Анцәа игәамԥхо ахаҵарақәеи ақьабзқәеи
11-тәи аурок
Анцәа игәамԥхо ахаҵарақәеи ақьабзқәеи
Иарбақәан иузудымкыло ахаҵарақәеи ақьабзқәеи? (1)
Дхарҵауазароума ақьырсианцәа Х-хаҿык змоу Анцәа? (2)
Избан аиаша қьырсианцәа изазгәарымҭо Қьырса, Мшаԥы, аирамшқәа? (3, 4)
Аԥсцәа зыԥсы ҭоу ирԥырхагахарц рылшома? (5)
Иисус аџьар аҿы иԥсы ихыҵма? (6)
Заҟа акраҵанакуазеи Анцәа игәыҟаҵара? (7)
1. Ахаҵарақәеи ақьабзқәеи зегьы урыгәҭасуа иҟам. Аха Анцәа идимкыло амцдинхаҵара иахылҿиаази абиблиатә ҵа-рақәа ирҿагылоуи роуп (Маҭфеи 15:6).
2. Х-хаҿшаара. Иххаҿшаароу ма х-хаҭаракны иеиларсоу Нцәоума Иегова? Мап! Иегова — Дабуп — «иаӡәкыу Нцәа иашоуп» (Иоанн 17:3; Маркоз 12:29). Иисус — аԥхьа ииз, Уи имчра иаҵагылоу Иԥа иоуп (1 Коринфаа рахь 11:3). Аб Аԥа иаасҭа деиҳауп (Иоанн 14:28). Иԥшьоу адоуҳа — ари хаҭарам, аха аус зуа Анцәа имч ауп (Аҟазаара 1:2; Аусқәа 2:18).
3. Қьырсеи Мшаԥи. Иисус декабр 25 рзы дмииӡеит. Уи диит, инықәырԥшны, октиабр 1 азы — ахьчацәа уахынла адәахьы рырахә гәарҭа рыманы иантәаз аамҭазы (Лука 2:8—12). Иисус ахаан имҳәацызт, ақьырсианцәа уи иирамш азгәарҭаларц. Уи ацынхәрас, урҭ наӡаӡа иԥсра амш ргәаладыршәаларц рыдиҵеит (Лука 22:19, 20). Қьырсеи уи иадҳәалоу ақьабзқәеи ахьынтәаауа ажәытәӡатәи амцдинхаҵарақәа рҟнытә ауп. Убасҵәҟьоуп ишыҟоу Мшаԥ-ҵасқәагьы, акәтаӷьқәеи аҩнатәжьақәеи реиԥш иҟоу ахьцәырырго. Заатәи ақьырсианцәа Қьырсеи Мшаԥи азгәарҭомызт, убри аҩыза ҟарҵом иахьатәи аиаша қьырсианцәагьы.
4. Аирамшқәа. Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу аирамшқәа ҩба заҵәык азгәазҭоз Иегова имаҵ зымуаз ракәын (Аҟазаара 40:20—22; Маркоз 6:21, 22,24—27). Заатәи ақьырсианцәа иазгәарҭомызт аирамшқәа. Ари аҵас ажәытәӡатәи амцдинхаҵарақәа рҟнытә иааит. Аиаша қьырсианцәа аҳамҭақәа еимырдоит, аӡәи-аӡәи реиҿцаарақәа иреигәырӷьоит ашықәс зегьы.
5. Аԥсцәа рыцәшәара. Аԥсцәа акы рылшо, акы рныруа иҟам. Ҳара урҭ ҳазрыцхраауам, даргьы аԥырхага ҳзыруам (Ԥсалом 145:4; Аекклесиаст 9:5, 10). Ауаҩы данԥслак ашьҭахь, иара итәны ибзаны акгьы нхаӡом. Аха убасеиԥш ҟалалоит, аԥсцәа ракәызшәа рхы анудырбо амаалықьцәа бааԥсқәа, аџьнышцәа ҳәа изышьҭоу. Аԥсцәа рыцәшәара узцәырызго, насгьы урҭ рымҵахырхәара угәазырԥхо аҵасқәа ҽеим (Исаиа 8:19).
6. Аџьар. Иисус аџьар аҿы акәым дахьԥсыз. Иара дыԥсит ақди ма ашьаҟеи руакаҿы. Абырзенажәа, абиблиатә еиҭагақәа жәпакы рҿы ажәа «аџьар» ҳәа иеиҭагоу, баша ақды ауп иаанаго. Аџьар асимвол зхылҵыз ажәытәӡатәи амцдинхаҵарақәа роуп. Заатәи ақьырсианцәа аџьар рхы иадырхәомызт, иагьамҵахырхәомызт. Убри аҟнытә шәазхәыц: ииашахарыма Анцәа имҵахырхәараҿы аџьар ахархәара? (Ҩынтәзакәан 7:26; 1 Коринфаа рахь 10:14).
7. Иҟалап, иеиқәыԥхьаӡаз ахаҵарақәеи ақьабзқәеи рааныжьра даара иуадаҩзаргьы. Иҟалап, уҭаацәеи уҩызцәеи уаанӡатәи удин умԥсахырц агәра удыргарц рҽазыршәозаргьы. Аха Анцәа игәыҟаҵароуп даара акрызҵазкуа, ауаа ракәым (Ажәамаанақәа 29:25; Маҭфеи 10:36, 37).
[Асахьа, адаҟьа 22]
Анцәа Х-хаҿшаара иакәӡам.
[Асахьа, адаҟьа 23]
Қьырсеи Мшаԥи зхылҿиааз ажәытәӡатәи амцдинхаҵарақуа роуп.
[Асахьа, адаҟьа 23]
Иарбанзаалак ҵаҵӷәы рымаӡам аԥсцәа рымҵахырхәареи ма рыцәшәареи.