӷьу?

15 Ҳус Иегова инапы иананаҳҵо, уи ахәарҭа ҳзаанагоит. Ҳауадаҩра ҳхала аӡбара ҳаламгаӡакәа, уи Иегова иӡбартә алшара аниаҳҭо, ҳамч баша инаҳхӡом, астрессгьы ҳауӡом. Иегова ацхыраара ҳадигалоит. Уи «уус снапы ианҵа, сара исыӡбоит» ҳәа ҳәаиҳәошәа иаҩызоуп. Иегова ажәа ҳаиҭоит: «Урҭ ирықәнагоу иақәсыршәоит». Арҭ ажәақәа рыгәра ҳгозар, ҳгәы ҭынчзаауеит, избанзар иаҳдыруеит Анцәа ҳара ҳаасҭа ҳауадаҩра еиҳа еиӷьны ишиӡбо. Џьон убасҵәҟьа ҟаиҵеит. Иара иҳәоит: «Сыуадаҩра Иегова иӡбаанӡа сыԥшызаауеит, избанзар иара уи сара саасҭа акырӡа еиӷьны иҟаиҵоит».

«АЦӘГЬАРА АБЗИАРАЛА УАИААИЛА»

16, 17. Иҳацхраар шԥалшо Анцәа иҳәара ацәгьара абзиарала аиааира? (Римаа 12:21).

16 Шәаԥхьа Римаа 12:21. Иара убас Павел ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон ацәгьра абзиарала иаиааиларц. Ашьхараҿы ииҳәаз еицырдыруа ажәахә аҿы Иисус иҳәеит: «Шәаӷацәа бзиа ижәбала, ишәышьҭашәарыцо рзгьы Анцәа шәиҳәала» (Матф. 5:44). Иисус иажәақәа инарықәыршәаны дынхон. Ишәгәалашәыршәа римтәи аруаа ашьаҟа данкыдырҵа ихигаз агәаҟрақәа. Ҳара ҳхаҿгьы иаҳзаагом Иисус акгьы ихараӡамкәа изакә хьаау ихигаз.

17 Иисус аиашамра дшақәшәазгьы Анцәа дизиашаны даанхеит, абзиабарагьы ицәымӡӡеит. Урҭ аруаа ирыхәҭоу иақәшәандаз ҳәа дхәыцӡомызт, уи аҭыԥан дара рзы абас Анцәа дихәон: «Саб, иаҭоумҵан, избанзар иҟарҵо рзеилкааӡом» (Лука 23:34). Иҽеимкәа иҳазныҟәо рзы Анцәа ҳаниҳәо, агәҭынчра ҳауеит, ҳагәгьы рзыԥжәалаӡом. Ҳара урҭ ҳшырзыҟоу аҽаԥсахыргьы ауеит.

18. Ишԥарыцхрааи Анцәа иҳәара Альбертои Џьони?

18 Хыхь зыӡбахә ҳамаз ҩыџьа аишьцәа Анцәа иҳәара рыцхрааит. Альберто еиҭеиҳәоит: «Сара ииашамкәа исызныҟәаз аишьцәа рзы Анцәа сиҳәон. Сгәы иалаз схаиршҭырц азгьы Иегова зныкымкәа сиҳәахьан». Уажәы Альберто дырҩегь гәыкала Иегова имаҵ иуеит. Џьон иакәзар, абас иҳәеит: «Сара ӷәӷәала сгәы сзырхьыз аиашьа изы акырынтә Анцәа сиҳәахьан. Уи ашьҭахь агәҭынчра соуит, аиашьа даҽакала сихәаԥшуа салагеит, уаҳа сыгәгьы изыԥжәаӡомызт».

19. Иҟаҵалатәузеи ари адунеи аҿы ҳанхонаҵы? (1 Пиотр 3:8, 9).

19 Ари адунеи аҿы ҳанхонаҵы аиашамра ҳақәшәалар алшоит. Аха шәааи, иҟалалакгьы, Иегова ацхырааразы ҳааҟәымҵӡакәа ҳиҳәалап. Иара убас аиашамра ҳанақәшәо Иисус еиԥш ҳхы мҩаԥаҳгалап. Уи адагьы, ҳаԥсҭазаараҿы абиблиатә принципқәа ҳхы иаҳархәалароуп. Убасҟан Иегова даҳзылымԥхар иуӡом. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 3:8, 9.)

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a Пиотр актәи исаламшәҟәаҿы 2-тәи, 3-тәи ахқәа рҿы актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аиашамра ишақәшәоз узырбо аҭагылазаашьақәа дрылацәажәон: амаҵуцәа иџьбараз рыԥшәмацәа рганахь ала, ақьырсианҳәсақәа рхаҵара рыцеиҩызымшоз рхацәа рганахь ала (1 Пиотр 2:18—20; 3:1—6, 8, 9).

b Асаит jw.org аҿы шәахәаԥш авидеонҵамҭа «Абзиабара аҭынчра ахылҵуеит».