Иегова Ишаҳаҭцәа рорганизациа аилазаашьа
14-тәи аурок
Иегова Ишаҳаҭцәа рорганизациа аилазаашьа
Ианбалагеи Иегова Ишаҳаҭцәа иахьатәи рҭоурых? (1)
Ишԥамҩаԥысуа Иегова Ишаҳаҭцәа резарақәа? (2)
Урҭ рҳарџьқәа хҩашьас ирырҭозеи? (3)
Аизараҿы анапхгара зхахьы изгода? (4)
Закәытә массатә еизарақәоузеи есышықәса имҩаԥысуа? (5)
Иарбан усуроу иеиҿкаау аусбарҭа хадеи афилиалқәеи рҟны? (6)
1. Иегова Ишаҳаҭцәа уажәтәи рҭоурых ахы ыҵнахит 1870-тәи ашықәсқәа раан. Аханатә урҭ Абиблиа Аҭҵааҩцәа ҳәа рыхьӡын. Аха 1931 шықәсазы ирыдыркылеит абиблиатә шьаҭа змаз ахьӡ — Иегова Ишаҳаҭцәа (Исаиа 43:10). Раԥхьа рацәак иҭбаамыз аорганизациа иахьа иеиднакылоит миллионҩыла Ашаҳаҭцәа, 230 ҳәынҭқарра инареиҳаны рҟны активла ажәабжь ауаа ирылазҳәауа.
2. Иегова Ишаҳаҭцәа реизарақәа реиҳарак рҟны есымчыбжьа имҩаԥысуеит х-еиԥыларак. Уахь инарыԥхьоит изҭаху зегьы (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Уаҟа ихаданы ирҵо Абиблиа ауп. Аиԥыларақәа аатуеит, иагьхыркәшахоит Анцәа иҳәарала. Аиԥыларақәа реиҳарак рҟны гәыкала инарыгӡоит «адоуҳатә шәаҳәарақәа» (Ефесаа рахь 5:18, 19). Аҩналарҭа ашәқәа аартуп, аԥара ылырхуам (Маҭфеи 10:8).
3. Аизарақәа жәпакы реиԥыларақәа мҩаԥыргоит Аԥсҳара Азалқәа рҟны. Ишаԥу еиԥш, урҭ дара Ашаҳаҭцәа рхаҭақәа иреиуоу рхатәы гәаԥхарала идыргылақәаз иаҩцам хыбрақәоуп. Ауадақәа рыҩнуҵҟа иубаӡом асахьақәа, аџьарқәа уҳәа реиԥш иҟоу амаҭәарқәа. Аҳарџьқәа хырҩоит рхатәы гәаԥхарала иаларҵауа аԥарақәа рыбзоурала. Аԥарақәа алазҵарц зҭаху рзы игылоуп акуалаԥ ҷыдақәа (2 Коринфаа рахь 9:7).
4. Еизара-цыԥхьаӡа аиҳабацәа ма ахылаԥшцәа рымоуп. Урҭ аизараҿы арҵара аус напхгара арҭоит (1 Тимофеи рахь 3:1—7; 5:17). Урҭ ирывагыланы аус руеит амаҵуратә цхырааҩцәа (1 Тимофеи рахь 3:8—10, 12, 13). Зыӡбахә ҳәоу амаҵуцәа аизараҿы егьырҭ ақьырсианцәа иреиҳам (2 Коринфаа рахь 1:24). Урҭ иҷыдоу атитулқәа ныҟәыргом (Маҭфеи 23:8—10). Рҽеиларҳәоит, зегь шеилаҳәоу еиԥш. Аус ахьыруа азы ауалафахәы роуам. Аиҳабацәа аизарақәа рдоуҳатә ҭахрақәа гәыкала ирызҿлымҳауп. Ауадаҩрақәа анцәырҵуа, урҭ ирылшоит аргәыбзыӷра, алабжьара (Иаков 5:14—16; 1 Пиотр 5:2, 3).
5. Уи адагьы, Иегова Ишаҳаҭцәа есышықәса имҩаԥыргоит амассатә еизарақәа, мамзаргьы аконгрессқәа. Уаҟа аизарақәа жәпакы аамҭакы иалагӡаны абиблиатә мҩақәҵагақәа ҷыдалатәи рыпрограмма еицазыӡырҩуеит. Ишԥҟароу еиԥш, аконгрессқәа раан имҩаԥысуеит аҵаҩцәа ҿыццәа рыӡӡаахра (Маҭфеи 3:13—17; 28:19, 20).
6. Иегова Ишаҳаҭцәа рнапхгара хада Ниу-Иорк иҟоуп. Уаҟа аус ауеит Анапхгаратә совет — адунеизегьтәи аизара иахылаԥшуа, аԥышәа змоу аиҳабацәа ԥызара зуа реилазаара. Уи адагьы, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы аус руеит 100 инареиҳаны афилиалқәа. Уаҟа зхатәы гәаԥхарала аус зуа абиблиатә литература акьыԥхьреи ашьҭреи ацхыраара арҭоит. Афилиалқәа напхгара азыруеит ажәлар ажәабжь рыларҵәара аус. Изаԥшьоумгарызеи иузааигәаӡоу афилиал аҭаара?