АУРОК 7
Иҟалахьоума зныкыр аӡәгьы уиҭахымызшәа ухы анубо, насгьы уаншәо?
Уихәаԥш ари асахьаҿы иану аҷкәын. Иубаратәы иҟоуп аӡәгьы диҭахымызшәа ихы шибо, насгьы дышшәо. Уақәшәахьоума уара ари аҩыза?~ Ҳара зегьы зны-зынла ус ҳахьлоит. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова ҩызцәас имаз ауаагьы аӡәгьы иҭахымызшәа рхы шырбоз, насгьы ишшәоз. Урҭ дреиуан Илиа́. Уааи уи еиҳа еиӷьны деилаҳкаап.
Илиа Изра́иль дынхон Иисус Христос диаанӡа акыр шықәса раԥхьа. Аха́в захьӡыз Израиль аҳ ииашоу Анцәа Иегова имаҵ иуӡомызт. Ахав Иезаве́ль захьӡыз иԥҳәыси иареи амц нцәахәы Ваа́л имҵахырхәон. Убри аҟынтә Израиль иқәынхоз реиҳараҩык Ваал имҵахырхәо иалагеит. Аҳкәажә Иезавель даара лгәыжәла цәгьан, лара Иегова имаҵ зуаз зегьы лшьыр лҭахын, Илиагьы днарылаҵаны. Иудыруама Илиа иҟаиҵаз?~
Уи хараӡа ацәҳәырахь дыбналан, аҳаԥаҿы иҽиҵәахит. Угәы ишԥаанаго, избан уи ус зыҟаиҵаз?~ Избанзар дшәеит. Аха иара дымшәар акәын. Избан? Уи идыруан Иегова дицхраар шилшо. Иегова имч Илиа уаанӡагьы иирбахьан. Зны Иегова уи иҳәара аҭак ҟаиҵеит ажәҩан аҟынтәи амца анааишьҭ. Ҳәарада, Иегова уажәгьы уи дицхраар илшон!
Аҳаԥаҿы Иегова Илиа диазҵааит: «Иҟауҵозеи ара?» Илиа аҭак ииҭеит: «Умаҵзуҩцәа рҟынтәи сара заҵәык соуп инхаз, саргьы сыршьыр ҳәа сшәоит». Илиа игәы иаанагон егьырҭ Иегова имаҵзуҩцәа зегьы ршьит ҳәа. Аха Иегова Илиа иеиҳәеит: «Умшәан! Уи ус акәым. Иҟоуп еиҭах сымаҵ зуа 7 000-ҩык ауаа. Сара уара узы еиҳаӡоу дҵак сымоуп!» Угәы ишԥаанаго, дгәырӷьама Илиа уи аниаҳа?~
Иаҳнарҵозеи ҳара Илиа дзықәшәаз ахҭыс?~ Умшәалан, насгьы аӡәгьы уиҭахымшәа ухы умыԥхьаӡалан. Иухоумыршҭлан Иеговеи уареи бзиа шәызбо аҩызцәа шумоу. Иудыруаз, Иегова даараӡа дыӷәӷәоуп, насгьы еснагь дуцхраауеит. Иегова еснагь дуцзаалоит, уаргәырӷьома уи уара?~
ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ
-
1 Аҳцәа 19:3—18
-
Ԥсалом 145:18