Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 4

Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа

Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа уахцәажәа

Матфеи 22:41—45

ИҞАҴАТӘУ Абиблиатә жәеинраала уаԥхьаанӡа аӡырҩцәа рыхшыҩ азыҟаҵа.

УИ ШЫҞАҴАТӘУ

  • Уазхәыц ажәеинраала узаԥхьо. Ажәеинраала уаԥхьаанӡа аӡырҩцәа урыцхраа ажәеинраалаҿы иалукаарц иуҭаху азхәыцра аԥшаара.

  • Абиблиа агәра агара ишаԥсоу аарԥшла. Анцәа дхазҵо ауаа уанрацәажәо, Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу ҳәала, убасала уи аҟәыӷара ду ишахыҵхырҭоу ааурԥшуеит.

  • Аӡырҩцәа Абиблиа иазхьаԥшларц ргәазҭаҵала. Иқәыргыл Абиблиаҿы зҭак ану азҵаара, уалацәажәа Абиблиа абзоурала зыӡбара алшо ауадаҩра, мамзаргьы иаага Абиблиа ацхыраарала еилыркаар рылшо апринцип.