Аҳәатәы амыргара
Избан ақьырсианцәа аҟәыӷара аадырԥшлар, насгьы рҳәатәы иадмыргалар зрыхәҭоу?
Шәахәаԥш иара убас 1Тм 3:2, 3
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
Аҟ 18:23—33. Иегова Содоми Гоморреи рықәхра аниҭахыз, ачҳара аарԥшны Авраам изҵаарақәа дырзыӡырҩит.
Аҟ 19:16—22, 30. Иегова иҳәатәы иаимыргаӡеит, иара Лот ашьхарахь акәымкәа, ақалақь хәыҷ Цоар ахь дыҩны дцарц азин ииҭеит.
Мф 15:21—28. Финикиатәи аԥҳәыс иаалырԥшыз ахаҵара Иисус игәаҵанӡа инеит, насгьы иҳәатәы иаимыргаӡакәа лыҳәара наигӡеит.