Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аиаша динхаҵара шԥаԥшаатәу?

Аиаша динхаҵара шԥаԥшаатәу?

13-тәи аурок

Аиаша динхаҵара шԥаԥшаатәу?

Анцәа игәаԥхома адинхаҵарақәа зегьы, мамзар акы заҵәык акәу? (1)

Избан адунеиаҿы абысҟак изырацәоу иқьырсиантәқәоу ҳәа иԥхьаӡоу адинхаҵарақәа? (2)

Излеилкаатәузеи аиаша қьырсианцәа? (3—7)

1. Иисус ашьаҭа икит иқьырсиантәу иаша динхаҵара заҵәык. Убри аҟнытә иахьа иҟазарц ахәҭоуп Анцәа Иегова имҵахырхәаҩцәа иашаҵәҟьақәа рхырхарҭа ма ргәыԥ заҵәык (Иоанн 4:23, 24; Ефесаа рахь 4:4, 5). Абиблиа излаҳнарҵо ала, аԥсҭазаарахь иназго амҩа ҭшәа иану ауаа зынӡа имаҷӡоуп (Маҭфеи 7:13, 14).

2. Абиблиа заа иаҳәахьан, апостолцәа анԥслак ашьҭахь, ақьырсианцәа реизара ишалаҵәоз амцхаҵарақәеи иқьырсиантәым аҵасқәеи. Иануп убасгьы, акырзымчу ауаа ишалдыршо, адинхаҵацәа Христос иакәымкәа, дара ирышьҭанеиларц (Маҭфеи 7:15, 21—23; Аусқәа 20:29, 30). Убри азоуп уажәы иқьырсиантәқәоу ҳәа иԥхьаӡоу адинхаҵарақәа зырацәахаз. Ишԥеилкаатәу, аиаша қьырсианцәа зусҭцәоу?

3. Аиаша қьырсианцәа зегь реиҳа ирҷыдаҟазшьоу — урҭ гәыкала рыбзиеибабара ауп (Иоанн 13:34, 35). Аиаша қьырсианцәа рыҩнуҵҟа иддырҵом, џьоукы рцәаԥштәхәи ррасеи рыла егьырҭ ауаа цәаԥштәхәылеи расалеи дара иреиԥшым иреиӷьушәа. Урҭ рыбжьара, иара убасгьы, иддырҵом егьырҭ атәылақәа ирықәынхо рцәымӷашьара (Аусқәа 10:34, 35). Убри аҟнытә аиаша қьырсианцәа аибашьрақәа ирылахәӡам. Урҭ аиашьцәеи аеҳәшьцәеи реиԥш иеизыҟоуп (1 Иоанн 4:20, 21).

4. Анаҩстәи адырга — Абиблиа инарҵауланы ҳаҭыр ақәҵара ауп. Аиаша қьырсианцәа уи рыдыркылоит Анцәа Иажәа шакәу еиԥш, насгьы уи иану зегьы агәра ргоит (Иоанн 17:17; 2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Дара рзы, ауаҩытәыҩса иидеиақәеи иҵасқәеи раасҭа, акраҵанакуеит Анцәа Иажәа (Маҭфеи 15:1—3, 7—9). Урҭ еснагь Абиблиа иқәныҟәаны анхара рҽазыршәоит. Убри аҟнытә урҭ ражәеи руси еиқәшәоит (Тит иахь 1:15, 16).

5. Адин иаша адгылаҩцәа, иара убасгьы, Анцәа ихьӡ ҳаҭыр ақәырҵозароуп (Маҭфеи 6:9). Иисус ауаа ирзааиртуан, Анцәа Иегова шихьӡыз. Убасҵәҟьа ҟарҵозароуп аиаша қьырсианцәагьы (Иоанн 17:6, 26; Римаа рахь 10:13, 14). Дарбан уара уахьынхо аҭыԥаҿы Анцәа ихьӡ ауаа иразҳәо?

6. Аиаша қьырсианцәа Анцәа Иԥсҳара азы агәырӷьажәа рыларҳәозароуп. Абри аус инапы алакын Иисус. Уи еснагь Аԥсҳара аӡбахә иҳәон (Лука 8:1). Убри аҩыза ажәабжь зехьынџьара адгьылаҿы ирыларҳәарц рыдиҵеит иҵаҩцәа (Маҭфеи 24:14; 28:19, 20). Аиаша қьырсианцәа агәра ргаҵәҟьоит, Анцәа Иԥсҳара заҵәык шакәу адгьылаҿы аҭынчреи ашәарҭадареи шьақәзыргыло (Ԥсалом 145:3—5).

7. Иисус иҵаҩцәа ари адунеи бааԥсы аусқәа рхы рыладырхәӡом (Иоанн 17:16). Урҭ адунеи аполитикеи асоциалтә еиҿагыларақәеи рыҽрыларгалом. Дара ирыдыркылом адунеи иаҟазшьоу уҭазырхауа ахымҩаԥгашьеи, аҵасқәеи, ахәыцшьақәеи (Иаков 1:27; 4:4). Иузҳәарыма динхаҵаратә хырхарҭак ахьӡ, уара ишеилукааз еиԥш, еиқәыԥхьаӡоу ақьырсианра иашаҵәҟьа аҟазшьақәа змоу?

[Асахьақәа, адаҟьақәа 26, 27]

Аиаша қьырсианцәа бзиа иеибабоит, Абиблиа ҳаҭыр ақәырҵоит, насгьы Анцәа Иԥсҳара иазку ажәабжь ауаа ирыларҳәоит.