Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Март 3—9

АЖӘАМААНАҚӘА 3

Март 3—9

Ашәа 8, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Еснагь Иегова игәра жәгала

(10 мин.)

Шәхы акәымкәа, Иегова игәра жәгала (Ажәм 3:5; ijwbv-U, астатиа 14, абз. 4, 5).

Иегова анапхгара шәиҭарц шәиҳәала, шәагьақәныҟәала (Ажәм 3:6; ijwbv-U, астатиа 14, абз. 6, 7).

Шәхы шәақәымгәыӷцәан (Ажәм 3:7; be-U 76, абз. 4).

ШӘХЫ ШӘАЗҴАА: «Сызҿызаалакгьы, Иегова инапхгара сашьҭоума?»

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Ажәм 3:3. Иаанагозеи гәыкала абзиабареи аиашареи ҳахәдаҿы аҿаҳәара, ҳгәаҿгьы анҵара? (w06-U 15/9 17, абз. 7).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу ари ахаҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Идырба уажәа анҿахырҵәо аицәажәара ишацҵатәу (lmd аурок 1, апункт 5).

5. Ацәажәара шәалага

(4 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы ҳсаит аӡбахә изеиҭаҳәа, насгьы асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц иҭ (lmd аурок 3, апункт 3).

6. Ажәахә

(5 мин.) w11-U 15/3 14, абз. 7—10. Атема: «Ауаа анышәзымӡырҩуа, Анцәа шәиқәгәыӷла» (th аурок 20).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 124

7. Иегова иорганизациа агәра жәгала

(15 мин.). Ахцәажәара.

Ҳара Анцәа Иажәа, Абиблиаҿы, иану ақәныҟәара ҳзымариазар ҟалап. Аха Иегова иорганизациаҿы аҭакԥхықәра зду инаӡам ауаа иҳарҭо анапхгара азыӡырҩра мариамзар ауеит, еиҳараӡак уи аҩыза анапхгара зҳарҭаз ҳзеилымкаауазар ма уи ҳақәшаҳаҭымзар.

Аӡырҩцәа Малахиа 2:7 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан ҳара изџьаҳамшьо Иегова ижәлар инаӡам ауаа рыла напхгара ахьриҭо?

Аӡырҩцәа Матфеи 24:45 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан Иегова иорганизациа иаҳнаҭо анапхгара агәра ҳгалар зҳалшо?

Аӡырҩцәа Ауриацәа 13:17 иаԥхьарц урыҳәа. Анаҩс уразҵаа:

  • Избан Иегова иорганизациа анапхгара арҭаларц знапы ианиҵаз аишьцәа иҳарҭо анапхгара ақәныҟәара зхадоу?

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Анапхгаратә хеилак аҟынтә аацҳара № 9 (2021 шықәса)» (ацыԥҵәаха). Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарӷәӷәеи апандемиа аан иҳауаз анапхгара Иегова иорганизациахь ишәымоу агәрагара?

8. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 57, Анцәа иҳәара