Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АҬҴААРАЗЫ АТЕМА

Ауаа анышәҿагылогьы, агәымшәара аарԥшны ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала

Ауаа анышәҿагылогьы, агәымшәара аарԥшны ииашаны шәхы мҩаԥыжәгала

Шәаԥхьа Иеремиа 38:1—13, насгьы еилышәкаа аԥааимбар Иеремиеи ачынуаҩ Авдемелехи агәымшәара шаадырԥшыз.

Аконтекст шәазхәыц. Избан Иеремиа Иегова иҟынтә ажәабжь ауаа ирзеиҭеиҳәарц азы агәымшәара зиҭахыз? (Иер. 27:12—14; 28:15—17; 37:6—10). Иахырҳәааи уи дара? (Иер. 37:15, 16).

Акәамаҵамарақәа шәрызхәыц. Идырҟаҵарц ирҭахызи Иеремиа? (jr-U 26—27, абз. 20—22). Изеиԥшрази абиблиатә аамҭақәа раан аӡеизгарҭақәа? (it-2-U 1192—1193). Иарбан цәаныррақәоу Иеремиа изцәырҵыр алшоз, аҳәынҵәа зҭаз аҵеџь данҭарыжь? Дзыцәшәозар алшози Авдемелех? (w12-U 1/5 31, абз. 2, 3).

Еилышәкааз шәхы иашәырхәар шшәылшо шәазхәыц. Шәхы шәазҵаа:

  • «Ишԥаҳнарбо ари абиблиатә цыԥҵәаха Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа шихьчо?» (Аԥсал. 97:10; Иер. 39:15—18).

  • «Ианбасҭаххар алшо агәымшәара?»

  • «Исыцхраауазеи ауаа анысҿагылогьы агәымшәара аарԥшны ииашаны ахымҩаԥгара?» (w11-U 1/3 30) a.

a Иҭышәҵаалашеи ишҭышәҵаалашеи еилышәкаарц азы шәахәаԥш ииуль мза, 2023 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Ихәарҭоу алабжьарақәа. Иҭуҵаалар улшо».