АУРОК 12
Уажәақәа аԥхарра рыҵаз
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
-
Иузыӡырҩуа урызхәыцла. Уҽаназыҟауҵо урҭ ирымоу ауадаҩрақәа урызхәыцла. Урызхәыц урҭ рцәаныррақәа.
-
Ианаало ажәақәа ԥшаала. Иузыӡырҩуа ргәы шурҭынчша, ишурӷәӷәаша, насгьы ргәы шышьҭухша уашьҭаз. Уҽырцәыхьчала аӡырҩцәа лазырҟәыр алшо ажәақәа, насгьы Иегова ишаҳаҭцәам ауаа, мамзаргьы урҭ зыгәра рго иҽеимкәа урхымцәажәалан.
-
Урыцхраарц шуҭаху дырба. Хаала уцәажәалар, насгьы ухымҩаԥгашьала абзиабара ааурԥшлар, иузыӡырҩуа ииашаҵәҟьаны урыцхраарц шуҭаху рбоит. Ухаҿсахьала иузыӡырҩуа хьаас ишумоу аарԥшла; уҿаԥха-ҿаччала.