Ҳаԥсҭазаара Анцәа изкра
Ҳгәазҭазҵалар акәзеи ҳаԥсҭазаара Иегова изкра?
Ҩнтә 6:5; Лк 10:25—28; Аат 4:11
Шәахәаԥш иара убас Ақәҵ 20:5
Абиблиа ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу, Анцәа имаҵ ҳаулар ҳҭахызар?
Иҟаиҵазеи Анцәа, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц азы, насгьы иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара?
Иаазырԥшуазеи уаанӡа иҟаҳҵоз Анцәа игәамԥхо аусқәа ҳашрыхьхәыз?
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Лк 19:1—10. Ашәахтәеизгаҩцәа реиҳабы Закхеи ауаа аԥара ахьрымихуаз дахьхәит, ирымихыз аасҭа еиҳангьы ирызирхынҳәит.
-
1Тм 1:12—16. Апостол Павел еиҭеиҳәеит Анцәеи Христоси иара иахь агәыҭбаара шаадырԥшыз, насгьы уаанӡа дызҿыз аусқәа анаанижь, ишианарыжьыз.
-
Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи иҵегьы уаанӡа ҳазҿыз Анцәа игәамԥхо аусқәа анаанҳажь ашьҭахь?
Иарбан хымҩаԥгашьоу иҳамазар ҳахәҭоу, Анцәа игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ ҳауларц азы?
1Кр 6:9—11; Кл 3:5—9; 1Пт 1:14, 15; 4:3, 4
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
1Кр 5:1—13. Апостол Павел Коринф инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит иламысдоу аусқәа ирҿыз қьырсианк аизара далырцарц.
-
2Тм 2:16—19. Апостол Павел Тимофеи игәиҽаниҵеит агангрена еиԥш ауаа ирылаҵәоз аҵабырг иацәхьаҵыз ауаа ргәаанагарақәа иҽырцәихьчаларц.
-
Ишԥарзыҟоу Анцәа имаҵ зуа ауаа аҳәынҭқарцәа?
Иса 2:3, 4; Ин 15:19
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Ин 6:10—15. Иисус џьашьахәыла зықьҩыла ауаа акрынырҿеиҵа, дара уи аҳас дҟарҵарц рҭаххеит, аха иара урҭ дырԥырҵны дцеит.
-
Ин 18:33—36. Иисус иҳәеит Иаҳра ари адунеи аполитикатә система зынӡа ишадҳәалам.
-
Ишԥаҳацхраауеи иԥшьоу адоуҳа Анцәа имаҵ аура?
Шәахәаԥш иара убас Аус 20:28; Еф 5:18
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәы
-
Аус 15:28, 29. Иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала актәи ашәышықәсазы анапхгаратә хеилак аԥхьатәхсара аганахьала акрызҵазкуаз аӡбара рыдыркылеит.
-
Излеиԥшзар ахәҭоузеи ҳара Анцәа имаҵ шаҳуеи Иисус Христос Анцәа имаҵ шиуази?
Избан зыԥсҭазаара Иегова изызкыз ақьырсианцәа аӡы рыҽӡаархыр зрыхәҭоу?
Мф 28:19, 20; Аус 2:40, 41; 8:12; 1Пт 3:21
-
Абиблиа аҟынтә аҿырԥштәқәа
-
Мф 3:13—17. Иисус аӡы иҽӡааихит, убри алагьы иааирԥшит Иаб иҳәатәы анагӡара хықәкыс ишимоу.
-
Аус 8:26—39. Иегова имаҵ зуаз аҭыԥ ду аанызкылоз ефиопиатәи хаҵак Иисус Христос изку аҵабырг анеиликаа, аӡы иҽӡааихыр иҭаххеит.
-