Уара Анцәа уиҩызахарц улшоит!
Уаԥхьа, насгьы уи шулшо еилкаа.
АУРОК 1
Анцәа уааиԥхьоит, иара уиҩызахарц
Иахьа адунеи ахьынӡанаӡааӡо инхо ауаа Анцәа иҩызцәахоит. Уаргьы Анцәа уиҩызахар улшоит.
АУРОК 2
Анцәа — ухаҿы иааугарц иулшо иреиӷьу ҩызоуп
Иара иуирҵашт, насыԥла аҟазаареи гәыҭҟьарада анхареи.
АУРОК 4
Анцәа еиҳагьы деилукаарц шулшо
Анцәа алшара ҳаиҭеит ажәытәан иҟаиҵахьаз, уажәы иҟаиҵо, насгьы ҳаԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу ҳдырырц.
АУРОК 5
Анцәа иҩызцәа Џьанаҭ инхалоит
Џьанаҭ уажәы ҳахьынхо адунеи иеиԥшхом. Изеиԥшрахозеи Џьанаҭ дгьыл?
АУРОК 11
Амц-динхаҵара мап ацәкы!
Излеиԥшымзеи амцдинхаҵареи ииашоу адинхаҵареи? Иалоузеи цәгьарас амцдинхаҵара?
АУРОК 16
Анцәа бзиа дшубо аарԥшла
Уҩызеи уареи аиҩызара шәыбжьазарц азы, уи иацәажәара аҭахуп. Уара иара уизыӡырҩуеит, иаргьы уара дузыӡырҩуеит. Иара убас егьырҭ рҿаԥхьа ихьӡ бзианы иуҳәалар ауп. Убас азаҳҳәар ауеит Анцәеи уареи шәеиҩызара.
АУРОК 17
Аҩыза думазарц азы, уара ухаҭа аиҩызара улазароуп
Иегова шаҟа еиҳаны деилукаауа аҟара, убри аҟара еиҳагьы уи бзиа дубалоит.
АУРОК 18
Наӡаӡа Анцәа уиҩызаха!
Наӡаӡатәи аԥсҭазаара — ари Анцәа иеиҩызара иашьҭоу зегьы ириҭараны иҟоу хәы змаӡам ҳамҭоуп.