Анцәа изкыу адырра узҭо ашәҟәы
Ахы 2
Анцәа изкыу адырра узҭо ашәҟәы
1, 2. Ҳзазгәаҟуазеи ҳара Ҳазшаз инапхгара?
ЗЫНӠА иҟәҕароуп, ҳара бзиа ҳазбо ҳ-Анцәа ауаатәыҩса рзы адҵақәеи анапхгареи зну ашәҟәы аҟалара дахьеиҷаҳаз. Уақәшаҳаҭымхаӡаришь уара, ауаатәыҩса анапхгара ишазгәаҟуа?
2 2 500 шықәса инареиҳаны раҧхьаҟа иҧааимбарызи иҭоурыхҭҵааҩызи аӡәы абас иҩуан: «Амҩа иану имчым ишьапқәа ахырхарҭа рыҭара» (Иеремиа 10:23). Иахьа, ахаан ишыҟамлац еиҧш, уаҩы ибарҭоуп, абри аҳәамҭа шаҟа ииашоу. Убас, аҭоурыхҭҵааҩ Уилиам Х. Макнил иазгәеиҭоит: «Ауаатәыҩса рҭоурых ҳара ҳапланетаҿы — ари ишьақәгылахьоу ауаажәларратә еиҿкаара ҵыхәаҧҵәара змам акризисқәеи аихабгаларақәеи роуп».
3, 4. а) Ишҧазнеитәу Абиблиа аҵара? б) Ҳазлалагои Абиблиа адырра?
3 Абиблиа иҳанаҭоит зда ҳхәарҭам, иҟәшу анапхгара. Аиашазы, аӡәырҩы аханатә уи рымч ақәымхошәа ргәы иабоит. Ари шәҟәу дуӡӡоуп, уи ахәҭақәак реилкаарагьы ус имариам. Аха, иаҳҳәап, идуу ҭынхарак иушьас иамоу атәы зҳәо иуристтә документк унапаҿы иурҭазҭгьы, уи ухшыҩ азышьҭны аҧхьара аамҭа азалумхӡарызеи? Адокумент ахәҭақәак реилыргара уцәыуадаҩзар, ишаабо ала, уара абарҭ аусқәа рҿы еиҳа здыруа ауаҩы дуцхраарц уааиҧхьарын. Абиблиагьы абас еиҧш узазымнеирызеи? (Аусқәа 17:11). Араҟа зыӡбахә ҳамоу иаабац-иҳаҳац аҭынхара аасҭа еиҳауп. Аҧхьа иҟаз ахы аҟнытә ишаадырыз еиҧш, Анцәа изкыу адырра наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь унанагоит.
4 Шәааи, нас, иҵегь ҳазааигәаны еилаҳкаап, Анцәа изкыу адырра узҭо ашәҟәы закәу. Раҧхьа иргыланы иҟаҳҵап Абиблиа иаазыркьаҿу ахҳәаа. Анаҩс еилҳаргап, аҵара змоу аӡәырҩы Абиблиа — ари иҧшьоу адоуҳала иҩҩу Анцәа Иажәоуп ҳәа изырҧхьаӡо.
АБИБЛИА АҴАКЫ
5. а) Закәытә информациоузеи Ауриа Ҩырақәа ирну? б) Закәытә информациоузеи Абырзен Ҩырақәа ирну?
5 Абиблиа аҩ-хәҭак, ишдыру еиҧш, Ажәытә Уасиаҭи Аҿатә Уасиаҭи ҳәа изышьҭоу, 66 шәҟәы рыла ишьақәгылоуп. Абиблиа ҩажәи зежә шәҟәы еиҳараӡак уриа бызшәала иҩын, 27 — бырзен бызшәала. Ауриа Ҩырақәа, Аҟазаара инаркны Малахиа аҟынӡа ашәҟәқәа зҵазкуа, ашареи анаҩстәи 3 500 шықәса ирҭагӡоу ауаатәыҩса рҭоурыхи рымҽхаркуеит. Абиблиа абри ахәҭа ҳанаҧхьо, ҳара еилаҳкаауеит, Анцәа ауриацәа — ари амилаҭ анҿиаз XVI-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. инаркны V-тәи ашәышықәсанӡа ҳ. ҟ a — дышрызныҟәоз. Абырзен Ҩырақәа, Маҭфеи иевангелиа инаркны Аартра аҟынӡа ашәҟәқәа зҵазкуа, ҷыдала I-тәи ашәышықәса ҳ. ҳ. азы Иисус Христос иҵаҩцәеи Иареи ауаа иддырҵози имҩаҧыргоз русуреи ирызкыуп.
6. Изаҭахыузеи Абиблиа шынеибакыу аҵара?
6 Џьоукы «Ажәытә Уасиаҭ» ауриацәа рзы иҩын, «Аҿатә Уасиаҭ» — ақьырсианцәа рзы ҳәа шьақәдырҕәҕәоит. Аха 2 Тимофеи иахь 3:16 аҟны ишаҳәо еиҧш, «Аҩыра зегьы Анцәа иҟынтәоуп, иагьхәарҭоуп». Убри аҟнытә ҳара Абиблиа шеибгоу иаҳҵаратәы амзызқәа ҳамоуп. Ииашаҵәҟьаны, Абиблиа аҩ-хәҭакгьы аки-аки хеибарҭәаауеит, еинааланы азеиҧш тема рҿиауа.
7. Абиблиа тема хадас иамоузеи?
7 Иҟалап, уара ауахәаматә маҵзурақәа ухы рылаурхәуазҭгьы, зны-зынлагьы иаарту Абиблиа аҧхьарақәа урзыӡырҩуазҭгьы. Мамзаргьы уара, иҟалар алшоит, ухала хазы иҟоу уи ахәҭақәак урыҧхьозҭгьы. Иудыруазма уара, Аҟазаара инаркны Аартра аҟынӡа Абиблиа ахи-аҵыхәеи рахәыцны еидызҳәало жәабжьк шакәу? Ааи, Абиблиа зегьы иагәылсуеит тема заҵәык. Иарбану уи? Анцәа ауаатәыҩса рхагылазаара азин шимоу ашьақәырҕәҕәареи, насгьы бзиабарала иҭәу уи игәҭакы и-Аҳра ихы иархәуаны анагӡареи.
8. Анцәа ихаҭара иазкны Абиблиаҿы иаҳәозеи?
8 Абиблиаҿы Анцәа игәҭакы азы иаҳәо анаҩс, уаҟа иаарҧшуп иара ихаҭара. Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауеит, иаҳҳәап, Анцәа ишимоу ацәаныррақәа, насгьы иара изы акыршаҵанакуа, ҳара иаҳаӡбуа (Ҧсалом 77:40, 41; Ажәамаанақәа 27:11; Иезекииль 33:11). Ҧсалом 102:8—14 аҿы иаҳәоит: «Игәы ҭбаауп, дагьразуп Иҳақәиҭу, Уи акрычҳара илоуп, рацәа дразуп». Уи ҳара ҳаиликаауеит, уи идыруеит «анышә» ҳшалхыу, ҳанҧсуагьы анышәахь ҳшыхынҳәуа (Аҟазаара 2:7; 3:19). Закәытә ҟазшьа бзиақәоузеи уи иааирҧшуа! Иуҭахӡамзеи уара абри иеиҧш иҟоу Анцәа уиеихырхәаларц?
9. Абиблиа еилфаҷа ишҧаҳаилнаркаауеи Анцәа инормақәа закәу, насгьы абарҭ адыррақәа злаҳахәарҭоузеи?
9 Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит Анцәа инормақәа закәу. Зны-зынла арҭ анормақәа азакәанқәа рыла иаарҧшуп. Аха бжеиҳан урҭ ула иабо аҿырҧштәқәа рҟынтә иаацәырҵуа апринципқәа ирныҧшуеит. Анцәа ажәытә Израил аҭоурых аҟынтә иаҳзеиҕьхаша хҭысқәак ашәҟәы ранҵара деиҷаҳаит. Абарҭ ажәабжьқәа иахамырҟьацәакәа иҳарҳәоит, ауаа Анцәа игәҭакы ишаҳәо ала ианныҟәоз иҟалози, насгьы урҭ ихьыҧшымкәа рхы анымҩаҧыргоз ирыхьуази ртәы (3 Аҳрақәа 5:4; 11:4—6; 2 Ашықәсынҵа 15:8—15). Абарҭ реиҧш иҟоу аҭоурыхтә хҭысқәа ирызкны дарбанзаалак иаҧхьаз зегьы изеиҧшны дзаанхом. Абарҭ ахҭысқәа ахаҿаагара ҳҽазаҳкыр, усҟан урҭ ауаа рҭыҧаҟны ҳхы ҳаргыларц ҳалшоит. Абасала, ҳара ишьахәу аҿырҧштәқәа абзиа рҿаҳҵаауеит, насгьы џьоукы зҿашәаз ашьацҳәақәа ҳхырцәаҳгоит. Аха зны аҭак ҟаҳҵароуп крызҵазкуа зҵаарак: ҵаҵҕәыс иҳамоузеи, Абиблиа иану Анцәа имчала ишҩыз агәра ҳгарц азы?
АБИБЛИА АГӘРАГАРА ИАҦСОУМА?
10. а) Избан џьоукы Абиблиа ажәит ҳәа ргәы изаанагауа? б) Абиблиа иазкны 2 Тимофеи иахь 3:16, 17 аҿы иаҳәозеи?
10 Уара игәоуҭазар акәхап, ашәҟәқәа акыр рҟны иҳауа абжьгарақәа шықәсқәак рышьҭахь ишажәуа. Иаҳҳәарц иҳалшои Абиблиа аганахьала? Ари даара ижәытәӡоу шәҟәуп — 2 000 шықәса раҟара ҵхьеит, уи аҵыхәтәантәи ажәақәа анырҵеижьҭеи. Убри аҟнытә џьоукы ргәы иаанагоит, Абиблиа ҳаамҭазы ухы иаурхәаратәы иҟам ҳәа. Аха уеизгьы, Абиблиа Анцәа имчала иҟалазар, уи иагьа ижәытәзаргьы, иара иҳабжьанаго уаанӡеиҧш уажәгьы ҳаамҭа иақәшәозароуп. Аҩыра шхәарҭац еиҧш «ихәарҭазароуп арҵаразы, аҿаҧҽразы, ариашаразы, аиашарахь амҩақәҵаразы, днаӡаахааит Анцәа иитәу ауаҩы, иарбанзаалак аус бзиа дазхиазааит» (2 Тимофеи иахь 3:16, 17).
11—13. Избан иаҳҳәарц зҳалшо, Абиблиа иахьатәи ҳаамҭазы ахархәара амоуп ҳәа?
11 Абиблиа еиҳа еиҕьны ианудырлак, иубарҭахоит, уи апринципқәа ананҵаз аамҭақәа раан еиҧш, иахьагьы убасҵәҟьа ахархәара шрымоу. Ҿырҧштәыс иаагозар, Абиблиа ауаҩытәыҩса иҧсабара атәы ианалацәажәо, акы агмыжькәа иазгәанаҭоит иарбан биҧаразаалакгьы иацәеиҩоу аҟазшьа аҷыдарақәа. Уи ус шакәу бзианы иубарҭоуп Маҭфеи иевангелиа, 5-тәи инаркны 7-тәи аҟынӡа ахқәа рҿы иану Иисус Ашьха ашьапаҿы иҟаиҵаз ажәахә аҟны. Ари ажәахә иналукааша индиатәи анапхгаҩы Мохандас К. Ганди убысҟак игәаҵанӡа инеит, уи аҭыҧ ду аанызкылоз британиатәи чынуаҩык иахь ихы нарханы абас иҳәеит: «Христос Ашьха ашьапаҿтәи иажәахә аҿы идирҵоз шьаҭас иҟаҵаны, шәареи сареи ҳтәылақәа еинышәар, усҟан ҳтәылақәа рыпроблемақәа рымацара ракәым, адунеи зегьы апроблемақәагьы рыӡбра ҳалшоит».
12 Уамашәа ибатәӡам, Иисус идирҵоз ауаа ргәаҵанӡа иахьнеиуа! Ашьха ашьапаҿтәи иажәахә аҟны уи иаҳирбеит анасыҧ иашаҵәҟьахь уназго амҩа. Иисус иаҳирҵеит аимак-аиҿакқәа рыӡбшьа. Иҳаилиркааит ишныҳәалатәу. Иазгәеиҭеит, ҳматериалтә ҭахрақәа ҟәҕарала рызнеишьас иамоу, иагьҳаиҭеит ауаа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рзы «ахьтәы ҧҟара». Уи адагьы, ари ажәахә аҿы Иисус иҳаилиркааит, адин иатәу амц зладыртәуи ҳаҧхьаҟа ишәарҭадоу аҧсҭазаара ҳауразы ҳхы шымҩаҧгатәуи.
13 Ашьха ашьапаҿтәи ажәахә аҟнеиҧш, Абиблиа егьырҭ адаҟьақәа рҿгьы еилырганы иаҳәоит, ҳаҧсҭазаара еиҕьхарц азы, иҟаҳҵалашеи ҳхы зцәаҳахьчалашеи. Уи иҳабжьанаго убысҟак ахархәара амоуп, рҵаҩык абас иҳәартә еиҧш агәазыҳәара иоуит: «Сара абжьаратәи ашкол аҟны консультантс аус шызуагьы, абакалаври амагистри ҳәа ахьӡ шысхыугьы, иара убас аҧсихиатрии аҧсихологиеи ирызкыу ашәҟәқәа рацәаны сышрыҧхьахьоугьы, сара игәасҭеит, Абиблиа аҭаацәаратә ҧсҭазаара еиҳа иеиҕьны ишыҟаҵатәу, ахәҷқәа идырҿио ацәгьаурақәа ишыриааитәу, насгьы аҩызцәа шыҧшаатәу иагьшмырӡтәу уҳәа ртәы ианалацәажәо, уи иҳабжьанаго иреиҳау аҵараиурҭа аҟны сзыҧхьози исҵози раасҭа, акырӡа ишеиҳау». Абиблиа ахархәара амоуп, уи адагьы, иахьатәи аамҭа иақәшәоит, уи инагӡаҵәҟьаны агәрагара иаҧсоуп.
ИИАШОУП, АГӘРАГАРАГЬЫ ИАҦСОУП
14. Иаҳзырбо арбан, Абиблиа анаукатә гәаанагаралагьы ишиашоу?
14 Абиблиа наукатә усумҭаны ишыҧхьаӡамгьы, уи анаукатә гәаанагаралагьы ииашоуп. Ҿырҧштәыс иаагозар, еиҳараҩык Адгьыл ҟьаҟьоуп ҳәа агәра аныргоз аамҭазы, аҧааимбар Исаиа уи «игьежьу» акы аиҧш дахцәажәон (ауриажәа «хуг» араҟа «акәмпыл» аҵакы аанарҧшуеит) (Исаиа 40:22). Исаиа иаамышьҭахь азқьышықәсақәа анҵы ашьҭахь ауп Адгьыл шыкәмпылу азы агәаанагара еиҳа ирыдыркыло ианалага. Уи адагьы, Иов ишәҟәы 26:7 аҟны 3 000 шықәса инареиҳаны раҧхьаҟа ианҵан, Анцәа «Адгьыл џьаргьы икнаимҳаӡеит» ҳәа. Библиаҭҵааҩык абас иҳәоит: «Аҧшьаҩыра Анцәа имчала ишыҟалаз мап ацәызкуа ирцәыуадаҩуп абри аҩыза азҵаара аҭак аҟаҵара: иабеидыруаз Иов астрономцәа иаадырҧшыз аиаша, Адгьыл иубаша ашьаҟа шаҵагылам?».
15. Абиблиа злаҩу астиль ари ашәҟәы еиҳа агәра ҳгаратәы ҳашҧаҟанаҵои?
15 Абиблиа аҩышьа астиль убасеиҧш иарҕәҕәоит ижәытәӡоу ари ашәҟәы ахь иҳамоу ҳагәрагарагьы. Амифқәа излареиҧшым, Абиблиа иану ахҭысқәа ҷыдала аҭоурыхтә хаҿқәеи адатақәеи ирыдҳәалоуп (3 Аҳрақәа 14:25; Исаиа 36:1; Лука 3:1, 2). Ажәытә ҭоурыхҭҵааҩцәа еснагь рҳәынҭқарцәа риааирақәа амцхә ианӡырыргоз, урҭ раҵахарақәеи рыгхақәеи анырҵәахуаз аамҭазы, Абиблиа зыҩуаз еснагь ргәы аартын, рыламысгьы цқьан — дара рыгәнаҳара ҕәҕәақәа рыӡбаху ианалацәажәозгьы (Ахыҧхьаӡарақәа 20:7—13; 2 Аҳрақәа 12:7—14; 24:10).
АҦААИМБАРАЖӘАТӘ ШӘҞӘЫ
16. Иарбан Абиблиа Анцәа имчала ишыҟалаз еиҳа агәра узырго шаҳаҭгас иҟоу?
16 Инагӡахаз аҧааимбаражәақәа изаҟаразаалак гәыҩбара ҳарҭом, Абиблиа Анцәа имчала ишыҟалаз. Абиблиаҿы иануп хәыц-хәыц акы аанмыжьӡакәа инагӡахаз аҧааимбаражәақәа. Ишаабо еиҧш, ари ауаа рнапы иҵнажьыз усмызт. Нас, ирыҵаҵәахыузеи абарҭ аҧааимбаражәақәа? Абиблиаҿы излаҳәо ала, «ахаан аҧааимбаражәа ауаҩы игәаҧхарала иҳәамызт, аха уи Иҧшьоу Адоуҳа [мамзаргьы аус зуа Анцәа имч] зцыз Анцәа имаҵуцәа рҿы иҭыҵыз ажәоуп» (2 Пиотр 1:21). Урыхәаҧш ҿырҧштәқәак.
17. Иарбан ҧааимбаражәақәоу Вавилон аилабгара атәы заа изҳәахьаз, иагьшҧанагӡахеи абарҭ аҧааимбаражәақәа?
17 Вавилон аилабгара. Исаиеи Иеремиеи заа ирҳәахьан, Вавилон амидцәеи аџьамцәеи рнапала ишеилабгоз. Иазгәаҭатәуп, абарҭ ахҭысқәа ртәы зҳәо Исаиа иҧааимбаражәа ашәҟәы ишанҵаз Вавилон ампыҵахалара 200 шықәса раҟара шыбжьаз! Аҧааимбаражәа анаҩстәи аганқәа ҭоурыхла ишьақәырҕәҕәан: аӡиас Евфрат иҧсабаратәым аӡиахь амҩахыгара (Исаиа 44:27; Иеремиа 50:38); аӡиас ахь инагаз Вавилон агәашәқәа ршәарҭадара хьаас амкра (Исаиа 45:1); иара убас Кир захьӡыз аҳәынҭқар ила ақалақь қәҿиарала ампыҵахалара (Исаиа 44:28).
18. Ишҧанагӡахеи «Бырзентәыла аҳ» ихалареи иеилабгареи ирызкыз абиблиатә ҧааимбаражәақәа?
18 «Бырзентәыла аҳ» ихалареи иеилаҳареи. Даниил ибеит абаҕь, ауаса зшьыз, нас уи аҩ-тәыҩакгьы хызжәаз. Анаҩс абаҕь атәыҩа ду хжәан, уи ахаҭыҧан ицәырҵит ҧшь-тәыҩак (Даниил 8:1—8). Абар, Даниил ишиеилыркааз уи закәуз: «Ҩ-тәыҩак зхагыланы иубаз ауаса — ари амидцәеи аџьамцәеи раҳцәа роуп. Абаҕь қамса — Бырзентәыла аҳ иоуп, уи иблақәа рыбжьара иҟоу атәыҩа ду,— ари актәи уи аҳ иоуп; уи хжәан, ацымхәрас икылсит егьырҭ аҧшьба: ари иаанаго убри ауп, аҳрақәа ҧшьба шьақәгылоит абри ажәлар рҟынтә, аха уи имаз амч рымамкәа» (Даниил 8:20—22). Абри аҧааимбаражәа ишаҳәахьаз еиҧш, ҩбаҟа шәышықәса ааҵуаны еиҧш, «Бырзентәыла аҳ» Алықьсандр Македонтәи импыҵеихалеит «ҩ-тәыҩак змаз» амидцәеи аџьамцәеи рҳәынҭқарра. Алықьсандр иҧсҭазаара далҵит 323 шықәсазы ҳ. ҟ., иара иҭыҧгьы ааныркылеит ҧшьҩык ар рҧызацәа. Аха абарҭ ҿыц ишьақәгылаз аҳрақәа рахьтә акгьы амчра ду змаз Алықьсандр иҳәынҭқарра иузадкыломызт.
19. Иарбан ҧааимбаражәақәоу Иисус Христос иҟны инагӡахаз?
19 Иисус Христос иҧсҭазаара. Ауриа Ҩырақәа иргәылоуп Иисус даниз, данҧсыз, иҧсы анҭалаз уҳәа ианраамҭаз инагӡахаз аҧааимбаражәақәа рацәаны. Ҿырҧштәыс иаагозар, 700 шықәса инареиҳаны шыбжьаз Михеи заа иҳәахьан, Мессиа, мамзаргьы Христос, Вифлеем дшиуаз (Михеи 5:2; Лука 2:4—7). Михеи ихааныз Исаиа заа иҳәахьан, Мессиа дшырпҟоз иагьшиҿажьцәоз (Исаиа 50:6; Маҭфеи 26:67). 500 шықәса шыбжьаз Захариа заа иҳәахьан, Мессиа 30 раӡны ҳәа дшырҭиуаз (Захариа 11:12; Маҭфеи 26:15). Зқьышықәса реиҳа шыбжьаз Давид заа иҳәахьан Мессиа — Иисус — иҧсра иадҳәалаз ахҭысқәа ртәы (Ҧсалом 21:8, 9, 19; Маҭфеи 27:35, 39—43). Иара убас, хәбаҟа шәышықәса шыбжьаз Даниил иҧааимбаражәаҿы иаҳирдырит Мессиа иаареи, имаҵуреи, иҧсреи раамҭа (Даниил 9:24—27). Абарҭ Иисус Христос иҟны инагӡахаз ҧааимбаражәақәак рымацара роуп. Наҟ-наҟ уара интересс иукышт еиҳа еиҕьны Иисус идырра.
20. Иарбан гәрагароу иҳаланаҵо Абиблиа иану аҧааимбаражәақәа иахмырҧакәа рыҟалара?
20 Егьырҭ аҧааимбаражәақәа акыр уажәшьҭа инаӡахьеит. Аха,— иалшап уара уазҵааргьы,— уи сара изласызкузеи? Аӡәы акыршықәса аиаша уеиҳәозҭгьы, иаалырҟьаны уи иажәақәа гәрамгарҭас ишьҭухрызма? Ҳәарада, мап! Анцәа убас аиаша ҳаиҳәоит Абиблиа аҟынтә. Иахәҭаӡами абарҭ рҩызцәа ақәыргәыҕрақәа, иаҳҳәап, адгьыл џьанаҭ ақәыргәыҕра еиҧш иҟоу, уара иумоу агәрагара дырҕәҕәозарц? Ҳәарас иаҭахыузеи, ҳаргьы убри аҩызаҵәҟьа агәрагара ҳамазарц ҳалшоит, актәи ашәышықәсазы инхоз, Иисус иҵаҩцәа ируаӡәкыз Павел иеиҧш. Уи иҩуан, ‘Анцәа иажәа дшамеижьауа’ (Тит иахь 1:2). Убри инеиҳангьы, Аҩыра ҳаҧхьаны, уи иҳанаҭо абжьгарақәа ҳаҧсҭазаараҿы ҳхы ианаҳархәауа, ҳара ауаҩы ихатәы мчқәа рыла изалымшо аҟәшра ҳарҳауеит, избанда Абиблиа — ари Анцәа изкыу адырра узҭо шәҟәуп, уагькылнагоит наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь.
«БЗИА ИЖӘБА» АНЦӘА ИЗКЫУ АДЫРРА
21. Иҟаҵатәузеи, Абиблиа аҟынтә иеилукаауа раҧхьанатә анагӡара алымшошәа угәы иабозар?
21 Абиблиа ануҵо, иара убас еилукаауеит, уи зҵаарақәак рзы иамоу агәаанагара уаанӡа иуҵахьаз ишеиҧшым. Иузгәакьоу удин иатәу ҵасқәак Анцәа ишигәамҧхо ааҧшыргьы ауеит. Уара еилукаап, Анцәа абзиеи-ацәгьеи рзы иаҧиҵаз инормақәа ахаҧызара злоу иахьатәи адунеиаҿы еицырзеиҧшу анормақәа ишреиҳау. Раҧхьанатә, урҭ мыцхә иҳаракыушәа угәы иабар алшоит. Аха алкаақәа рыҟаҵара уахымццакын! Абиблиа гәцаракны иҵала, Анцәа изкыу адырра аҧшааразы. Абиблиа иуабжьанаго уқәныҟәала, иаҭаххаргьы, ухәыцшьеи ухымҩаҧгашьеи рыҧсахра уазхиаз.
22. Избан уара Абиблиа уҵарц зуӡбаз, нас егьырҭ ишҧадеилуркаауеи, уи аҵара узаҿу?
22 Уҩызцәеи уҭынхацәеи дара ртәала абзиарақәа узеиҕьашьо, Абиблиа ахьуҵо иуҧырхагахарц рылшоит, аха Иисус иҳәеит: «Убас, дарбанзаалак ауаа рҿы Сара исықәшаҳаҭхауа, Саргьы сиқәшаҳаҭхоит жәҩантә С-Аб иҿы: ауаа рҿы мап сзызҳәауа, Саргьы мап изысҳәоит жәҩантә С-Аб иҿы» (Маҭфеи 10:32, 33). Џьоукы хьаас иркыр ауеит, уара асекта уалашәап, мамзаргьы уфанатикхап ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, уара Анцәа изкыу адырра уоурц уашьҭоуп, иагьыуҭахыуп аиаша еилукаарц (1 Тимофеи иахь 2:3, 4). Егьырҭ абри еилыркааразы, ажәа рымаумклан, хшыҩла уныҟәала, ухаҭа еилукаауа атәы анырзеиҭоуҳәо (Филиппаа рахь 4:5). Иудыруаз: аӡәырҩы «ажәада унапаҿы иааугоит», абиблиатә дыррақәа шьахәлаҵәҟьа ауаа рыҧсҭазаара ишаныҧшуа анырбалак (1 Пиотр 3:1, 2).
23. Иаанагозеи Анцәа изкыу адырра «бзиа абара»?
23 Абиблиа ҳгәазыҟанаҵоит: «Ҿыц ииз асабицәа реиҧш, бзиа ижәба ицқьоу, ажәала иҟоу ахш» (1 Пиотр 2:2). Асаби иан лкыкахш ада, ҧсҭазаара имам, иаргьы иҽеиқәикуам, уи иоуаанӡа. Убасҵәҟьа ҳара ҳаҧсҭазаарагьы Анцәа иҳаиҭо адырра иадҳәалоуп. «Бзиа иба» Анцәа Иажәа, уи аҵарагьы ушаҿыц уаҿыз. Хықәкыс ишьҭых Абиблиа есымша аҧхьара (Ҧсалом 1:1—3). Ари ахәарҭа ду узаанагоит, Ҧсалом 18:12 аҟны Анцәа изакәанқәа ирызкны ишаҳәо еиҧш: «Иҳамҭа дууп урҭ рынагӡара».
[Албаага]
a Аркьаҿра «ҳ. ҟ.» иаанагоит «ҳера ҟалаанӡатәи» аамҭа. Уи аркьаҿра «Х.И.» («Христос Иира ҟалаанӡа») аасҭа, еиҳа ииашоуп. Аркьаҿра «ҳ. ҳ.» иаанагоит «ҳара ҳера» иаҵанакуа аамҭа.
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Абиблиа иарбанзаалак даҽа шәҟәык иузадымкыло излаҟоузеи?
Абиблиа агәра угар залшозеи?
Иарбан фактқәоу, Абиблиа Анцәа имчала ишыҟалаз агәра узырго?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Арамка, адаҟьа 14]
АБИБЛИА ХАРХӘАШЬАС ИАМОУ
Абиблиа ахархәашьа аҵара уамак иуадаҩӡам. Убри азы ухы иархәа Абиблиа ахқәа, нас излауала уи ашәҟәқәа реишьҭагылашьа гәныукылароуп.
Аҧхьара мариахарц азы, Абиблиа шәҟәқәа ахқәеи атекстқәеи рыла еихшоуп. Ахқәа рыла аихшара аларгалеит XIII-тәи ашәышықәсазы, XVI-тәи ашәышықәсазы францыз ҭыжьҩык Абырзен Ҩырақәа текстла, ҳара ҳаамҭанӡа ишааӡаз еиҧш, еихишазар акәхап. 1553 шықәсазы раҧхьаӡа акәны францыз бызшәала иҭыжьын ихаҭәааз Абиблиа, ахқәеи атекстқәеи рыла еихшаз.
Абри ашәҟәаҿы Аҩыра атекстқәа ануҧыло, актәи ацифра иаанагоит ахы, аҩбатәи — атекст. Ҿырҧштәыс иаагозар, «Ажәамаанақәа 2:5» иаанагоит, иарбоу атекст шуҧыло Ажәамаанақәа рышәҟәы, 2-тәи ахы, 5-тәи атекст аҿы. Иарбоу Аҩыра атекстқәа аауртлар, иаарласны иубаратәы иҟалоит, иуҭахыу абиблиатә ҭыҧқәа рыҧшаара шымариоу.
Абиблиа ахархәашьа аҵаразы зеиҕьыҟам акоуп — уи есымша аҧхьара. Раҧхьа угәы иабар алшоит, уи уара умч ақәымхәошәа. Аха есыҽны хҧа-хәба хы урыҧхьалар, урҭ роурақәа заҟароу еиҧш, уара шықәсыкала Абиблиа зегьы уаҧхьоит. Узаламгарызеи иара иахьаҵәҟьагьы?
[Арамка, адаҟьа 19]
АБИБЛИА — ЗЕИҔЬЫҞАМ ШӘҞӘУП
• Абиблиа «Анцәа иҟынтәоуп» (2 Тимофеи иахь 3:16). Уи ауаа ишырыҩуазгьы, урҭ рхәыцрақәа напхгара рызҭоз Анцәа иакәын, убри аҟынтә Абиблиа, аиашазы, «Анцәа Иажәа» ҳәа иҧхьаӡоуп (1 Фессалоникаа рахь 2:13).
• Абиблиа рыҩуан 16 шәышықәса рыҩнуҵҟа шьҭрала еиҧшымыз 40-ҩык раҟара ахацәа. Убас шакәугьы, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа зегь рыла еиқәшәоуп.
• Уи еиҳа ирацәаны агәаҟрақәа ахнагахьеит, изакәзаалак даҽа шәҟәык аасҭа. Абжьаратәи ашәышықәсақәа раан ауаа амца рыцраҵаны ирбылуан, урҭ Аҧшьаҩыра ахьрыдырбалаз мацаразы.
• Абиблиа адунеи аҟны зегь реиҳа ирылаҵәахьоу ашәҟәқәа рсиаҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит. Инагӡаны ма хәҭа-хәҭала уи 2 000 инареиҳаны абызшәақәа рахь еиҭагоуп. Абиблиа аекземплиарқәа миллиардла икьыҧхьуп, адгьылаҿгьы зынӡа имаҷуп уи ахьузымҧшаауа аҭыҧқәа.
• Зегь реиҳа ижәытәӡоу Абиблиа ахәҭа XVI-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. аамҭахь иаҵанакуеит. Акыршықәса анҵы ашьҭахь ауп ианҭыҵыз аиндуизм иҧшьоу ашәҟәы «Ригведа» (инықәырҧшны 1300 шықәса ҳ. ҟ.), абуддистцәа рканон «Х-калаҷкәрк» (V-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ.), аҧсылманцәа иҧшьоу рышәҟәы Аҟәырҟан (VII-тәи ашәышықәса ҳ. ҳ.), иара убас асинтоизм иҧшьоу ашәҟәы «Нихонги» (720 шықәса ҳ. ҳ.).
[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 20]