АХӘҬА 9
Ианбаҟало Џьанаҭ?
Иахьа адгьылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ишьақәдырӷәӷәоит, иаарласны Анцәа Иаҳра шааиуа. Лука иҟнытә 21:10, 11; 2 Тимофеи иахь 3:1—5
Абиблиа аҟны заа ианҵан иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа рацәаны. Уаҟа иаҳәоит ауаа аԥареи агәаҳәарақәеи бзиа ишырбало, рҭаацәа ишырзымӡырҩло, насгьы агәымбылџьбара шаадырԥшло.
Иҟалоит адгьылҵысра дуқәа, аибашьрақәа, афатә азымхареи ачымазара ҿкқәеи. Абарҭ зегьы иахьа аҟалара иаҿуп.
Иисус иара убасгьы заа иҳәахьан, Аҳра иазку ажәабжь бзиа адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо ишрылаҳәахо (Маҭфеи иҟнытә 24:14).
2 Пиотр 3:13
Аҳра иқәнахуеит ацәгьара зегьы.Иегова иаарласны ауаа цәгьақәа зегьы ықәихуеит.
Аҩсҭааи адемонцәеи ахьырхәхоит.
Анцәа изыӡырҩуа зегьы, ииашоу адунеи ҿыц аҟны иаанхоит аԥсҭазааразы, ашәара ахьыҟам, насгьы аӡәи-аӡәи рыбжьара агәреибагареи абзиабареи ахьрыбжьазаауа.