Агәырҩа
Иарбан библиатә хҭысқәоу иаҳзырбо иаҳзааигәоу ауаҩы дахьыԥсыз азы ҳгәырҩозар, уи цәгьарак шалам?
Аҟ 23:2; 24:67; 37:34, 35; 42:36; Ин 11:19, 31, 33—36
Шәахәаԥш иара убас 2См 1:17—27; Аус 9:36—39
Иабантәиҳдыруеи Иегова игәырҩо ауаа ргәы ирҭынчыр шиҭаху?
Аԥс 34:18; Иса 57:15; 61:1, 2
Избан ауаҩы данԥслак ашьҭахь иҟало ахьаҳдыруа ҳгәы зарҭынчуа?
Ек 9:5, 10; 1Фс 4:13
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Лк 20:37, 38. Иисус излеиҳәаз ала, Иегова даараӡа иҭахуп иԥсхьоу рыԥсы ҭеиҵарц. Иара иԥсхьоу ауаа уажәгьы рыԥсы ҭоушәа дрыхәаԥшуеит.
-
Ин 11:5, 6, 11—14. Иисус иҩыза гәакьа Лазарь дшыԥсыз атәы даналацәажәоз, аԥсра ацәа иаҿирԥшит.
-
Аур 2:14, 15. Апостол Павел иҳәеит аԥсра ҳацәшәалар шҳахәҭам.
-
Избан Абиблиаҿы ауаҩы данԥсуа амш даниуа амш аасҭа еиӷьуп ҳәа зану?
Ажәм 22:1; Ек 7:1, 2
Ишԥахцәажәо Абиблиа аԥсра? Иазиуазеи Анцәа аԥсра ҳаԥхьаҟа?
Иса 25:8; 1Кр 15:26; Аат 20:14; 21:3, 4
Избан Анцәа иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо агәра ганы ҳзыҟоу?
Иса 26:19; Ин 5:28, 29; Аус 24:15
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Абиблиаҿы иануп ауаа рыԥсы шҭалаз иазку жә-хҭыск. Урҭ рҟынтә аа-хҭыск адгьыл аҿы инхаларц азы зыԥсы ҭалаз ауаа ирызкуп. Ажәбатәи ахҭыс иԥсы анҭала ашьҭахь ажәҩан ахь ихалаз Иисус изкуп. Арҭ ахҭысқәа ауаҩы изааигәоу аӡә данԥсуа игәы дырҭынчыр, агәыӷрагьы ирҭар рылшоит.
-
1Аҳ 17:17—24. Аԥааимбар Илиа Сарепта инхоз аԥҳәысеиба лԥа иԥсы ҭеиҵеит.
-
2Аҳ 4:32—37. Аԥааимбар Елисеи Шунем инхоз аҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.
-
2Аҳ 13:20, 21. Иԥсыз ауаҩы Елисеи анышә дахьамаз дҭарыжьит. Уи ицәеижь Елисеи ибаҩқәа ианыркьыс, иԥсы ҭалеит.
-
Лк 7:11—15. Наин ақалақь аҿы Иисус аԥсы даазгоз ауаа ааникылан, аԥҳәысеиба лыҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.
-
Лк 8:41, 42, 49—56. Иисус 12 шықәса зхыҵуаз асинагога аиҳабы Иаир иԥҳа лыԥсы ҭеиҵеит.
-
Ин 11:38—44. Иисус иҩыза гәакьа, Марфеи Мариеи рашьа Лазарь иԥсы ҭеиҵеит.
-
Аус 9:36—42. Апостол Пиотр зус бзиақәа рзы зегь бзиа ирбоз Дорка лыԥсы ҭеиҵеит.
-
Аус 20:7—12. Апостол Павел аԥенџьыр иалыбганы икаҳаз Евтих зыхьӡыз иқәыԥшыз аҷкәын иԥсы ҭеиҵеит.
-
-
Иегова Иисус Христос иԥсы ҭеиҵеит, ажәҩан аҿы ԥсра зқәым аԥсҭазаарагьы ииҭеит. Уи Анцәа ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаӡо агәра ҳнаргоит.
-
Ажәҩан аҿы анхаразы раԥхьаӡа зыԥсы ҭалаз, насгьы ахаан имԥсуа иҟалаз Иисус иоуп. Ус еиԥш иҟоу аҳамҭа 144000-ҩык иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәагьы ироуеит.
-
Ҳрыцхраар шԥаҳалшо ирзааигәоу ауаҩы дахьыԥсыз иахҟьаны игәырҩо ауаа?