ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ!
Асоциалтә каҭақәа: ишԥасылшо схәыҷы ашәарҭара дацәысыхьчар? Абиблиа аҟынтә алабжьарақәа
«Аҿар реиҳараҩык рыԥсихикатә гәабзиара аицәахара иаҿуп, уи зыхҟьо асоциалтә каҭақәа роуп» (США асанитартә ҳақьым хада Вивек Мурти, «Ньиу-Иорк таимс», 2024 шықәса, ииун 17).
Аҭаацәа ирылшоит рхәыҷқәа асоциалтә каҭақәа ирыҵоу ашәарҭарақәа ирцәырыхьчар. Аха ишԥа? Абиблиа уи аҿы ирыцхраауеит.
Аҭаацәа иҟарҵар рылшо
Абиблиаҿы иану абарҭ иҟәыӷоу ҩ-принципк шәрызхәыц.
«Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа 14:15).
Асоциалтә каҭақәа шәхәыҷы иҽеим анырра инаҭар алшозар, уи ахархәара азин ишәҭар ауп ҳәа шәгәы иаанамган. Раԥхьа еилышәкаа шәхәыҷы шаҟа аамҭа уа дҭазаауа, ҩызцәас иалихуа, насгьы дызхәаԥшуа еилиргартә еиԥш дазҳахьоу-дазымҳахьоу.
Еиҳа инарҭбааны уи аӡбахә ҳәоуп астатиақәа «Разрешить ли своему ребёнку пользоваться соцсетями?», насгьы «Учите подростка пользоваться соцсетями с умом» рҿы.
«Шәаамҭа еиҳа ихадоу иазышәкла» (Ефесаа 5:16).
Шәхәыҷы асоциалтә каҭақәа рхархәара азин ишәҭазар, ишьақәшәыргыл уи иадҳәалоу аԥҟарақәа, насгьы урҭ иара дшырыхьчо иеилшәыркаа. Шәхәыҷы ихымҩаԥгашьа аҽаԥсахуашәа жәбозар, усҟан иара ма лара лзы ишьақәшәыргыл аҳәаа асоциалтә каҭақәа рахь аҭаларазы.
Аҳәаақәа зышьақәшәыргылаз шәхәыҷы иеилшәыркаарц азы шәеицахәаԥш, насгьы шәахцәажәа афломастертә анимациа «Асоциалтә каҭақәа ҟәыӷарала ухы иархәала!».
Еиҳаны еилышәкаа
Абиблиа иҳанаҳәоит даара ицәгьоу аамҭақәа рзы ҳшынхо (2 Тимофеи 3:1—5). Аха убри аамҭазгьы Абиблиа иҳанаҭоит ауадаҩрақәа рыхгараҿы есымша ҳхы иаҳархәалаша алабжьарақәа. Иаҳҳәап, ҳсаит аҟны иҟоу статиак аҿы ишәыԥшаар шәылшоит Абиблиа шьаҭас измоу 20 зхьарԥш инареиҳаны. Урҭ азхьарԥшқәа рҿы ахбыџцәа рыԥсихикатә гәабзиара иазку атема иалацәажәоит, насгьы урҭ Абиблиа рыцхраар шалшо. Уи ахәыҷқәа реиԥш аҭаацәагьы хәарҭа рзаанагоит.