Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

«Иагхаӡом» (2023 шықәсазтәи арегионалтә конгресс азы ашәа)

«Иагхаӡом» (2023 шықәсазтәи арегионалтә конгресс азы ашәа)

(Аввакум 2:3)

Ахҩылаара:

  1. 1. Адгьыл аԥшӡара ҳаршанхоит ҳара,

    Иааҳакәыршоу зегь блахкыгами, Ҳанцәа.

    Зҽызымԥсахуа Ҳаб, ачҳара аарԥшны,

    Уԥшуп ианурхио зегь шыҟаз иԥшӡаны.

    АХАПА

    Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара.

    Ачҳара ҳаҳәоит иахьа.

    Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа,

    Иагхом, имааиуеи иара.

    Мап, иагхом зынӡа!

  2. 2. Ҳазыԥшуп иԥсхьоу ргылара аамҭа.

    Ҳазшаз, иуҭахуп рыԥсы аҭаҵара.

    Бзиа иумбои урҭ зегьы уара,

    Ҳаб, ҳуҳәоит, иҳаҭ иумоу ачҳара.

    АХАПА

    Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара.

    Ачҳара ҳаҳәоит иахьа.

    Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа,

    Иагхом, имааиуеи иара.

    Мап, иагхом зынӡа!

  3. 3. Рыԥшаара уаҿуп згәы разу ауаа.

    Ируҭап уара аԥсҭазаара лаша.

    Ҳувагыланы ажәабжь ҳҳәоит ҳара,

    Уи ҳаиҩызара арӷәӷәоит, Ҳанцәа, еиҳа.

    АХАПА

    Ҳаб, џьанаҭ дгьыл ҳарба, уи ҳазыԥшуп ҳара.

    Ачҳара ҳаҳәоит иахьа.

    Агәра ҳамгои ҳара, умш ааигәахоит зынӡа,

    Иагхом, имааиуеи иара.

    Мап, иагхом зынӡа!

    Уҳацхраа умш азыԥшра!

(Шәахәаԥш иара убас Кол. 1:11.)