Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи?
Аамҭа аихшарбага
Аамҭа аихшарбага, насгьы ахсаалақәа шәыцхраауеит Абиблиаҿы иану Анцәа изиашаз имаҵзуҩцәа анынхоз, насгьы иахьынхоз аилкаара.
Анапхгаратә хеилак аҟынтә асаламшәҟәы
Анапхгаратә хеилак гәыкала зегьы шәаарыԥхьоит ари ашәҟәы хәарҭа алыжәгарц хаҭала, ма ҭаацәала аԥхьареи аҭҵаареи раан.
Аԥхьажәа
Абиблиа адаҟьақәа рҿы иануп Анцәа изиашаз аҳәсеи ахацәеи рҭоурыхқәа рацәаны. Иаҳдырҵар ҳалшозеи урҭ аҿырԥштәқәа?
АВЕЛЬ
«Иара иахьа уажәраанӡагьы дцәажәоит, дшыԥсхьоугьы»
Еилаҳкаар ҳалшозеи ҳара Авель игәрахаҵареи иареи ирызкны Абиблиа иану ажәабжь кьаҿ аҟынтә?
НОИ
Иара «ииашоу Анцәа дицын»
Иарбан уадаҩрақәоу ирымаз Нои иԥҳәыси иареи рхәыҷқәа анырааӡоз? Ишԥааԥши рыгәрахаҵара аковчег аргылара аан?
АВРАМ
Агәрахаҵара змоу зегьы раб
Ишԥааирԥши Аврам агәрахаҵара? Шәызҿыԥшлар шәҭахузеи Аврам игәрахаҵараҿы?
РУФЬ
«Бара бахьцо саргьы сцоит»
Избан Руфь лыуацәеи лыԥсадгьыли рааныжьра зылзымариаз? Иарбан ҟазшьақәоу Иегова иҿаԥхьа лыхә ҳаракны дҟазҵаз?
РУФЬ
«Пату зқәу аԥҳәыс»
Избан Руфьи Воози рҭаацәалазаара зхадоу? Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Руфьи Ноеминьи, аҭаацәарақәа ирызкны?
АННА
Лара лгәы иҭаз аартны Анцәа иалҳәеит
Анна Иегова иахь илымаз лыгәрахаҵара иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿы илыцхрааит.
САМУИЛ
Иара «Иегова иҿы изҳауан»
Изеиԥшрази Самуил ихәыҷра? Ицхраазеи Самуил игәрахаҵара аизырҳара иԥшьоу ақьалаҿы амаҵ аниуаз?
САМУИЛ
Инамӡаз игәыӷрақәа игәрахаҵара дмырԥсыҽит
Ҳара зегьы ауадаҩрақәеи инамӡаз агәыӷрақәеи ҳамоуп, урҭ зегьы ҳагәрахаҵара ԥыршәоит. Иаҳнарҵар алшозеи Самуил иааирԥшуаз ахачҳара?
АВИГЕИА
Лара аҟәышра аалырԥшуан
Авигеиа аҭаацәалазаараҿы илымаз ауадаҩра лыӡбеит. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?
ИЛИА
Иара ииашоу агәрахаҵара ӷәӷәала дадгылан
Ишԥаҳалшо Илиа иҿыԥшра Абиблиа иану агәра зымго ауаа ҳанрацәажәо?
ИЛИА
Иара агәҽанызаара иман, насгьы дыԥшын
Дышԥаиҳәоз аԥааимбар Илиа Анцәа, иара иқәыргәыӷра анагӡара дазыԥшнаҵы?
ИОНА
Игхақәа хәарҭа рылихуан
Ишәылшома Иона ицәаныррақәа реилкаара, иара адҵа анагӡара данацәшәа? Ари ахҭыс аҟынтә ихадоу аурокқәа алҳкаауеит Иегова ичҳареи игәыҳалалреи ирызкны.
ЕСФИРЬ
Лара Анцәа ижәлар дрыдгылеит
Есфирь леиԥш ахамеигӡаратә бзиабара аарԥшразы иаҭахуп агәрахаҵареи агәымшәареи.
ЕСФИРЬ
Лара ҟәыӷарыла, гәымшәарыла, насгьы хамеигӡарыла лхы мҩаԥылгон
Ишԥаалырԥшуаз Есфирь ахамеигӡара Иегова изы, насгьы лыжәлар рзы?
МАРИА
Сара Иегова итәы соуп!
Еиликаауазеи амаалықь Гавриил Мариа лыгәрахаҵара иазкны иҟалҵаз аҭак аҟынтә? Иарбан ҟазшьа бзиақәоу еиҭа Мариа иаалырԥшыз?
МАРИА
Лара лгәаҿы алкаақәа ҟалҵон
Мариа Вифлеем дзықәшәаз ахҭысқәа Иегова иқәыргәыӷрақәа рахь лыгәрахаҵара дырӷәӷәеит.
ИОСИФ
Иара иҿырԥшыгоу аб иакәын
Ишԥеихьчоз Иосиф иҭаацәара? Избан Иосиф Мариеи Иисуси Мсырҟа изигаз?
ПИОТР
Иара ашәареи алакҩакреи дырҿагылан
Алакҩакра уҭазырхо амч ду амазар алшоит. Аха Пиотр ашәареи алакҩакреи дыриааины Иисус ишьҭанеиҩы иакәны дҟалеит.
ПИОТР
Аԥышәарақәа раан иара азиашара ааирԥшуан
Ишԥаицхрааи Пиотр игәрахаҵареи изиашареи Иисус иҟынтә алабжьара адкылара?
ПИОТР
Иара Ирҵаҩы ибзоурала анажьра закәу еиликааит
Иеилиркаазеи Иисус Пиотр анажьра аганахь ала? Ишԥааирԥши Иисус Пиотр ишианаижьыз?
Алгамҭа
Ишԥаулшо еснагь угәрахаҵара арӷәӷәара, насгьы угәыӷра ахьчара?
Иара убас ишәгәаԥхар ауеит
АНЦӘА ИАХЬ АГӘРАХАҴАРА
Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Ахаҵара аазырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ахацәеи аҳәсеи шәырҿыԥшла, Анцәеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала.