Хаҵара блала
(Аԥсалом 27:13)
Ахҩылаара:
1. Алым млашьы сзацәшәозеи?
Сызицәшәарызеи саӷа?
Мап, акымзарак сацәшәом,
Сынцәа дсыцуп, сҭахом.
Иегова симыхьчои сара!
АХАПА
Хаҵара блала сгәыӷра лаша сбарҭоуп.
Хаҵара блала саԥхьаҟа сыԥшуеит.
Саб Иегова са сирӷәӷәоит,
Дышсывагыло збоит.
Дансыцу Сынцәа, ԥхьаҟа сымцои,
Ԥхьаҟа сымцои.
2. Иҟан Анцәа изиашаз,
Гәыкала изыҟаз ауаа.
Урҭ ирымоуп аԥеиԥш,
Иааигәоуп раамҭа иахьеиԥш,
Урҭ ҳбоит рыԥсы ҭаны ҳара.
АХАПА
Хаҵара блала сгәыӷра лаша сбарҭоуп.
Хаҵара блала саԥхьаҟа сыԥшуеит.
Саб Иегова са сирӷәӷәоит,
Дышсывагыло збоит.
Дансыцу Сынцәа, ԥхьаҟа сымцои,
Ԥхьаҟа сымцои.
АИАСЫРҬА
Схаҵара ӷәӷәоуп, ашьхақәа еиҭазгартә,
Хаҵара блалоуп са сшынхо.
Гәрахаҵарадагьы сабаҟалоз иахьа?
Уи ауми са сызго ԥхьаҟа!
3. Саԥхьа избоит аԥеиԥш ссир,
Ҳамҭас исиҭо Сынцәа.
Аиааира ааигәоуп.
Сара уи сгәы арԥхоит.
Ҳаб Иегова иаӷацәа ицҟьоит.
АХАПА
Хаҵара блала сгәыӷра лаша сбарҭоуп.
Хаҵара блала саԥхьаҟа сыԥшуеит.
Саб Иегова са сирӷәӷәоит,
Дышсывагыло збоит.
Дансыцу Сынцәа, ԥхьаҟа сымцои,
Ԥхьаҟа сымцои.
Ԥхьаҟа сымцои.
(Шәахәаԥш иара убас Аур 11:1—40.)